Лаҵара 16, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аџьынџьтәылатә еибашьра алагара 30 шықәса ахыҵра инамаданы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ааҧхьара ҟаиҵеит

Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз ааҧхьара

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар. Иахьа алахьеиқәҵаратә мшуп – 30 шықәса раҧхьа аҕа Аҧсны дақәлеит. Иалагеит 413 мшы ицоз Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра. Ҳҧыза Ду Владислав иааҧхьара бираҟҵас ишьҭыхны ҳажәлар зегьы аӡәык еиҧш Аҧсны ахьчаразы игылеит. Нхыҵ-Кавказ иқәынхо ҳаиашьаратә жәларқәа, амҳаџьыраа рхылҵшьҭра, Урыстәыла, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ажәларқәеи рҟынтәи иҳадгылт. Урҭ рлагаламҭа хашҭра ақәым.

Имҕьаӡо ахәра ҳзыннажьит аибашьра. Уи ахәра зырҕьо ҳәа ҟалараны иҟам. Қырҭтәылатәи аҳәынҭқарра ҳбызшәа иацәнымхошәа, ҳажәлар ирыцәнымхошәа иҟарҵо зегьы ҵакыс иамоу акоуп – мчыла ианаму, хаала рнапахьы ҳнагара иашьҭоуп. Урҭ ргәы иҭоу еилкаауп – ҩнуҵҟала ҳаинҟьара рҽазыршәоит, ҳара-ҳара ҳаиҿадыргылоит. Иахьагьы рнапы аҵарымҩыц аибашьра алызмыршо ашәҟәы. Иазыҧшуп ҳтәылахьчара азҵаара аныҧсыҽхо ҳәа, усҟан ҩаҧхьа ирыхшәап ирхарҧоу асыс мҟаа ацәа. Аха ргәыхәтәы иахьӡараны иҟам. Аибашьраҿы уаҩ илымшо зылшаз, аҭынч ҧсҭазаараҿгьы ҳанеидгыла ҳаззымиааиуа ус ҟалом.

Имариаӡам аҧсҭазаара, ҳара ишаҳҭаху иҟам зегьы. Иҭахаз ҳаибашьцәа рҭаацәа, аветеранцәа, ишәыхәҭоу адгылара шәоурц азы макьана уи аҟара ҳаҕәҕәам. Хықәкы хаданы иҳамоу – ҳауаажәлар шәымаҵ ауроуп, Аҧсны ауааҧсыра рыҧсҭазаара аиҕьтәроуп.

Иахьа ихьыҧшым ҳхатәы ҳәынҭқарра ҳамоуп. Ҳаҿиароуп, ҧхьаҟа ҳцароуп! 30 шықәса раҧхьа иҟалаз уаҳа иҟамлароуп Аҧсны. Уаҳа аибашьра амбароуп ари адгьыл. Иахьа иаҧсыуа ҳәынҭқарраны ишыҟоу Аҧсынра, зқьышықәсала инеилароуп. Иҟазароуп Аҧсынра, иҟанаҵ Аҧсҭазаара. Хашҭра рықәым Аҧсны зхы ақәызҵаз! Хашҭра рықәымзааит Аҧсны Афырхацәа! Нагӡара ақәзааит Аҧсынра!

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me