Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Хатәгәаҧхарала еибашьуаз рымш иазкны ааҧхьара ҟаиҵеит

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш иазкны ааҧхьара ҟаиҵеит. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа, акыр иаҳзаҧсоу хатәгәаҧхарала аибашьцәа, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит хатәгәаҧхарала еибашьуаз Рымш!

Ҳазну ашықәс август 14 азы 30 шықәса ҵит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалагаз аахыс. Аибашьра аҩбатәи амш аҽны ҳара ҳаӡәымхеит. Цхыраара иаҳзааит ҟабарда жәлар иналукааша рҵеи Сулҭан Асланбек-иҧа Сосналиев хадас дызмаз Нхыҵ-Кавказынтәи раҧхьатәи хатәгәаҧхарала аибашьцәа. Нхыҵ-Кавказ, Алада Урыстәыла рҟнытә хатәгәаҧхарала аибашьцәа, аҳәаанырцәтәи ҳадиаспора, Ареспублика Аахыҵ-Уаҧстәыла, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика рҟнытә ҳашьцәа агрессор иҿагыланы ҳақәҧара иашаҿы инаҳавагылеит. Аҭынчреи аиашеи ирзықәҧоз зегьы иаадырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи ирыбзоураны Аҧсны ахақәиҭреи ахьыҧшымреи ҳахьчеит. 2000-ҩык инареиҳаны хатәгәаҧхарала аибашьцәа алахәын Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра, 250-ҩык инареиҳаны аибашьцәа рхы ақәырҵеит ҳтәыла ахақәиҭтәра. Ҳара еснагь иаҳгәалашәалоит Аҧсни уи ажәлари зхы рықәызҵаз хатәгәаҧхарала аибашьцәа, урҭ рфырхаҵара аҿаҧхьа ҳхырхәоит. Ари ахеидкыла иаҳнарбеит аешьа ицхыраареи идгылареи закәу. Уи иаҳагьы иарҕәҕәеит ҳажәлар рдоуҳамч, иахьагьы иҿырҧшыгоуп еиҵагылауа абиҧарақәа рзы. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит Афырхацәаҵәҟьа зааӡаз рҭаацәарақәа.

Акыр иаҧсоу хатәгәаҧхарала аибашьцәа, Аҧсны жәлар еснагь ҭабуп ҳәа шәарҳәалоит, ҳара цҳас иҳабжьоу аимадара ҕәҕәақәа ҳрыхӡыӡаауеит. Ҳәарас иаҭахузеи, иуадаҩӡаз аамҭазы ҳара иҳавагылаз ажәларқәа рҟны аизыҟазаашьақәа еиқәҳархароуп, иагьҳарҿиароуп. Рыцҳарас иҟалаз, ачымазара ҿкы уаанӡа аиҧыларақәа рымҩаҧгаразы алшарақәа ҳнаҭомызт. Сентиабр алагамҭазы сгәы иҭоуп Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рҭаара, сеигәырҕьаҵәагьы сышәҧылоит. Акыр иаҧсоу хатәгәаҧхарала аибашьцәа, ҩаҧхьа азин сышәҭ ишәзеиҕьасшьарц агәабзиара ҕәҕәа, аманшәалара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me