«Ареспублика интересс иамоуп атуристтә маҵзурақәа рырҭбаара, агеографиатә лшарақәа ҳасаб рзуны акәзар, аԥхынразы аӷба дуқәа рыдкылара иахәаԥшуеит иаҳа аԥеиԥш змоу акакәны, – ТАСС акорреспондент абас иеиҳәеит Аслан Бжьаниа, Баҭым абаӷәазаҿы аурыс туристцәа иҽеимкәа ишрызныҟәаз дахцәажәауа. – Аҟәа амшын баӷәаза техникала иазхиоуп Astoria Granbe аиԥш иҟоу аӷбақәа рыдкылара. Ҳаигәырӷьаҵәа Аԥсныҟа шәааҳаԥхьоит, иагьақәҳаргәыӷуеит аԥсуа сасдкылара аҵас ала аурыс туристцәа иԥхаӡа рыдкылара».
Бжьаниа ҿырԥшыс иааигеит Шәачеи Аҟәеи ирыбжьоу аӷба «Книаз Владимир». Уи ииун анҵәамҭа инаркны наҟ-ааҟ иҳабжьоуп.
«Ҳарҭ ишақәнагоу аӷба «Книаз Владимир» ҳаԥылазар, Astoria Grande аганахьалагьы убас акәхоит», – иазгәеиҭеит иара.
Аӷба Баҭым инеит ашәахьаҽны ашарԥазы. Ҵхыбжьон инаркны уаҟа еизеит аоппозициатә партиақәа рхаҭарнакцәа, дара ишьақәдырӷәӷәон аӷба иақәтәоуп ҳәа Украина ицо аибашьра, иара убас Аԥсны ахьыԥшымра иадгылауа. Аполициааи дареи еидыслеит. Иааныркылеит 23-ҩык. Аӷба Astoria Grande абаӷәаза иадҵит ашәахьаҽны ахәылԥаз, амитингқәагьы еиқәтәеит.