Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Згарашәа зыҧсадгьыл иаҟәгахаз

Аҧсадгьыл даҽакы иазыҧсахуам. Ҳазну «аглобализациа аамҭа» зыхьӡхаз ашәышықәса аан, ҳажәлар рхеиқәырхара ахьалшо  ҳаҧсадгьыл аҟны шакәу зегьы ибзиаӡаны иҳаилкаарҭазароуп.

Иахьа аҟара иаҭахны иҟамлац ажәҩахыреибыҭара. Зыҧсадгьыли зуаажәлари аҧеиҧш бзиа рымазарц зҭаху зегьы Аҧсадгьыл аҟны рҽеидкылара иаамҭоуп.

«Ацәыӡқәа зегьы уҧшаауеит аҧсҭазаараҿы, урҭ зегьы еиҧшны рыхьҵәуара аҭахӡам. Ҳазшаз иуиҭаз умихуеит ианаамҭоу иара ишиҳәахьоу… Аха ухы уцәыӡыр иузыҧшаауам. Иахьутәу,  уахьеизгоу џьарак ауп, убри азоуп анызаҵәык дызҳаҭәеишьаз» – лҳәоит ҵабыргны ҳмилаҭтә доуҳа  иауасхыру, аҧсуа сахьаркыратә ажәа, қәҿиарала амаҵзуҩцәа ируаӡәку Инна  Аҳаш-ҧҳа.

Ирҳәоит ҳажәлар ахҵәара анрықәшәа, аҧсҭазаара гәыҕрала еибаркгәышьами, рӡыхьқәа ҿаҳәаны ицеит ҳәа.  Насыҧ имоуп ахынҳәра заҭәашьахаз, ихьышьҭроу, аҧеиҧш лаша иамҩоу зӡыхь ҩаҧхьа иззеиҵыхыз… Убри, зхықәкқәа раҧхьа изыргылоз, есымшааирагьы иамырҭынчуаз дреиуан Шьамтәылатәи аҧсуа диаспора иналукааша  аҧхьагылаҩцәа  ируаӡәкыз, еицырдыруа аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩы, жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы ақәҧараҿы зылша ҵаулоу аинрал-леитенант Уалид Ҳамди-иҧа Маршьан (Абаза) .

Уалид Маршьан диит август 1, 1948 шықәса рзы, Шьамтәылатәи  Арабтә Республика ақалақь хадақәа ируаку Аль-Кунеитра. Абжьаратә ҵара анхиркәша, арратә академиа далгеит қәҿиарала. 1967  шықәса раахыс бџьаршьҭыхла, уамашәа иубаша  агәаҕьреи аилҟьареи аарҧшуа ихьчон Шьамтәылатәи аҳәынҭқарра аҳәаақәа мраҭашәаратәи атәылақәа рҟны иазыҟарҵо атеррористтә гәыҧқәа рҟнытә. Далахәын Шьамтәылеи Израили реибашьра, убасгьы  Мрагылара Ливан ауаажәларратә еибашьра. Акыраамҭа аус иуан Сириатәи аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аиҳабы ихаҭыҧуаҩыс, аамҭаказ атәыла Ахадас иҟаз Хафиз Аль-Асад ( Башар Асад иаб) хаҭалатәи ихьчаҩыс дыҟан.

2005 ш. рзы атәанчарахьы диасуеит, аха 2011 ш. рзы Шьамтәыла аибашьра ианалага, хатәгәаҧхарала иаҧиҵоит шәҩыла аҧсадгьыл ахьчаҩцәа  еидызкылаз агәыҧ, шықәсқәак рнаҩс  иҧа еиҳабы – Халиҭ Маршьан ҧхьагылара ззиуз, ари агәыҧ  алахәцәа иахьа  уажәраанӡагьы руалҧшьа нарыгӡоит рыҧсадгьыл аҿаҧхьа. 2013 ш. рзы далхын  Шьамтәыла  уажәтәи Ахада, Башар Асад адгылара изҭо аполитикатә партиа «Арабтә социалисттә еиҭеира» ахантәаҩыс. Иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи  амшқәа рҟнынӡа  уи амаҵура  ныҟәигон.

