Аҧсны акапиталтә ргылара Аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба дрылацәажәеит Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара иазку Аинвестпрограмма инақәыршәаны абарҭ аобиектқәа рҟны имҩаҧгоу аусурақәа. Гагра араион ахадара аиҳабы ихаҭыҧуаҩ Адамыр Ҵышәба иазгәеиҭеит 830 метра инаӡо амшынҧшаҳәаҿы арҽеиратә усурақәҿа ргәы ишҭоу ҳаҧхьаҟагьы. Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр иибаз агәахәара инаҭеит. Ахәшьара бзиа риҭеит имҩаҧгоу аусурақәа. Решетников иҭахуп Акомплекстә, Аинвестициатә программақәа рыла Урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџь ала еиҭашьақәыргылоу аобиектқәа 10 раҟара рбара.
Иара убри аҽны Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетникови Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани афымцастанциа «Гагра-1» иаҭааит. Уаҟа атехнологиатә шьақәгылақәа ҧсахын. Уи мҩаҧган 2015-2017 шықәсқәа рзы Аҧсны асоциал-економикатә рҿиара ацхраара иазку аинвестициатә программала.
Акапиталтә ргылара Аусбарҭа Аиҳабы Ҭемыр Агрба иҳәеит ашьақәгыла рыҧсахаанӡа астанциа амҽхак ишартәоз 20 МВт, уажәы – 50 МВт. Гагра ақалақь ахәҭа хадеи ааигәа ишьҭоу ақыҭақәеи руааҧсыра 4,5 нызқьҩык рҟынӡа фымцала еиқәыршәахеит.
Решетникови Озгани рыхәаҧшит Гагра араион аҿы аӡышьҭрақәа. Уаҟагьы аусурақәа хацыркын Аинвестициатә программа инақәыршәаны. Аусурақәа зегьы хыркәшахоит 2024 шықәсазы.
Урыстәыла аекономикатә рҿиара Аминистрра ахада дызҭааз ахыбрақәа ируакуп Афонҿыцтәи ашкол, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара амалқәа рыла еиҭашьақәыргылоу. Ашкол данаҭаа ашьҭахь, иаазыркьаҿыз аинтервиу риҭеит ажурналистцәа: «Иахьа аныҟәара ҳаҿуп. Раҧхьаӡа акәны абрахь сааит. Гәык-ҧсыкала исҳәоит избаз аҧшