Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ҧхьаҟа ахақәиҭрахь!

Иџьашьахәуп, аиашаз, аҧсҭазаара. Зны ишыхәло, нас ишшо аиҧш ауп – ауаҩы иқәлашьцаны, ихы игәахшәаны дшыҟоу гәыҕрак шааизцәырҵуа.

 Ҽнак санду (сан лан) лашьцәа Аграа ргәараҭахь сымҩахыҵит. Дара рашҭа уҭалаанӡа иубоит ихкааны иҟоу анышәынҭрақәа рҭыҧ. Уахьынтә, имаҷымкәа еилагылоу абаҟақәа рҟнытә иааҧшуан рыҧсы ҭоушәа, рлакҭақәа хааӡа ахаҿқәа. Урҭ сызрывымсқәа уахь сҿынасхеит. Аҩырақәа:Агрба Шьиаҭ, Хьециа Насиа – сан лабдуи ландуи, 8-ҩык ахшаара еиҵазааӡаз. Абаар рааигәа иаатны иахьышьҭалахьоу рыҷкәынцәа хәҩык рыҟнытә хҩык, рмаҭацәа ҩыџьа, - рыҷкәынцәа иреиҳабыз Гәыгәуша иҧацәа:Димеи Рудики. Хәыцпашәк сеимырдон уажәы, дышқәыҧшыз аибашьра иҭахаз, сан лашьа Рудик ила сыхҧшыло сахьгылаз…

 Агрба Рудик Гәыгәуша-иҧа, дыхәҷаахыс зҭаацәа агәыҕра дуқәа рызҭоз, уаҭахк азна аҧхьахәқәа аспорт аҿы еидызкылахьаз, нас Асовет Еидгыла ачемпионра ахьӡгьы зчаҧахьаз, заҧхьаҟагьы Аҧсны ахьӡ ҭызгашаз, аха аибашьра зыҧсҭазаара ҿахнаҵәаз…

Дсацәажәон уи уажәы лақҭала…

 - схьаабымган, ҳус башамхеит аҧсуа аҿар шәахьыҟоу, ҳҭоурых ахьышәмырӡуа…, Аха сара сзызхәыцуа – закәытә мчызеи, закәытә гәымшәарызеи Рудик диазгоз ахы даҿагылан, ишҧеиҭахызеиҧшшь иахьа ҳҟаларц?…

Аибашьра иалагаанӡа Рудик амилициа аҿы алеитинант ичын иманы аус иуан. Уи еснагь идыруан ақырҭцәа ҽеик ргәы ишҭамыз… иагьараан мхьедрионааи аҧсуааи Гагра ианеиҿанагалаз ибокстә ҟазара урҭ рцәа ианырхьан. Рудик еибашьратә мҩа алагеит Аҧсуа гвардиа агәҭаны Ацҳа Ҟаҧшь ала. Анаҩс деибашьуан Гагратәи ахырхарҭаҿ. Уи Гагра иқалақә гәакьа акәын, иҟалозма ахы иақәиҭимтәыр…

Колхида атанкқәа аналала Рудик иҩызцәеи иареи хацәнамырха ишеибашьуаз дырхәуеит, аха уи ашьҭахьгьы Гәымеи Ахальшени рхақәиҭтәрагьы далахәын. Уаҟа ақырҭцәа аҧсуа аибашьцәа амацәаз ианҭаркуаз, Рудик дызлаз архәҭа афырхаҵара ду аадырҧшит, иара убраҟагь ҩынтәны дырхәуеит иара. Рудик дук мырҵыкәа деиҭахынҳәуеит аибашьра адәахьы. Уажәшьҭа Аҟәа аҭарцәрахьы еихеит ҳаруаа. Рудик уи дазкәаҟуан даара, ихгьы мшаҭа аҵыхәтәантәи ажәылара ирхәҭа дрылагыланы аҕа иҧхьацара даҿын.

Абар, Рудик изибоз ахы иқәшәеит иҩыза Каслан Артин. Рудик дыцҟьаны, уҽгәаҭ ҳәа иҩызцәа ишиқәҿырҭуаз ихы дазымхәыцкәа, иҩыза иахь деиханы дышнеиуаз, аҕа хәымга ахынтәтәи аан иҧсырҭа дақәшәоит.

Абас Аҟәа агара хәымш шагыз иҿахҵәоит заҧхьаҟа аҧеиҧш лаша зыҧшыз, зҭаацәара ргәыҕрақәа абраҟа аҿахҵәаз Рудик Агрба иҧсҭазаара.

Уи дахьымӡеит аҭаацәара аҧҵара, игәҭакқәа рынагӡара. Исзеиҭарҳәахьан, Рудик шаҟа бзиа дибоз иабду Шьмаҭ. Уи Гаграҟа сасра иҷкәын данааигалагь Рудик далаган иабду игәы иаахәоз анкьатәи аҧсуаа рҵасқәа рыҭҵаара, нас уи аамҭа дахаанушәа, игәалашәақәо ыҟоушәа алафқәа ицҳәара. Сихәаҧшуан ихьааганы абас згәы лашаз арҧыс иҿара, иҧшӡара, игәазыҳәарақәа зегьы аибашьра хынҳәрада иахьигаз…

Ус сгәалашәара хьанҭақәа саалырхит агәашә аҿы иаангылаз амашьына иҭыҵгы иҷырҷыруа зҿаазхаз Рудик иашьеиҳаб ихәыҷқәа. Арҭ гәазҭаз аҩны иҟаз аҭаацәагьы рхәыҷқәеи дареи арахь рҿаархеит.

Уажәы Рудик илакҭа агәырӷьара хызбаалон… Сгәы сҭацәажәон: «Уара умҧсӡеит,Рудик. Ухы зқәуҵаз удгьыл агәакьа иқәыҩҩуеит аҧсшәа, иҿиоит аҧсуара, уашҧаҿ иазҳауеит уашьцәа рхәыҷқәа. Урҭ имырӡкәа инаргоит ҧхьаҟа уареи уҩызцәа афырхацәеи шәгәалашәара!

Агрба Рудик иҧсадгьыл ахьчараз иааирҧшыз агәымшәара азы ианашьоуп «Аҧсны афырхаҵа» ахьӡ. Убасгьы, иҩызцәеи иареи рыхьӡала есышықәса Аҧсны имҩаҧысуеит абокс азы атурнирқәа.


Лана Коф-оглы,

ААУ афилологиатә факультет

ажурналистика аҟәша

актәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me