Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа бираҟ – акосмос аҟны

Август 4 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит Урыстәыла Афырхаҵа, аԥырҩы-акосмонавт Олег Артемиев.

Аслан Бжьаниа акосмонавт бзиала уаабеит ҳәа иеиҳәеит, иазгәеиҭеит хаҭала иабадырра даара дшеигәырӷьауа.

«Ҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп абри аҩыза ашьаҿа ахьеихышәгаз азы. Ҳаԥсуа бираҟ аорбитаҿ иҟан Шәара ишәыбзоураны. Сеигәырӷьоит Аԥсны шәахьызбо», – иҳәеит Бжьаниа.

Олег Артемиев иара иганахьала атәыла Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иԥхаӡа дахьидикылаз азы. «Сара Шәара иҟашәҵаз ааԥхьара ауп абрахь саазгаз, иҭабуп. Сара сманшәалахеит, избанзар Урыстәылатәи академиаҿы аҵара рыцысҵон шәреспублика ахаҭарнакцәа. Акырынтә Аԥсны сахыԥраахьан. Раԥхьатәи сыԥырра инаркны акосмос ахь Аԥсны абираҟ згон.

Актәи, аҩбатәи аԥыррақәа ра­ан исымаз абираҟқәа шәызсырхынҳәуеит, схаҭа ишәзаазгоит. Уажәтәи аԥырраан 4-бираҟк сыман: ҩба хәыҷқәан, ҩба дуқәан, акосмос иадкыланы рсахьа ҭысхуан, убарҭгьы Аԥсны иасҭоит. Аԥсны абираҟ иаархоу амҳәыр шаҳаҭра ауеит уи жәларбжьаратәи акосмостә ӷбаҿы ишыҟаз, уахьынтәи ишыхынҳәыз. Акосмос ахь сыԥрит иҳаҩсыз ашықәс март 18 азы, сентиабр 29 азы акәзар –схынҳәит. Ари 195 мши-ҵхи аҵанакуеит, иартәоит 131 миллион километр егьаарыгымхауа», – иҳәеит акосмонавт. Иара иазгәеиҭеит раԥхьаӡа акәны Аԥсны дшааз.

Артемиев иҳәеит ҳазну ашықәс азы акосмонавтцәа ргәыԥ ахь адкыларақәа ишрылагаз: «Даара ибзиахон шәара шәмилаҭ еиуоу ахаҭарнакцәа дара рнапала акосмос ахь абираҟ наргазҭгьы».

«Сара агәра ганы сыҟоуп, аԥрыҩцәа қәыԥшцәа рыҩнуҵҟа уаҩы ишиԥшаауа ззанааҭтә ҟазшьақәа рыла акосмос ахь аԥырра зылшаша», – иҳәеит Ахада.

Аҳәынҭқарра Ахада акосмонавт ҳамҭас ииҭеит Фазиль Искандер исахьа зну араӡын ԥараҿырп, Артемиев иакәзар, Ахада ииҭеит акосмос аҟны амҳәыр заархаз Аԥсны абираҟ асахьа.

Олег Артемиев иаарту акосмос ахь бжьынтәы дҭыҵит, уаҟа ихигеит 53 сааҭ инареиҳаны.

* * *

Иара убри аҽны Аслан Бжьаниа дылԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Иана Лантратова.

Атәыла Ахада иофициалтә саит излаанацҳауала, Бжьаниеи Лантратоваи рылацәажәеит аҿар рполитика аганахьала ҩганктәи аусеицура хра злоу азҵаарақәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me