Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Изынагӡамхаз «Адыгэ нысэ»…

 

Аԥсны жәлар ҳџьынџьхеиқәырхаратә еибашьра аҭоурых аҿы амш хьанҭақәа ируакуп апрель 14, 1993 шықәса.

Уи аҽны Гәдоуҭатәи акультуратә Ҩны аҟны наӡаӡа бзиала ҳәа раҳәаны, аҵыхәтәантәи рымҩахь – Ҟарачы-Черқьесиеи Ҟабарда-Балкариаҟеи инаскьаргон хатәгәаԥхарала иааны ҳаԥсадгьыл ҳацзыхьчоз ааҩык афырхацәа рҭоубыҭқәа. Урҭ ҳҭоурых ҿыц азы лакәтә фырхаҵак иҩызахаз Владимир (Гена) Карданов дзыԥхьагылаз, ашәымҭакала еицҭахаз агәыԥ «Ҟабарда» аибашьцәа ракәын.

Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа ахақәиҭтәра ашьҭахь иԥсаҟьаны еиуеиԥшым аԥшыхәра-жәыларатә еиҿкаарақәа рҟны Ҟабарда-Балкариантәи хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ирыӡбеит иаԥырҵарц, урҭ еидызкылоз агәыԥ, «Ҟабарда» ҳәа хьӡыс изауз. Алахәцәа еицҿакны ԥызас далырхит Владимир (Гена) Карданов.

1967 шықәса алагамҭазы Ҟабарда-Балкариа Урвантәи араион Аргудан ақыҭан ииз, араионтә газеҭ «Маиак» аредакциа аусзуҩ, зԥа Азамаҭ – шықәсыки хымзи, зыԥҳа Жанета – ҩымз рхыҵуаз, Гена Карданов «шәыҽшәырӷәӷәа, ҳашьцәа аԥсуаа, ара ҳаҟоуп шәашьцәа аҟабардақәа» ҳәа август 17 рзы Гәымсҭатәи ахырӷәӷәарҭаҿы дыҟан.

Гена Карданов бжьымз роуп Аԥсны аҟазаара Ҳазшаз иахьиаҭәеишьаз, аха уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны ихьӡ-иԥша шәышықәсала ҿаԥыцла еимдо зыӡбахә рҳәо жәлар рфырхацәа дыруаӡәкхеит. Уи аибашьра ацәаҳәаҿы аказы ихы деигӡомызт ианакәызаалак. Иҟазшьа аҷыдарақәа ируакын, икәша-мыкәша иҟаз зыхьчоз ԥхаррак, иназыцҵоу гәыбылрак, хӡыӡаарак ахьихылҵуаз.

Ақалақь Гагреи Аԥсны аҩада-мраҭашәаратәи ахәҭа зегьи рхақәиҭтәреи, 1992 шықәса ноиабр мзазы Шроматәи ажәылареи рышьҭахь, агәыԥ «Ҟабарда» Гәымсҭатәи аибашьратә цәаҳәаҿы руалԥшьа нарыгӡон. Урҭ есымшааирагьы агәымшәареи, ухаҿы заагара уадаҩу аилҟьареи агәаӷьреи аадырԥшуан, рымчра изныкымкәа ирнырхьан ақәылаҩцәа, еиҳаракгьы Мрагыларатәи афронт аҟны. Ампыҵахалаҩцәа рхырӷәӷәарҭақәа жәабала рымца наӡаӡа еиқәдыртәахьан.

Аԥсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы аҭагылазаашьа еиҳа иахьыуадаҩыз аҟнытә, ҭагалан аҽеиҩшамҭазы, ноиабр 19 рзы агәыԥ «Ҟабарда» уахь идәықәҵан. Уаҟа ашықәс анҵәамҭанӡа ҳарԥарцәа ирывагылан. Еицырдыруа Саида Делԥҳа дахьҭахаз, ақыҭа Мркәыла ахақәиҭтәразы ажәылараан, фырхаҵарыла Аԥсны ахьчара рхы ақәырҵеит ари агәыԥ аҟнынтә ԥшьҩык: «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Абаев Руслани Ҳарунов Леониди, Дышеков Зубери, «Леон иорден» занашьоу Хагабанов Арсени.

1993 шықәса алагамҭазы Гәымсҭатәи ахырхарҭала аҳҭнықалақь ахақәиҭтәразы лымҳаҭасқәак зауз Гена Карданов гәыԥҩык иҩызцәа ицны дхынҳәуеит, илыҵшәадахаз ианвар 5 рзы имҩаԥгаз уи ажәылара аҽалархәразы. Усҟан, 18-ҩык аҟабардақәеи 6-ҩык аԥсуааи рыла ишьақәгылаз агәыԥ ишраҭәаз инарыгӡеит рҿаԥхьа иқәгылаз адҵа, аха…

Мышқәак рнаҩс, ианвар 7 рзы дырҩегьых иԥрит урҭ Тҟәарчалҟа, уаҟа февраль анҵәамҭазынӡа рыҟазаара иалагӡаны иалахәын Ԥақәашьтәи ажәылара, иҭархаз аибашьыгатә ҳаирплан СУ-25 аԥырҩы, аофицер Надирашвили ирбаандаҩра, аӷа ихырӷәӷәарҭақәа рахь аԥшыхәрақәа рымҩаԥгара, урҭ раан иҭахеит 20 шықәса зхыҵуаз агәымшәа, «Леон иорден» занашьоу Дыгов Муҳамеди, иоуз ахәра ӷәӷәа мчыбжьык ашьҭахь зыԥсҭазаара ҿахнаҵәаз «Леон иорден» занашьоу Масаев Хадиси.

