Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аахыҵ-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы

Август 8 азы Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы имҩаԥысит Аахыҵ-Уаԥстәыла иаҿагыланы Қырҭтәыла бџьаршьҭыхлатәи агрессиа 15 шықәса ахыҵра иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә.

Аԥсны Аахыҵ-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев иазгәеиҭеит иахьа 15 шықәса шҵыз аҭынчреи ауаатәыҩсеи ирҿагыланы ацәгьоура бааԥсӡа ахы аныҵнахыз аҽны инаркны. Убасҟан Қырҭтәыла еиҭах аҽазнашәеит Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар агеноцид рзыҟаҵара.

Ацҳаражәҳәаҩ дрылацәажәеит Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла ақәлара иашьҭанеиуаз ахҭысқәа, иара убас аибашьра амҩаԥысшьа.

Боциев иаҵишьит Аахыҵ-Уаԥстәыла ажәлар ҭабуп шахырҳәаауа, ахаангьы ишырхамышҭуа 2008 шықәса иуадаҩӡаз августтәи амш хьамҭақәа раан ацхыраара иааз Урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа, асолдаҭцәа, аофицерцәа рфырхаҵара. «Урҭ рфырхаҵара агәалашәара хьтәы нбанла Аахыҵ-Уаԥстәыла аҭоурых иагәылаҩуп», – иҳәеит Олег Боциев.

Иара иргәалаиршәеит ашьакаҭәара аанкылареи ақырҭуа агрессор иахьырхәреи ишрышьҭанеиз Урыстәылатәи Афедерациа анапхгара рҭоурыхтә ӡбамҭа, ареспубликақәа рыҩбагьы рҭоурых аҟны аҵак ду змоу хҭысны иҟалаз. 2008 шықәса август 26 азы Урыстәыла Апрезидент Дмитри Медведев Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит Ареспублика Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымра азхаҵаразы.

Иара убас уи иҳәеит Украина арратә операциа ҷыда мҩаԥызгауа Урыстәылатәи Афедерациа ишадгылауа.

«Уаԥстәылеи Аԥсни рҵеицәа, Урыстәыла милаҭ рацәала еилоу ажәлар инарылагыланы, стратегиала иаҳҩызоу Урыстәыла ашәарҭадара рыхьчоит. Ҳара ҳшәарҭадара зыхьчо аешьаратә Урыстәыла аҟны аизыҟазаашьақәа ҳарҿиалароуп, иҳарӷәӷәалароуп», – иазгәеиҭеит Ацҳаражәҳәаҩ.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин иазгәеиҭеит 2008 шықәса август 8 – зегьы рзы гәалашәаратә рыцхәны ишыҟоу.

«Ари – жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырҿиараҿы аамҭа ҿыц иахыҵхымҭоуп. Убасҟан ҵыхәаԥҵәала еилкаахеит анацистцәа ҿыццәа ажәала мацара рабашьра шамуа, анеонацизм адац-ԥашә шыҵжәатәу абџьар ала. Уи ҟаҵан Аахыҵ-Уаԥстәыла, убри аҩыза залмыршахеит Аԥсны», – иазгәеиҭеит Урыстәылатәи адипломат.

«Ҳиааирақәа зегьы уасхырс ирыҵагылоуп Аахыҵ-Уаԥстәылеи Аԥсни реидгыларатә еизыҟазаашьақәа. Абас иҟан, абас иҟоуп, абас иҟалоит. Усҟан президентс иҟаз Дмитри Медведев зныкымкәа иаҵишьхьан Урыстәыла анапхгара ирыдыркылаз аӡбамҭа шыуадаҩыз, аха ииасыз ашықәсқәа ишаҳдырбаз уи ииашоу мҩазаҵәыкны ишыҟаз, аиҭахәаԥшра шзалымшо», – еихишьалеит Урыстәылатәи Ацҳаражәҳәаҩ.

Аԥсны иҟоу Аахыҵ-Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь инеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба́, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ашәарҭадара Ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, атәылахьчара аминистр Владимир Ануа, адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра ахада Гарри Кәыпалба, Жәлар Реизара адепутатцәа.

Иҟаз зегьы минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит 2008 шықәса август азы иҭахаз.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me