Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аиааиреи ахьыԥшымреи рымш аҽазыҟаҵаразы

Август 3 азы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҽазыҟаҵаразы, Аԥсны ахьыԥшымра 15 шықәса ахыҵра азгәаҭаразы Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аусуратә еилацәажәара мҩаԥигеит Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал ишақәнагоу аиҿкаара иазкны. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

Иара убас, иазгәаҭоуп ақыҭақәа жәпакы рҟны 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра ахҭысқәа ирызку абаҟақәа реиҭашьақәыргылара.

Аилацәажәара иалахәын акультура аминистр Даур Ақаҩба, Раԥхьатәи Ахада иԥҳа Мадина Арӡынба, Амемориалтә комплекси аҳәынҭеилахәыра «Аԥсныргылареи» рнапхгара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me