Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Максим Решетников иҧылара

Август 11 рзы Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников дидикылеит.

Аҧсны Ахада бзиала шәаабеит, Максим Геннади-иҧа Аҧсны ҳәа иаҳәо, иирдырит акыр ишазыҧшыз иаара. Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа иҳәеит ишидыруа аамҭа кьаҿк иалагӡаны аминистр еиуеиҧшым Аҧсны аобиектқәа дшырҭаахьоу. Уи атәы инарҭбааны анаҩс дара шалацәажәо.

Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетников иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа Аҧсныҟа ааҧхьара ахьииҭаз азы. Иазгәеиҭеит раҧхьаӡакәны Аҧсныҟа дшааз, игәаҿы иҭнымҵәогьы ишаанхо. Иныҟәарақәа раан Аҧсны аҧсабареи асасдкылашьеи дышхырхыз. Уи адагьы, аусура аганахь ала иуҳәозар,13 шықәса рыҩнуҵҟа Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала аусурақәа жәпакы шымҩаҧгоу.

Иазгәеиҭеит Аҧсны аҩныҵҟа урҭ рхыҧхьаӡара 500 инарзынаҧшуа аобиектқәа шыҟоу. Хыҧхьаӡарала имаҷуп дызҭааз аобиектқәа, аха аҭыҧан уаҭааны ублала ианубо еиҳа ишеиҕьу. Иазгәеиҭеит, дызҭааз аобиектқәа шьахәла рпроектқәа шышьақәыргылоу, аус адулашьагьы шыбзиоу. Иҳәеит дызхәаҧшыз апроектқәа рҿы ишыҟаз 2014 шықәсазы ишьақәыргылаз апроект. Хықәкыла, С. Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Афон-Ҿыц игылоу ашкол даараӡа ибзианы аус зыдулоу аобиектқәа ируакуп. Аа-шықәса шыҵхьоугьы, арҽеира иацы ихдыркәшазшәа аҭагылазаашьа бзиоуп. Иҳәеит ишыҟоу апроблема афымцалашара аганахь ала, уи азгьы еилацәажәараны ишыҟоу. Урыстәылатәи Аинвестпрограммала ишырацәоу иҟаҵоу, аха аҧхьаҟагьы иҟарҵараны иҟоу шырацәоу. Иҳәеит аусурақәа Аинвестпрограммала ишымҩаҧгахало 2024-2025 шықәсқәа рзгьы Гагра, Пицунда ақалақьқәа рҟны.

Анаҩс дазааҭгылеит рнапы зҵарыҩхьоу Аиқәышаҳаҭрала Аҧсны аекономика арҿиара адгылара шаиҭо, аҳәынҭбиуџьет ала ауалафахәы ашьҭыхра шаҭаху, иара убас Аинвестпрограмма инақәыршәаны ақыҭанхамҩа ашьҭыхразы аусурақәа шымҩаҧгоу, раҧхьаҟагьы Аҧсны аекономика арҿиаразы адгылара шыҟарҵо.

Иазгәеиҭеит иара убас хықәкы хаданы раҧхьа ишықәгылоу аобиект дуқәа аус рыдулара, аинвестициатә лагалақәа рыла Урыстәылатәи абизнесуаа радыҧхьалара, Аҧсны аинфраструктура аиҕьтәра. Уи Аҧсны ашәахтә еизгарақәа рҟынгьы лагала шдухо.

Анаҩс ажурналистцәа аламырхәӡакәа имҩаҧысуан аиҧылара. Ашьҭахь Аҧсны Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетникови ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟарҵеит.

Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа ирҭоз азҵаарақәа рҭак ҟаҵо иҳәеит, реиҧылараҿ ишалацәажәоз афымцалашара азҵаара, ауалафахәы ашьҭыхра. Аинвестпрограммала Аҧсны аргыларақәа ицо рылҵшәақәа еиҕьхарцхарц азы иҟаҵатәу, насгьы Аҧсны аҳәааҿы иҟоу аҭагылазаашьа ишалацәажәаз, аҳәаа ахыҵразы иҟоу апроблемақәа шыӡбатәу. Иара убас аҳаирбаҕәаза азҵаара иазааҭгылан. Хықәкыс иҟоу иарбоу аамҭа иалагӡаны апроектқәа рынагӡара ауп.


С.Сақаниа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me