Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеижьҭеи Кәыдры ҭадырцәижьҭеи 15 шықәса ҵит

Август 8 азы Аахыҵ-Уаԥстәыла аибашьра ианалагаз инаркны 15 шықәса ҵит. Уи иаиуит даҽа хьӡыкгьы – «хәымштәи аибашьра». 2008 шықәса август 8 ауха икахха ацәа иалаз Цхинвали уи акәша-мыкәшеи ақырҭуа ар «Град» ҳәа изышьҭоу аибашьыга бџьар ала ахымца рыжәырҵеит. Хықәкысгьы иҟаз акакәын: ареспублика цҟьа-шәҟьа ақәҵара.

Август 7 ахәылԥаз, 19:40 азы Михаил Саакашвили Қырҭтәыла ажәлар рахь ихы нарханы иҳәеит ахәылԥаз ақырҭуа архәҭақәа зегьы адҵа шриҭаз Цхинвалтәи арегион аҿы аҭак хымца аадмыртырц. «Исҭахуп абыржәы ақырҭуа полициаа иреихсуа рахь схы сырхарц. Ҭакԥхықәра дула исҳәарц сҭахуп сааҭқәак уажәаԥхьа даара иуадаҩыз аӡбамҭа шсыдыскылаз – хымцала аҭак аҟамҵара», – иаҵишьит Қырҭтәыла апрезидент гьангьаш.

Х-сааҭк ааҵуан Қырҭтәыла Аахыҵ-Уаԥстәыла иақәлеит.

Усҟан Аԥснгьы ашьамхы еиқәыршә итәамызт, наҟ-ааҟ аицхырааразы ирыбжьаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны абарҭ ахҭысқәа аҽрылархәразы еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа ирылацәажәон.

Аԥсны атәылахьчара Аминистрра архәҭақәа мрагыларатәи ргәыԥ Очамчыра араион, Гал араион аҟны рҽышьақәырӷәӷәара иаҿын.

Уаҩы ибон ауааԥсыра Аахыҵ-Уаԥстәыла ашьақәгылара иаҿыз аҭагылазаашьа агәҭынчымра шырнаҭоз, убри аҩыза Аԥсны иҟаларгьы шалшоз.

Қырҭтәыла анапхгара ақәгәыӷуан сааҭқәак рыла Аахыҵ-Уаԥстәыла ампыҵахалара, адырҩаҽны Цхинвал «аиааира згаз рпарад» амҩаԥгара. Аибашьраан ирбган, ааха рыҭан аҭынч уааԥсыра рыҩнқәа 745, ҩышә инареиҳаны анаплакқәеи аусҳәарҭақәеи рҳәын, иԥыххаа иқәҵан. Иҭахеит, ахәрақәа роуит шәҩыла акымзарак зхарамыз ауаа, убрахь иналаҵаны Урыстәылатәи аррамаҵзуҩцәа 72-ҩык.

Ацәыӡ дуқәа шаиузгьы Аахыҵ-Уаԥстәыла, уи ахьчаҩцәа рфырхаҵареи ргәымшәареи ирыбзоураны ршьамхы адмырсит. Агрессор мчыла аҭынчрахь акылгаразы Урыстәыла ианаамҭаз еихнагаз ашьаҿақәа ирыбзоурахеит анаҩстәи ашьакаҭәара аанкылара.


Август 7 азы Аԥсны атәылахьчара Аминистрраҿы имҩаԥысит астол гьежь, Кәыдры аиҩхаа аҩадатәи ахәҭа ахақәиҭтәразы аоперациа 15 шықәса ахыҵра иазкны.

Убри хықәкыла иалахәыз алацәажәеит ахақәиҭтәра аламҭалазы Кәыдры аиҩхаа аҭагылазаашьа, апланҟаҵара аҷыдарақәа, ацәыӡқәеи ауадаҩрақәеи рырмаҷразы еихыргоз ашьаҿақәа.

Ԥхьатәара иҟоу аинрал-маиор, атәылахьчара аминистр ԥасатәи ихаҭыԥуаҩ Гарри Кәыпалба иазгәеиҭеит 2008 шықәса август 8 азынӡагьы Қырҭтәыла аганахьала агрессиа ҟалар шалшоз узырбоз ахҭысқәа. Абри анаҩсангьы, 2008 шықәса август 4 азы Аҟәа дааит США ацҳаражәҳәарҭа арратә атташе, атәылахьчара аминистр Мираб Қьышьмариа диԥыларц азы. Иаара хықәкыс иаман Аахыҵ-Уаԥстәылан аҭагылазаашьа ҵархар, Аԥсны ахы шымҩаԥнаго аганахьала аинформациа аиура.

