Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адгылара ажәақәа

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа ақырҭуа агрессиа 15 шықәса ахыҵра инамаданы Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар дышрыдгылауа иҳәеит.

Бжьаниа иазгәеиҭеит 15 шықәса уажәаԥхьа Қырҭтәыла анапхгара ишырыӡбаз аԥхьа Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәыла ҭадырхарц, нас – Аԥсны.

Убасҟантәи аамҭазы аҭынчра иазкыз аицәажәарақәа шымҩаԥыргозгьы, Қырҭтәыла арратә мчы ахы ианархәеит Аахыҵ-Уаԥстәыла аганахьала.

«Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар рхамеигӡара, рыгәаӷьра, рфырхаҵара, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара ирыдыркылаз ашьаҿақәа иалдыршеит аимак аринахысгьы арцыхцыхра аҵыхәа аԥҵәара. Қырҭтәыла мчыла аҭынчра мҩа ашҟа ииаган, аешьаратә республикақәа рыҩбагьы рыжәларқәа ақәибахра иацәыхьчан», – иазгәаҭоуп Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵо адырраҭараҿы.

«Урыстәылатәи Афедерациа ашҟа ҭабуп ҳәа ҳҳәоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәылеи иуадаҩыз аамҭақәа раан иахьрыдгылаз азы.

Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭа аҭагылазаашьа уадаҩ ианиеит, иаҳҭахуп атәыла анапхгареи Урыстәыла ажәлари ҳашрыдгылауа атәы ҳҳәарц», – иазгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Аԥсны Ахада дақәгәыӷуеит, «абасеиԥш иҟоу ахҭысқәа ахаангьы иҟамлап ҳәа, ҳажәларқәа ракәзар, аҭынчреи ашәҭыкакаҷреи рымҩала инхалап-инҵлап» ҳәа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me