Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Агәалашәара амш

1992 шықәса, август 14 рзы аҧсуа жәлар аҟазаареи аҟамзаареи инеины инҭагылт.

Иҳақәлаз аҕа иганахьала аҧсуаа ахаан ҽеи ишазҧшымызгьы, уи аҽны аибашьра иалагоит ҳәа аӡәгьы дыҟамызт. Аха аҧсуаа рыҷкәынцәа ихьаҵуаз ракәмызт. Аҕа џьаҧҳанылеи уааҧсыралеи имч акыр ишеиҳазгьы, ҳаҷкәынцәа гәымшәақәа рхы-рыҧсы иамеигӡа, гәшәарак ҳәа ҟамҵаӡакәа, напышьашәалаҵәҟьа аҕа иҿагылт. 413 мши-ҵхи ицоз аибашьра аҟны иҭахеит зықьҩыла ҳҵеицәа хазынақәа. Иҭахеит аҧсуа жәлар ацхыраара анырҭахха иарҕьажәҩаны ирывагылаз хатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра иааз ҳашьцәа.

Август 14 лахьеиқәҵаратә мшны иаанхоит аҧсуа жәлар зегьы рзы. Аибашьра аан иҭахаз ҳҵеицәа ргәаладыршәарц Аҟәа Ахьӡ-Аҧша апарк аҟны ашәҭқәа шьҭарҵарц уахь инеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, аибашьра аветеранцәа, аҧсадгьыл ахьчаразы иҭахаз ҳҵеицәа ранацәа.

Агәаларшәаратә мшы аҽны Аиҳабыра рхаҭарнакцәа, иара убасгьы ауаажәларратә усзуҩцәа, аҿар, ахәыҷқәа аҭааит, ашәҭқәа шьҭарҵеит аибашьра ианалага раҧхьатәи амш инаркны ҳаибашьцәа ираҧхьагылаз, зыхьӡ ҳәаны аҧсра иаҧылоз, анацәа зыхьӡала инықәуаз Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иҳаҭгәын.

Август 14 рзы Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә Фырхаҵара Ахьӡ-Аҧша аҳәынҭқарратә музеи аҟны иаатит афотоцәыргақәҵа. Уаҟа аџьынџьтәылатә еибашьраан хатәгәаҧхарала еибашьуаз Аҧсны Афырхаҵа Сулҭан Сосналиев иҧсҭазаартә мҩа аазырҧшуаз афотосахьақәа цәыргақәҵоуп. Иара убасгьы хатәгәаҧхара Аҧсны иеибашьуаз ҳашьцәа, иҭахаз, аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз рфотосахьақәагьы. 

Агәалашәаратә мшы иазкыз ацәыргақәҵа иаҭааит Аҧсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аибашьра аветеранцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

Ацәыргақәҵа аартра хацыркын аибашьра ианалага амш аҽны Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба телехәаҧшрала иҟаиҵаз ааҧхьара архивтә нҵамҭа арбарала.

Ацәыргақәҵа аартра аҟны иқәгылаз атәыла Ахада Иусбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба иазгәеиҭеит ааибашьра имҕьаӡо ахәрақәа шыннажьыз аҧсуа жәлар ргәаҵаҿы мацара акәымкәа, иҳавагылаз, ҳаҧсадгьыл ҳацзыхьчоз ҳаиашьаратә жәларқәа рыгәқәа рҿгьы. «Хатәгәаҧхарала еибашьра Аҧсныҟа иааз, иахьа абраҟа иҳалагылоуп, иҟоуп иҭахаз, аибашьра ашьҭаз зыдунеи зыҧсахыз. Ҳарҭ, аҿар, ахааназгьы иаҳхаҳмыршҭыроуп урҭ. Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит иахьа абраҟа иҳалагылоу ҳашьцәа. Ҳаҧсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, хәыцрак ҳәа ҟамҵакәа шәарҕьажәҩаны шәҳавагылеит», – иҳәеит Џьансыхә Нанба.

Ацәыргақәҵа аартра иалахәыз Ҟабарда-Балкариа Ареспублика аҟынтәи хатәгәаҧхарала еибашьуаз аветеран Сергеи Иахогоев иқәгылараҿы иазгәеиҭеит аҧсуа жәлар хацәнамырха аҕа иҿамгылазҭгьы, хатәгәаҧхарала еибашьра иааз ирылшоз шмаҷхоз. «Август 14 трагедиа духеит аҧсу жәлар рзы. Иахьа иаҳҳәоит хатәгәаҧхарала иааны иҳацеибашьыз рыда аиааира ҳзаҧыломызт ҳәа. Мап. Шәара  шәыҧсадгьыл ахьчаразы шәымгылазҭгьы, шьҭахьҟа шәхьаҵызҭгьы, ҳарҭ аӡәгьы ҳшәыхәаӡомызт. Шәара иаашәырҧшит ишәымаз агәаҕьра, хәыҷи-дуи зегьы аҕа шәиҿагылеит. Ари шәара шәиааироуп», – иҳәеит аветеран.

Аибашьра ианалагаз амш иазкыз ацәыргақәҵаҿы ҩышә инарзынаҧшуа афотосахьақәа цәыргақәҵоуп. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп ҳаҕа иҿагыланы еибашьуаз, иҭахаз, аибашьра ашьҭахь зыҧсҭазаара иалҵыз аҭыҧҳацәа рфотосахьақәагьы.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me