Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭыԥхьӡқәа ииашаны рыҩразы

Август 9 азы Аԥсны Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби абызшәатә политиказы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аиҳабы Гәында Кәыҵниеи рылацәажәеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра административ-дгьылҵакыратә еизшарақәеи аиланхарҭақәеи рыхьӡқәа рзы, урҭ урыс бызшәала, англыз бызшәала рҩышьа ашьақәырӷәӷәаразы» Жәлар Реизара ақәҵара анагӡара азҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит Аиҳабыра рпресс-маҵзура.

Агеографиатә ҭыԥхьӡқәеи аиланхарҭақәеи ииашаны рыхьӡқәа рышьақәыргылара, убрахь иналаҵаны урҭ амҩаҿтәи адыргақәа рҟны рарбара, даара акырӡа аҵанакуеит ҳәа иԥхьаӡоит Аԥыза-министр.

Абри азҵаара акыраамҭа аахыс аҭыԥ иахьықәҵам ажәлар рыҩнуҵҟа агәынамӡарақәа цәырнагоит, ақалақьқәеи, ақыҭақәеи, егьырҭ агеографиатә ҭыԥхьӡқәеи дасу ишиҭаху ихы иаирхәоит.

«Рыцҳарас иҟалаз, аҵарауаа-алингвистцәа рыҩнуҵҟагьы гәаанагарак иазкылсны иҟаӡам. Ҳара ҳус – алингвистцәагьы, ажәларгьы гәаанагарак ахь ркылгара ауп», – иаҵишьит Аԥыза-министр.


Тәанчахәыла аиқәыршәаразы

Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб атәылауаа хазы игоу категориақәак тәанчахәыла реиқәыршәара азҵаарақәа ирызкны аилацәажәара мҩаԥигеит.

Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала, Аиҳабыра иаздырхиеит ҳазну ашықәс азы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз ԥшьҭаацәарак аамҭакалатәи ацхыраагӡа рызшәаразы ажәалагалақәа.

Иҭахаз иҭаацәара аҟнытә дарбанзаалак аамҭакала изыршәо иартәоит 20 нызқь мааҭ абарҭ акатегориақәа рыла:

2) Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭаацәарақәа;

3) 1993 ш. октиабр инаркны 1994 ш. декабр азынӡа иҭахаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рҭаацәарақәа;

4) аинвалидразы атәанчахәы аиура азин змоу, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәарақәа ирыҵаркуа ауаа.

Изауа рзеиԥш хыԥхьаӡара иартәоит 1 150-ҩык. Аԥарақәа рзыршәоит Атәанчахәтә фонд абиуџьет аҟнытә.

Аԥсны Ахада инапынҵала иара убас Аиҳабыра ихдыркәшоит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы иҭахаз рҭаацәарақәа 2024 шықәса ианвар 1 инаркны ртәанчахәқәа рышьҭыхразы ажәалагалақәа аус рыдулара. Уи иаҵанакуеит 5 062-ҩык.

Аԥыза-министр рнапы ианиҵеит иаарласны ҵыхәаԥҵәалатәи ажәалагалақәа ааргарц.

Аилацәажәара иалахәын Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Аԥсны Атәанчахәытә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.


Хабарда ибжьаӡыз рыԥшааразы

Аԥсны Аԥыза-аминистр Алеқсандр Анқәаб дырԥылеит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак аделегациа – Кавказ хабарда ибжьаӡыз рызҵаарақәа рзы Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахаҭарнак Аниес Коту, Аԥсны Амиссиа ахада Родриго де Резенде, уи ихаҭыԥуаҩ Борис Казанба. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аиҳабыра рпресс-маҵзура.

Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахаҭарнакцәа Алеқсандр Анқәаб иарҳәеит Қырҭтәылаҿы аибашьра иахҟьаны хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара, ирбаз аԥсыбаҩқәа зтәу рышьақәыргылара шымҩаԥысуа. Аниес Коту излалҳәаз ала, иахьазы иҭҵаауп Аԥсны атәылауаа ҩыџьа рыԥсыбаҩқәа. Абри ахырхарҭала аусура иацырҵоит. Уи мҩаԥыргоит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак алабораториа ҷыдаҿы аӡбара-медицинатә експертцәеи агенетикцәеи. Иара убри аамҭазы хабарда ибжьаӡыз рыԥшаара ишаҿыц иаҿуп.

Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахаҭарнакцәа иаԥшьыргеит Амиссиа аспециалистцәа аҽрымадан аԥшаарақәа знапы рылазкыша аҭыԥантәи еилазаарак аԥҵара. Родриго де Резендеи Аниес Котуи Аԥыза-министр иҟны ирылацәажәеит аиҿкааратә, атехникатә зҵаарақәа жәпакы, аусеицура аиӷьтәра хықәкыс ишьҭыхны Аԥсны амчра аусбарҭақәа аус рыцура.

Алеқсандр Анқәаб иазгәеиҭеит Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак Амиссиа аҵаки акыршықәса раахыс иҟанаҵо ацхыраареи акырӡа шрыҵаркуа.

«Аԥсны Аиҳабыра ахәшьара ҳаракы анаҭоит агуманитартә ҟазшьа змоу шәусура. Ҳара ҳзы даара акырӡа аҵанакуеит аибашьра аан хабарда ибжьаӡыз дарбанзаалак илахьынҵа аилкаара. Ари ҳәынҭқарратә усуп. Аҭаацәа рзы абри шаҟа аҵанакуа ҳасаб азуны, абри аус мҩаԥызгауа Аџьар Ҟаԥшь Жәларбжьаратәи Аилак ахаҭарнакцәа роуп. Ес­нагь ҳаартуп аусеицуразы, иагьышьақәҳарӷәӷәоит аԥхьаҟагьы Амиссиа зегь рыла ацхыраара аҭара гәҭакыс ишҳамоу», – иаҵишьит Аԥыза-министр.


Акьыԥхь иазирхиеит Б.Қаџьиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me