Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Абзиа уанашьцылалак…

Аҵыхәтәантәи аамҭазы аинтернет ахархәара аҧыжәара аго иалагеит, ауаажәлар рыҧсҭазаарагьы иахәҭакхеит. Уимоу, иара ада «ҧсы рхамкәан» иҟалеит.

Ҳәарада, аинтернет ахархәара даара излабзиоу, еиуеиҧшым аусқәа реиҿкаараҿы изламаншәалоу рацәоуп, аха хәарҭара ахьаламгьы ҟалоит, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны. Зегь раҧхьаӡагьы ауаҩы иблабара иаҧырхагоуп, амобилтә ҭелқәеи акомпиутертә техника ахархәареи аамҭа рацәа ахьақәдырӡуа азы. Уаанӡа ауаа еибабозҭгьы, еицәажәозҭгьы, уажәы еидтәалозаргьы, аӡәи-аӡәи еихәаҧшӡом, амобилтә ҭелқәа рыла аинтернет ишҭоу, рхәыцрақәа зегь уахь ишыҟоу, еиҿамҧшуа еидыҵуеит. Аха, аинтернет ахархәарагьы ус имариам, ахарџь рацәа агоит.

Еилкаауп аҵыхәтәантәи аамҭазы зегьынџьара ауаҩы ихы иаирхәозаалакгьы рыхәҧса ацлара ишаҿу.

Хаҭала, ҳара ҳаззаҭгыло, аинтернет «Система» акәзар, ааигәа ахәҧса шышьҭырххьазгьы, ииуль 1 азы иаалырҟьаны абоненттә хәҧса 600 мааҭ рҟынӡа ихаргалахьаз даҽа 150 мааҭ ацырҵеит. Уи аамҭазы, аинтернет «Система» ахархәаҩцәа аӡәырҩы ирзымбатәбарахеит, аӡәи-аӡәи еизҵаауа рҿаархеит. Абоненттә хәҧса 600 мааҭ зшәаз, ринтернет аус замуа аилкаара рҽазыркит, урҭ рахьтә ҳара ҳзыҿцәажәаз аӡәык-ҩыџьак ражәақәа рыла, уи аҭак роуит, иара «Система» аофис ахь аҭел ианас ашьҭахь. Хаҭала, арҭ ацәаҳәақәа равтор «аинтернет аобоненттә хәҧса сшәеит, аха аус ауӡом. Изыхҟьазеи?» ҳәа аҭел шьҭызхыз «Система» аусзуҩ илысҭаз азҵаара абас аҭак ҟалҵеит: «Мчыбжьык ҵуеит ахәҧса шышьҭаҳхыз ала смс-қәа ахархәаҩцәа ирзаҳашьҭижьҭеи».

«Аҩымсаг ахьынӡаҿыцу ибзианы иаҧссоит» – шырҳәо еиҧш, аинтернет «Система» раҧхьатәи ашықәсқәа рзы даара ибзианы аус ауан, иласын, иманшәалан. Уи Аҧсны атәылауаа рымаҵ ауеижьҭеи 15 шықәса ҵуеит. Аха аҵыхәтәантәи аамҭазы, аинтернет «Система» ахаҭабзиара хьысҳахо иалагеит, зны-зынла аимадара ыӡуеит. Издыруада, уажәтәи ахәҧса ашьҭыхра аинтернет ахархәара ахаҭабзиара аиҕьтәра иацхраауазар, уи акәзар мзызс иамоу?

Аинтернет «Система» абоненттә хәҧса ашьҭыхреи уи иадҳәалаз азҵаарақәеи рҭак аилкааразы ҳара ҳамҩахыҵит уи аҧҵаҩцәа ируаӡәку Дмитри Ҳалбад иахь.

Азныказы, Дмитри Ҳалбад ҳаҿцәажәара мап ацәикырц далагеит, акьыҧхь азы акәымкәан, ус шәызҵаарақәа рҭак ҟасҵоит, – иҳәеит. Аха, ҳаргьы ҳақәшаҳаҭымхеит. Ҳаиҿцәажәараан, уи агәра ҳарго инаҵшьны иазгәеиҭеит, шьҭа мызк шҵуа аинтернет «Система» ахатә саит аҿы абоненттә хәҧса шышьҭырхыз, алаҳәара шыҟарҵаз ала, иара убас атерминал аҿы ишанырҵаз абонент аинтернет ахәҧса анишәо, ибартә еиҧш.

«15 шықәса ҵуеит аинтернет «Система» ҳтәылаҿы ишьақәҳаргылеижьҭеи, ҳауаажәлар рымаҵ ауеижьҭеи. Ахаҭабзиарагьы ишахәҭоу иҟоуп, ҩнаҭацыҧхьаӡа аинтернет ахархәаҩцәа еиҧҟьарак рмоуртә еиҧш аҭагылазаашьа аҧҵара даара ҳацклаҧшуеит, ҳҽазаҳшәоит, ҳусура еснагь арҽеира, аиҿкаара ҳазхиоуп. 14 шықәса уи абоненттә ахәҧса 500 мааҭ шыҟац иҟан, аха, аҵыхәтәантәи ашықәс азы абыржәы ҩынтәуп ишьҭаҳхуеижьҭеи, адунеи аҟны иҟоу аиҭакрақәеи амзызқәеи инарымаданы.

Аинтернет ахаҭабзиара аиҿкаара, аиҕьтәразы еснагь аҿыцрақәа аҭахуп, ашьақәгылақәа рыла еиқәыршәатәуп. Абоненттә ахәҧса ашьҭыхра абарҭ амзызқәа роуп изызкугьы», – дҳацәажәон Дмитри Ҳалбад.

Иахьа ауалафахәы ада, иааҳакәыршаны зегь рыхәҧса ианацло аамҭазы, аинтернет абоненттә ахәҧса ишакәхалакгьы, ма ахаҭабзиара еиҕьхагәышьандаз!.. Ҳақәгәыҕлап аинтернет аусура ҭышәынтәалап ҳәа, уи ала ахаҭабзиарагьы еиҕьхап ҳәа, уи аҧҵаҩцәеи аусзуҩцәеи даара иманшәалоуп ҳәа ишыршьогьы!.. Абзиа зҭахымда, еиҳаракгьы уи уанашьцылахьоу?!..


Алиса Гәажә-ҧҳа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me