Анаҩс, агәыԥ рҽеихшаны Мрагыларатәи афронт аҟны иаанхаз Ӡагоев Аскер (14. 06. 93 ш. рзы Ажара ақыҭа азааигәара иҭархаз авертолиот дҭан) командаҟаҵаҩыс дааныжьны егьырҭ Гена Карданов дышраԥызаз Гәымсҭатәи аибашьратә цәаҳәахьы ииасит. Иалахәын Аԥсны ахақәиҭтәразы зегьы раасҭа ишьаарҵәырахаз март 15-16-тәи ажәылара.

Аамҭа цон… Иҭахон аҵеицәа… Ахызаҵә иҿахнаҵәоз аԥсҭазаара қәыԥшқәа рхыԥхьаӡара иацлон… Урҭ ршьоура иазгәышьуан ахырӷәӷәарҭақәа рҿы итәаз аԥсадгьыл ахьчаҩцәа.

Агәыԥ «Ҟабарда» аԥыза аибашьра аамҭа иалагӡаны ҩынтә роуп иҭаацәа рыбла аҭаԥшра, мышқәак рылаԥхьара аниаӡаха. Аҵыхәтәантәи аҩны иҟазаара аан, Аԥсныҟа амҩа иқәлара, игәакьацәа рылахь шеиқәнаҵоз гәазҭаз Гена: «Сҭахара шысныруагьы, сымцар ҟалом, уа сыҟазароуп сара», - ҳәа раҳәаны ддәылҵит иҩны.

Ҳажәлар агәыхь ду рыззырҵысыз ажәылара ашьҭахь, зыҩнуҵҟатә ҭагылазаашьа еиҟарамыз, зхы знапаҿы аагаразы мчыбжьқәак аԥсеиҭакра зыҭаз аибашьцәа ргәыԥқәа, зылахь аиҵыхра зцәыуадаҩыз, Аԥсны аԥсабара аҿыхара аҽаназнакуаз апрель алагамҭазы, Ешыратәи рҭабиақәа рахь ихынҳәуан. Урҭ иреиуан агәыԥ «Ҟабарда» аибашьцәагьы.

Апрель 13… иаашар рҽеиҭнырыԥсахлараны иҟоуп, амра лхықәгылахьеит… Руслан Жилетежев ишицәаҩаз еиԥш, имыцхәцәахаз аҭынчра маҷк иааиҭеикырц, иҩызцәа днарылаԥшны, ибжьы ныҵак, иацзырӷызуа арҳәагақәа рцынхәрас, инапқәа иарма шьамхы инықәырхәмаруа иаацәыригеит «Адыгэ нысэ»…

Ашәымҭак акәхеит… иҭҟәацит аминаршәга иаанашьҭыз ахы, агәыԥ рыгәҭаҵәҟа… Иҭахеит жә-ҩыуаак: агәыԥ «абчараҳ» Аԥсны Афырхаҵа Владимир (Гена) Карданов; агәыԥ аԥыза ихаҭыԥуаҩ, сынтәа диижьҭеи 60 шықәса ҵуа, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Роберт Лихов; зҩажәа шықәсхыҵра жәеиза мшы агхаз, «аԥсуаа ҳара иҳазгәакьаӡоу жәларуп» ҳәа згәы иамыртәоз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Анзор Шогенов; ҩажәи ԥшьба шықәса рыда злахьынҵа ианымыз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Камбулат Занилов; згәыӷра лашақәа рынаӡара зқәашьымхаз, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Задин Тарчоков; еснагь аччаԥшь зҿықәыз, хәыҷы хьыӡны Лиута ҳәа зарҳәоз, иахьа уажәраанӡагьы Аԥсны хәыҷи-дуи бзиа ибаны инарыгӡо адыга жәлар рашәа «Адыгэ нысэ – Адыга ҭаца» ахкынагӡаҩ, «Леон иорден» занашьоу – Руслан Жилетежев; аҟарач, хымз зхыҵуаз еициз хҩык аԥҳацәа раб, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Ислам Шидаков; ачерқьес, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу Виачеслав Шхачев; аԥсуа, агәыԥ «Ҟабарда» анаԥҵаха инаркны уи иалаз, еиднакылаз арԥарцәа аҭабиақәа  рҟнытә рыԥсеиҭакрақәа раан, Гәдоуҭа ақалақь аҟны хатәы ҩнык еиԥш изҭаауаз аԥшәма, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу – Анзор Қаԥшь.

Ааха дуун ари Нхыҵ-Кавказтәи ахатәгәаԥхаҩцәа рзы мацара акәымкәа, Аԥсны иқәынхоз зегьы рзы, агәрахаҵара рцәыуадаҩын. Аха…

Аамҭақәак рнаҩс агәыԥ «Ҟабарда» ашьаҭала еиҿкаахеит адҵа ҷыдақәа назыгӡо аԥшыхәра-жәыларатә архәҭа, зҩызцәа рҟны «комиссар Катани» ҳәа ахьӡшьара зауз, Аԥсны Афырхаҵа, аибашьра ашьҭахь (1994 ш. август азы) амҩатә машәыр иахҟьаны зыԥсҭазаара ҿахҵәаз Муаед Шоров командаҟаҵаҩыс даманы.  Уи иҭахаз аҵеицәа ршьа уа, аибашьра аҵыхәтәанынӡа ауалԥшьа нанагӡон.

Зқьышықәса мҩасыргьы ахааназы хашҭра рықәым Ҳиааиреи Ҳхьыԥшымреи раагаразы зхы-зыԥсы иамеигӡаз ҩ-нызқьҩык инареиҳау ахатәгәаԥхаҩцәа зегьы.


Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me