Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абиҧарала еимырдо

Аҧсуаа  жәытә – натә аахыс иааҳго атрадициа иақәнагоу, иаҳтәыҵәҟьоу аҧсуа цәа зхоу ируакуп аҽыбҕаҟазаратә еиндаҭларақәа.

Аҧсуа милаҭ ҳзы ҳаҭыр ду амоуп аҽыҩ бзиақәа рныҟәгара . Ҳмилаҭтә хәмаррақәа рахь иаҵанакуеит: аҵәеибагәыдҵара, ҧсуаҵас аҳәаҟьара, ашьқьразра,  аҩра уҳәа убас егьырҭгьы . 

   Иахьатәи аамҭазы Аҧсны аҽыбҕаҟазара абзиабаҩцәа даара ирацәоуп. Урҭ рахь иаҵанакуеит: Оҭар Ҷанба, Аслан Ҧлиа, Славик Ҭраҧшь, Ҭарба Авксенти, Лакрба Алықьса.

Убарҭ дреиуоуп Аҧсны ахаҭарнак Урыстәыла инхо, акыраамҭа инеиҧынкыланы аҽырҧарра аспорт хкы знапы алаку,  Асовет Еидгыла ачемпион ҳәа ахьӡ иаҧсахаз Харлам  Харитон – иҧа Симониа. Иара убас Асовет Еидгыла ҳәа ахьӡ даҧсахахьеит,  ирацәаны аҳамҭақәагьы ланашьоуп Харлам иҧшәмаҧҳәыс Наталиа Симониа. Арҭ рыҩџьагь рус даара бзиа ирбоит, рҳәатәы еиқәшәаны командак аҿы аус еицыруеит. «Аҽыбҕаҟаза  иоуп аҽыбҕаҟаза ибзиаӡаны дыззеилкаауа» - рҳәоит жәаҧҟаны.  Избанзар аҽы аныҟәгара ус баша имариам, аџьабаа рацәоуп алҵшәа аана,рҧшразы.

Лани лаби рышьҭа данылеит рыҧҳа Христина Симониа. Иахьа  ҭаацәарак аҿы иҟоуп хҩык аҽыбҕаҟазацәа.  Ари гәаахәара дууп. Аицлабрақәа рҿы алҵшәа бзиақәа аадырҧшуеит.

    Урҭ ируакуп уажәааигәа, Ҧхынгәынымза  18,  Москва имҩаҧысуаз аҽырҧарратә еицлабра. Аицлабра цон хымш, рҽаладырхәит  6 - ҳәынҭқаррак рхаҭарнакцәа. Урҭ рахьынтә лхы бзиаӡаны иалырҧшит,  аҧышәа ду змоу аҽыбҕаҟазаҩ Наталиа Симониа, лкоманда иахьӡын  «Абхазия Тим».  Аицлабра алҵшәақәа рыла дыҧеит: 130, 140, 150 см . Наталиа иланашьоуп араӡны ҳамҭа . Алҵшәа бзиа аалырҧшит ,қәҿиаралагьы дагьықәгылеит Христина Симониа. Лҽы иахьӡуп Дидро.

    Ҳара ҳзыҳәан уи акыр аҵанакуеит, ҳхаҭарнакцәа аҳәаанырцә ишынхогьы,  уаҟа аиподромқәа рҿы аҧсуа бираҟ ашьҭыхра ахьрылшо.  Ҳара ҳзыҳәан уи гәырҕьароуп. Шәгәы иахәо ахҭысқәа есымша ишәаҳалааит…


Орнелла Ҧлиаҧҳа

ААУ афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша, аҩбатәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me