Лаҵара 07, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Дамхәырцтәи ашьхахыҵырҭаҿы

Ааигәа , «Аҧсны абираҟ амш» азгаҭара инамаданы Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа гәыҧҩык еиҿыркааз Дамхәырцтәи ашьхахыҵырҭа ҭыҧ аҿы Аҧсны абираҟ ашьҭыхра иамоуп акыр зҵазкуа ахатәы ҭоурых.

 Ишдыру еиҧш, Аҧсны ақырҭуа данақәла ашәарҭара ду иҭагылт. Иабаҟаз усҟан зҽеибыҭан иаҳгәыдлаз аҕа ир ҳаҿагылартә абџьар, аџьаҧҳаны? Урҭ зегьы рыманы абри акаҵәара амҩала рҿаархеит ҳашьцәа. Ари амҩа ҧсҿыхгахеит ҳара ҳзы. Муса Шанибов инапаҵаҟа еиҿкааз хатәгәаҧхаралатәи аибашьцәа ргәыҧқәа Аҧсны ахақәиҭразы иҟарҵаз ҳҭоурых аҿы хашҭшьа амам.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Гәдоуҭа араионтә поликлиника аҳақьым Рауль Чкок саниҿцәажәоз иҳәон: «Сҩызцәа аветеранцәеи сареи есышықәса абраҟа ирҿыцны ишьҭаҳхуа абираҟ азкуп абри амҩа ианысны иааны иҳавагылаз, зхы ҳхақәиҭра иақәызҵаз ҳашьцәа ашьхаруаа рыхьӡи руси амырӡра, раҳаҭыр абара, дареи ҳареи ҳаимадара аҧымкра».

 Иара иажәақәа рыла есышықәсатәи-иаҧшьгамҭа ари аҭыҧ ахь аветеранцәеи аҿари рыхәныгараҿы, рҧылараҿы, аҽқәа рыла реиқәыршәараҿы, авагылара ҟазҵаз рхыҧхьаӡара аҳәара уадаҩуп. Араҟа иҟоуп арахә зманы итәоу ауаа, ҳашьцәа анҳҭаауаз ашьтәақәа шьны рхәы ҟазҵоз, баҟак (уаҟа игылоуп х-баҟак) ҧырхагак аиур изырҽеиуаз, Агәхаақәа: Канбеи, Саҭбеи, Едуард, Гәбазқәа, Арсалиақәа, Чамагәаа, Масик Ахба.

Рауль Чкок аханатә аҩыра зну амырмалташьтә хаҳәи абираҟи хахь ихәныганы ианықәиргылоз ивагылаз дреиуоуп Вова Ажьиба, убас акыр иџьабаа рацәоуп аибашьҩы-ахымхәаҩ Анзор Псаул (идунеи иҧсаххьеит).

Сынтәа Рауль ицны арахь ихалаз иреиуоуп Смыр Раули Рамшьыхәи, урҭ ирыцын Денис Аиба, Дамир Боџьгәуа, Елизбар Смыр.

Дамхәырцтәи ашьхахыҵырҭаҿ игылоуп абраҟа  «Ахыц» адагьы даҽа ҩ-баҟак, Аҧсны Асовет мчра аагараз ақәҧацәа Кьаразаа ирызкуи, 1941-1945 шықәсқәарзтәи Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аан Кавказ ашьхакаҵәареа ахақәиҭтәреи ирызкуи. Рауль Чкок кыршықәса раахыс арахь ицхало, здунеихәаҧшра ирҭбаауаз аҿар иахьа рхатәы мҩақәа ирнылахьеит аҧсҭазаараҿы. Аха агәра ганы сыҟоуп араҟа ираҳауаз, ирбоз иахьырхамшҭуа адагьы рыҧсҭазаараҿ ашьҭа ннажьит ҳәа.

Ҳаҧхьаҟа Рауль Чкок игҽы иҭоуп ахәышәтәырҭатә комплекс аветернцәа рзы аргылара. Иара ихаҭа излеиҳәо ала агәабзира азы аҳауа хәшәуп уаҟа.

 Арҭ рҩызцәа зыблала ахлымӡаахқәа збаз, зыҧсҭазаара зегьы зыҧсадгьыл иахҭнызҵаз аветеранцәа ахьынӡаҳамоу ҳрыдгыланы, рыхьыӡ камыршәакәа инаӡаӡаҳтәлароуп.


Лана Коф-оглы,

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me