Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҳажәлар рахь

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ианалага аахыс 31 шықәса аҵра инамаданы ааԥхьара ҟаиҵеит.

Акыр иаԥсоу ҳажәлар!

31 шықәса уажәаԥхьа, 1992 шықәса август 14 азы иалагеит ҳажәлар рҭоурых аҿы зегь раасҭа итрагедиаз адаҟьақәа руак – 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аӷа ҳҭынч тәыла имҳәа-мырза дақәлеит, рықәхра, реимҵәара хықәкыс иҟаҵаны, Ҳажәлар мчыла дара рҳәатәахьы риагара хықәкыс ишьҭыхны, усҟантәи ашықәсқәа раан Қырҭтәыла анапхгара адипломатиа абызшәа аасҭа еиӷьыршьеит абџьари атанкқәеи. Ар рнапынҵақәа зырҭаз иацтәи ацәгьоуцәа ҳ-Аԥсны ашьаҟьара рҽазыркит.

Амилаҭтә ҷыдарақәа рыла ауаҩшьрақәа, аҭынч уааԥсыра, азеиԥш мазара, амилаҭтә мал рганахьала ақәыларақәа, арҳәрақәа ҳтәыла зегьы рымҽхаркит.

Аха ҳажәлар ргәы мыҭрысит, иналукааӡаша аԥыза В.Г. Арӡынба иааԥхьара рыбжьы ақәырганы, Рыԥсадгьыл ахьчара иазықәгылеит. Аиаша зганахь иҟаз аԥсуаа инарывагылеит милаҭрацәала еилоу ҳтәыла еиуеиԥшым амилаҭқәа рхаҭарнакцәа: аурысцәа, аерманцәа, абырзенцәа, ақырҭцәа уҳәа егьырҭгьы.

Ацхырааразы иааит Нхыҵ-Кавказынтәи ҳашьцәа, адунеи еиуеиԥшым атәылақәа рҟны инхауа ҳџьынџьуаа, Алада Урыстәылеи, Приднестровиеи, Ашьхатә Ҟарабахи рҟнытә хатәгәаԥхарала аибашьцәа.

Рхы-рыԥсы ақәҵа, ацәыӡ дуқәа рыманы Аԥсны жәлар аҟазааразы рзин рыхьчеит, агрессор дыԥхадырсит. Усҟантәи ахҭысқәа иага атрагедиа рыцзаргьы, ҳара еилаҳкаауеит убасҟан хьыӡҳәала ишыӡрыжәхаз ҳҳәынҭқарра, жәашықәсала ԥхьаҟа аԥсуа жәлар рҭоурыхтә лахьынҵа ауасхыр шазышьҭарҵоз.

Наунагӡа ҳгәалашәараҿы иҟа­заауеит Аиааира Амш лаша изаԥымлаз, ҳреихырхәоит аветеранцәа, аиааира згаз ажәлар, Аԥсны Аҳәынҭқарра иамазааит аҭынчра, ашәҭыкакаҷра.


А.Бжьаниа,

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада

Аҟәа ақ, 2023 ш. август 14

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me