Уалид Маршьан иабдуцәа рабацәа рџьынџь ахь абзиабара  данхәыҷыз аах-ысгьы ихдырраҿы иҟан. Иқәыҧшра инаркны  Аҧсныҟа  еимадарак злаиоуша амҩақәа рыҧшаара дазҿлымҳан. Раҧхьаӡа акәны уи иашьцәа  – Мамдух, Шьараф иара иеицны Аҧсны иаҭааит 1982  шықәса рзы. Уи анаҩс,  иҧсадгьыл гәакьа иҽамадара адацқәа есааирагьы рыҽдырҵаулон. Иҭоурыхтә ҧсадгьыли Шьамтәыла ибзазо зхыҧхьаӡара маҷҩым аҧсуа-адыга жәлахылҵшьҭрақәеи реимадара аус аҿы илагала даара иҵаулан. Уи арҵабыргуеит 1992-1993  шықәсқәа рзы ҳџьынџьхеиқәырхаратә еибашьра аан, аҧышәа змоу  аруаҩык  иаҳасабала иабжьгарақәеи имҩақәҵарақәеи. Аишьцәа реиҳабы Мамдух иҧа Ҳаисам хаҭала далахәын ари аибашьра, иааирҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы ианашьоуп Леон иорден.

Шьамтәыла ахьынӡанаӡааӡо зыӡбахә бзианы ирдыруа, хьтәы нбанла  атәыла аҭоурых зыхьӡқәа шәышықәсала ианызаауа Маршьанаа аишьцәа рыхҩыкгьы рыҧсҭазаара аҧсадгьыли ажәлари  рыхьчара акәын изызкыз. Аиҳабы Мамдух Шьамтәыла арра-ҳаиртә мчқәа ркомандаҟаҵаҩыс дыҟан, аинрал-леитенант ичын иман. Дҭахеит 42  шықәса дшырҭагылаз – 1982  шықәса рзы  арратә уалҧшьа анагӡараан.  Шьараф Маршьан Абаза – арратә ҳақьымын, Шьамтәылатәи жәлар реизарахь  (апарламент) хынтә далырххьан. Уалид иакәзар, Шьамтәылатәи аруаа рахьтә зегь раасҭа иқәыҧшны аинрал ичын  иаҧсахаз иоуп, 31шықәса анихыҵуаз. Иҧшәма  Џьансеҭ Казанба, Шьамтәылатәи жәлар реизара (апарламент) далахәылан, изныкымкәа даҭаахьеит Аҧсны.

Иҧсҭазаара далҵит 69  шықәса дшырҭагылаз, акраамҭа ихьуаз агәамбзиара иахҟьаны,    октиабр 14, 2017  шықәса рзы.  Иҧсыбаҩ анышә иамадоуп  Шьамтәылатәи  аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рпантеон аҟны.

Аҧсуа жәлари  Шьамтәылеи  рҵеи  лаша Уалид Маршьан Абаза ҳажәлар ргәалашәараҿы  даанхоит  наӡаӡа. Уи ихьӡ акамыршәразы   ианвар 24, 2019 шықәса рзы  Аҧсны Аҳәынҭқарра  арепатриациазы  Аҳәынҭеилакы ашҭаҿы  иаартын (еицырдыруа  аҧсуа скульптор  Витали Џьениа авторс дызмоу) ибаҟа.

2021  шықәсазы Аҧсны Аҳәынҭқарра  Ахада  Аслан Бжьаниа  зхадараҿы дыҟаз аделегациа  Шьамтәыла  раҭаараан, инеит Уалид иҭаацәара  ашҟагьы. Усҟан, Уалид иҧа – Ҳалид Аҧсны Ахада  ҳамҭас ииҭеит, иаб ихьӡала аруаҩ  иаҳәа. «Ари аҳәа ҳара ҳзы акырӡа аҵанакуеит, аха Уалид иабдуцәа рџьынџь аҳҭны-қалақь Аҟәа ибаҟа ахьықәыргылахази, ҳаҧсадгьыл гакьа гәыкала  ҳазыҟазаареи раҳаҭыразы», – ҳәа  аиҧылара хлыркәшеит  Џьансе Казанба.

Хә-змам ари аҳамҭа атәыла Ахада 2022 шықәса рзы Аҧснытәи  аҳәынҭқарратә музеи иаиҭеит, уи  иаҭаауа саси-ҧшәымеи зегьы  ирбартә еиҧш.

Ааи, аамҭа ахаҭа далнахуеит афырхаҵа. Убри азоуп ашәышықәсақәа урҭ рыхьӡқәа мырӡӡакәа иахьанӡа  изааргазгьы. Урҭ рхыҧша абиҧарақәа иҿырҧшыгоу ааӡагас ирымазаауеит.


 

Ахра Анқәаб

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me