Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Август 15 – Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш иазкны ааԥхьара ҟаиҵеит: Акыр иаԥсоу Хатәгәаԥхарала аибашьцәа, гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит шәныҳәа – Хатәгәаԥхарала еибашьуаз Рымш.

31 шықәса уажәаԥхьа иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Аҟабарда жәлар иналукааша рҵеи Сулҭан Асламбек-иԥа Сосналиев хадара ззиуаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа раԥхьатәи ргәыԥқәа аибашьра ианалага адырҩаҽны ацхырааразы иааит.

Ақырҭуа агрессор иҿагыланы ахақәиҭразы ақәԥара раԥхьатәи амшқәа инадыркны иааирала ихыркәшахаанӡа ҳажәлар рыжәҩахыр нарыдҵаны еибашьуан Алада Урыстәыла, Нхыҵ—Кавказ ареспубликақәа, аҳәаанырцәтәи ҳадиаспора, аҟнытә ҳџьынџьуаа, Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәыла, Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика рҟынтәи ахатәгәаԥхарауаа.

Аԥсны жәлар имҩаԥыргоз аибашьра иаша иалахәыз зегьы рхамеигӡара, рхымшаҭара ирыбзоураны иҳахьчеит Аԥсны ахақәиҭра, ахьыԥшымра.

2000-ҩык инареиҳаны хатәгәаԥхарала аибашьцәа алахәын Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. Урҭ рахьтә 259-ҩык инарыцны иҭахеит. Аԥсны жәлар наунагӡа ҳаҭыр ақәырҵоит Аԥсны зыԥсҭазаара ахҭнызҵаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа ргәымшәара. Ҳхы лаҳарҟәуеит урҭ рфырхаҵара аҿаԥхьа.

Хьыӡҳәала хатәгәаԥхаралатәи ахеидкылара аешьаратә цхыраараҵәҟьеи аидгылареи ирҿырԥшыгахеит, иуадаҩыз аамҭазы иарӷәӷәеит ҳажәлар рдоуҳа, аиааирахь ихьанарԥшит.

Аԥсны иҿыцӡоу аҭоурых хьӡи-ԥшеи змоу адаҟьақәа наунагӡа изырԥшӡаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа рфырхаҵара еиҵагыло абиԥарақәа рзы афырхаҵареи, агәымшәареи, агәаӷьреи ирҿырԥшыгахоит. Ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ифырхаҵаҵәҟьаны, аиашара иазықәԥаҩцәаҵәҟьаны зхәыҷқәа зааӡаз анацәа, абацәа.

Акыр иаԥсоу хатәгәаԥхарала аибашьцәа, ҳажәлар ҵыхәаԥҵәарада ҭабуп ҳәа шәарҳәоит, ҳарҭ ҳаимаздауа аешьареи наҟ-ааҟ аихаҵгылареи ирыхӡыӡаауеит.

Еиҭах азин сышәҭ шәареи шәҭаацәарақәеи ирзеиӷьасшьарц агәабзиара ӷәӷәа, аманшәалара, ажәҩан цқьа.


Иара убри аҽны абри Амш иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысит Ақалақь Фырхаҵа Гәдоуҭа. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аан абра ауп иахьыҟаз Кавказ ашьхаруа жәларқәа Рконфедерациа аштаб.

Аԥсны Ахақәиҭреи Ахьыԥшымреи зхы рықәызҵаз хатәгәаԥхарала аибашьцәа ргәаладыршәарц уахь инеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Делба, Жәлар Реизара адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба, хатәгәаԥхарала аибашьцәа, Аԥсны Арбџьар Мчқәа рыррамаҵзуҩцәа, аибашьра аветеранцәа, ауаажәлар рхаҭарнакцәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me