Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аимадараз ацҳа хызҵо

Зҭоурыхи зхылҵшьҭреи аӡәыку, агәырҕьареи алахьеиқәреи еицеиҩызшо, ашәышықәсақәа раҧхьа жәларыкны иҟаз, аха аамҭа аҳәаа зыбжьанаҵаз ҳауп аҧсуааи шьханхыҵ инхо абазақәеи.

Ҳара ҳдунеиқәа еиқәҿырҭуеит, ҳазну амҩахәасҭақәа хыҵхырҭак ауп ирымоу, ҳбираҟқәа амаҿа лашаӡа ирнуп.

Ҧхынгәымза 22 инаркны 24-нӡа, Черкесск ақалақь  аҿы имҩаҧысуан акультуратә-спорттә фестиваль. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны ҧхынгәымза 22 рзы Ҟарачы-Черкесиа Аҳәынҭқарратә филармониаҿы раҧхьаӡакәны имҩаҧган Урыстәыла иқәынхо ажәлар маҷқәа рфорум. Афорум аҧшьигеит Адунеизегьтәи Аҧсуа-абаза конгресси  Жәларбжьаратәи Ассоциациа «Алашареи» рхантәаҩы Мусса Егзагь.  Аусмҩаҧгатә еиҿкаан Жәларбжьаратәи Ассоциациа «Алашареи», Пиотр актәи ихьӡ зху Санкт-Петербургтәи антропологиеи аетнографиеи рмузеии, Ҟарачы-Черкесиа аҳәынҭқарра аиҳабыреи рыцхыраарала.

Афорум хацыркын абаза жәлар рҭоурых аазырҧшуа атеатралтә қәгыларала.  Уи ықәдыргылеит абаза аҳәынҭқарратә театри, аҳәынҭқарратә филармониа акәашара театри.

Аусмҩаҧгатә аартуа, Ҟарачы-Черкесиа Аҧыза министр ихаҭыҧуаҩ Мураҭ Суиунчев афорум зхы алазырхәыз зегьы иҭабуп ҳәа раҳәо, дазааҭгылеит уи ажәлар маҷқәа рхеиқәырхараҿы аҵак ду шааннакыло.

Адунеизегьтәи Аҧсуа-абаза конгресси Жәларбжьаратәи Ассоциациа «Алашареи» рхантәаҩы Мусса Егзагь иазгәеиҭеит: «Сгәы иаанагоит, Урыстәыла иқәынхо ажәлар маҷқәа рбызшәа, ркультура, рҵас-қьабзқәа реиқәырхаразы, афорум алҵшәа бзиа аазырҧшуа акы акәны ишыҟало. Ҳарҭ зегьы ҳаидгылар, ажәлар маҷқәа рыҿиаразы амҩақәа ылаҳхуеит, убри азы ари афорум лагамҭа бзиоуп».

Афорум ахацыркра инамаданы адныҳәаларақәа ҟарҵеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума амилаҭтә усқәа рхеилак ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Ильдар Гильмутдинов, Аҳәынҭқарратә дума адепутат, амилаҭтә усқәа рхеилак алахәыла Анастасиа Удальцова, Special Eurasia захьӡу италиатәи аҭыжьымҭа аналитик Джулиано Бифольски, уи аҭыжьымҭа адиреқтор Сильвиа Болтук, Пиотр актәи ихьӡ зху Санкт - Петербургтәи антропологиеи аетнографиеи рмузеи аиҳабы Андреи Головниов. Иара убас, афорум иалахәын Аҧсни Ҟарачы-Черкессиеи Жәлар реизарақәа рдепутатцәа, аҭҵаарадырратә усзуҩцәа, аетнографцәа, аекспертцәа, Урыстәыла, Аҧсны, Италиа рҟынтәи ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.

Афорум хықәкы хадас иаман Урыстәыла иқәынхо ажәлар маҷқәа рбызшәеи ркультуратә ҭынхеи реиқәырхаразы еиуеиҧшым азнеишьақәа рыҧшаара, аетнос арҿиара иадҳәалоу апроектқәа рынагӡара азы аҧышәеимадара. Иара убас, ажәлар маҷқәа дара-дара аимадара рыбжьаҵара.

Афорум аартра анхыркәшаха ашьҭахь уи алахәцәа аҭааит Абазинтә раион Ҧсыж ақыҭан имҩаҧысуаз аспорттә фестиваль. Уи раҧхьаӡакәны имҩаҧган 2014 шықәсазы, Ельбурган ақыҭан. Абаза жәлар рыхәмаррақәа  раҧхьа ианеиҿкааз Ҟарачы-Черкесиа ақыҭақәа рҟынтә акомандақәа ракәын иалахәыз, аха анаҩс уи амҽхак еиҳа иҭбаахеит, рхы аладырхәуа иалагеит Аҧсны, Москва, Ставрополь рҟынтәи акомандақәагьы.

Аспорттә фестиваль аҿы аицлабрақәа зынӡа жәеиза хкы ыҟан, амилаҭтә спорттә хкқәагьы уахь иналаҵаны: аҩра, ашьапылампыласра, анапылампыласра, ашаха ахара, ахыц ала ахысра, аҵәыш ақәлара, махәҿала аисара, ахаҳә аршәра уҳәа иҵегьы.