Кәыпалба иажәақәа рыла, аминистр атташе иеилиркааит Цхинвал аганахьала Қырҭтәыла агәҭакқәа Аԥсны ишырдыруа, абри аҩыза азҵаарагьы ииҭеит. «США иҟанаҵараны иҟоузеи Қырҭтәыла агрессиа мҩаԥнагар?». Атташе аҭак ҟаиҵеит иара итәыла аҭагылазаашьа иақәыӡбоит ҳәа.

«Америкаа Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа «ишақәыӡбаз» ҳара ибзианы иаадыруеит», – иҳәеит иара.

 

Кәыпалба иҳәеит ашәанцәеи дареи маӡала аицәажәарақәа шрымаз, урҭ шақәдыргәыӷыз Аԥсны анапаҵаҟа иҟаз адгьылҵакырахь Қырҭтәылантәи адиверсантцәа шынармышьҭуа, Аҩадатәи Кәыдры аҟны иахцаны иҟаз аиҳабыра рыртәара ишаԥырхагахоз.

Ԥхьатәара иҟоу аполковник, Кәыдры аҭарцәраан аштаб иеиҳабыз Сергеи Аршба 2008 шықәсазы Нхыҵ-Кавказ ишьақәгылаз аҭагылазаашьа дахцәажәеит. Уи игәаанагарала, арегион аҟны аҭагылазаашьа уадаҩын. Урыстәыла аҽазнашәон Кавказ аҟны ваххабизм аҿиара алмыршара, США акәзар, интересс иаман аҭагылазаашьа арҵарра. Адиверсиатә гәыԥқәа азыҟаҵан США-и, Евроеидгылеи, Ҭырқәтәылеи, Украинеи рыдгылара ала.

«Урыстәылеи Аԥсни ринтересқәа еиқәшәеит. Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала ҳара ҳҟны еиҿкаан агәыԥ ҷыдақәа Русбарҭеи аинформациа анапхгараҭара аҟәшеи. Иагьҳалшеит ақырҭцәа ржәылара ахырхарҭа мҩақәа рыԥҵәара, ажәакала ҳара ираԥаагеит», – иазгәеиҭеит иара.

Ԥхьатәара иҟоу аинрал-полковник, 2003 инаркны 2010 шықәсанӡа Аԥсны Арбџьар Мчқәа Рштаб хада аиҳабыс иҟаз Анатоли Заицев иаҵишьит 2008 шықәса август 8 азынӡагьы Аԥсны ишеилаҳкаауаз иазыҟаҵоу аруаа рымазаара шаҭахыз, убри азы хшыҩзышьҭра ду азун Аҟәатәи арратә ҵараиурҭа ацхраара, Урыстәыла арратә академиақәа рҟны аԥсуа офицерцәа аҵара дырҵара.

«Аҽазыҟаҵарақәа рацәаны имҩаԥаагон, апланқәа рҽеиҭаркуан, аха еилаҳкаауан аибашьраҵәҟьа аҽазыҟаҵара шаҭахыз, абри аҟнытә аруаа рыҩнуҵҟа гәынамӡарак ыҟамызт. Дарбанзаалак еилыхха идыруан иус», – иазгәеиҭеит иара.

Заицев иаҵишьит аԥсуаа шеибашьыҩцәаҵәҟьоу, зтәыла бзиа избауа.

Аинрал-маиор, атәылахьчара аминистр ԥасатәи актәи ихаҭыԥуаҩ, аршьаҟауаа рнапхгаҩы Закан Нанба агәра ганы дыҟоуп Кәыдры аҭарцәраан ақәҿиара шьаҭас ишамаз иазыҟаҵаз ар.

«Авиациеи артиллериеи ҳхы ианаҳархәа ашьҭахь, аԥхьа идәықәлаз иреиуоуп аштаб хада аԥшыхәратә усбарҭа аиҳабы Беслан Ҵәыџьба хадас дызмаз ажәыларатә гәыԥ аибашьцәа», – иазгәеиҭеит иара.

Нанба иаҵишьит иазыҟаҵоу аԥсуа ар акырӡа шрыҵаркуа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me