Ҵыҧх ари афестиваль аҟны иаиааиз, Ҟәбина ақыҭа ахаҭарнакцәа, еиҭаҵуа ахраҿа иазылхыз аҭыҧ аҿы иқәдыргылеит, уи алагьы аицлабра аартуп ҳәа иҧхьаӡахеит. Атурнир аартраҿы иқәгылеит Адунеизегьтәи Аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы Мусса Егзагь, асенатор Римма Голушина, аетнолог Андреи Головниов, Аҧсны Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба. «Лассы-лассы ҳаибабо, ҳусеицура аҳәаақәа еиҳагьы иҭбаахо Анцәа ҳҟаиҵааит. Аҧсны ҳахьнеиуа зегьы ирзеиҭаҳҳәоит ари ахҭыс лаша, Аҧснынтәи  асалам ду шәзааҳгеит» - ҳәа азгәеиҭеит иқәгылараҿы Инар Гыцба.

Хырхарҭа рацәала имҩаҧысуаз аицлабрақәа ахәаҧшцәа ргәы шьҭнахыртә азҿлымҳара рыцын. Урҭ ирылахәыз зегьы, рымч – рылша иамеигӡакәан аиааира рҽазыршәон.  Ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа ажәлар маҷқәа рзы хырҳара ду рылоуп, аҿар еибадырдыруеит, аиҩызареи аибабареи рзы ацҳақәа хырҵоит.

Аҵыхәтәаны аицлабрақәа реихшьаала ҟаҵо, актәи аҭыҧ иаҧсахеит ақыҭа  Инџьықьчқәын ахаҭарнакцәа,  аҩбатәи Ҟәбина, ахҧатәи Ельбурган. Аҧснынтәи аҭыҧҳацәа ркоманда анапылампыл асразы актәи аҭыҧ ааныркылеит, ари уажәшьҭа хәышықәсоуп инеиҧынкыланы.

Аабатәи абаза хәмаррақәа реихшьаалақәа ҟаҵо зҽалызкааз иранашьан ахаҭыртә шәҟәқәеи, ахраҿақәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи. Афестиваль хыркәшан еицырдыруа абаза шәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт ала.

Афорум аҩбатәи амш ҧхынгәымза 23 рзы, уи алахәылацәа х-секциакны аус руан, досу ихадаратәу азҵаарақәа рҭак аҟаҵара рҽазыршәон. Актәии аҩбатәии асекциақәа рҿы ирылацәажәон акультура, абызшәа, атрадициақәа реиқәырхара. Ахҧатәи  аҿы ажәлар маҷқәа реиҭанаиааиреи реибабареи рзы шьаҿақәас иҟаҵатәу. Ари асекциа аҟноуп иахьықәгылаз Аҧсны ахаҭарнакцәа: ААУ  аҧсуа литература акафедра арҵаҩы еиҳабы, В. П. Анқәаб ихьӡ зху аҧсуа-адыга филологиа ацентр аиҳабы, агазеҭ «Аҧсны» аредақтор хада Ахра Анқәаб, ААУ апрофессор, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоқтор, ажурналист, ашәҟәыҩҩы Екатерина Бебиа, Жәлар Реизара адепутат Инар Гыцба, урҭ зегьы иқәгылаз азҵаарақәа рыӡбаразы рхатә знеишьа аадырҧшит, ирҳәеит ргәаанагарақәа. Еицҿакны иазгәарҭеит Аҧсуа-абаза конгресси «Алашареи» русура хра злоу, ҧхьаҟа еиҳагьы аихьӡарақәа ззыҧшу акы акәны ишыҟоу.

Иара убас, акультуратә-спорттә фестиваль иахәҭакны, ари амш аҩбатәи азбжазы, ақалақь Черкесск «Адгьылбжьаха иаҵәа» захьӡу абаҳчақәа руак аҿы имҩаҧысит абаза жәлар ркультура амши Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ амши разгәаҭара иазкыз агәырҕьаратә хәылҧазы. Уаҟа асахьаҭыхыҩцәа раҧҵамҭақәа, аҧсуа-абаза бираҟқәа, анапкымҭақәа, амилаҭтә фатәқәа, абаза жәлар рҭоурых иадҳәалоу еиуеиҧшым амаҭәахәқәа уҳәа узызҿлымҳахашаз даара ирацәан. Ахәылбыҽха «Адгьылбжьаха иаҵәа» иаҵанакуа амфитеатр аҿы имҩаҧысит жәлар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбльқәеи, еицырдыруа абаза шәаҳәаҩцәеи ралахәрала еиҿкааз ақәгыларақәа. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны агазеҭ «Аҧсны» аредақтор хада Ахра Анқәаб, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик А.А. Гәарамиеи, апрофессортә-рҵаҩратә еилазаареи астудентцәеи иара убас, агазеҭ «Аҧсны» аредакциа аусзуаҩцәеи рыхьӡала, агазеҭ «Абазашҭа» аредақтор хада Фардаус Кулова лиубилеии, агазеҭ «Абазашҭа» 85 шықәса ахыҵреи лыдиныҳәалеит, лнапы иаиркит аҳамҭақәа.

Аҧсуааи ҳашьцәа гәакьақәа абазақәеи ҳусеицура хәы змаӡам акы акәны иҟоуп. Аҭоурых ҳазхьаҧшны, ҳмилаҭтә ҷыдарақәа еиқәырхо, есымшааирагьы иааҳартлоит ҧхьаҟатәи ҳамҩа лаша. Ҳара иҳабжьоуп мца иазымбылуа, мшыцәгьа иазмырбго, адоуҳаи аидгылареи рыла ишьақәырҕәҕәоу аиашьаратә цҳа. Наӡаӡа иҟазааит уи ацҳа, иаҳхашәыршәырлааит ҳажәларқәа мрашәахәаҵас ирзыҧхо, зылыҧха ҳацу, ақьиареи агәыразреи иршьаноу иаарту амаҿагьы.


Мадина Амҷҧҳа

ААУ афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me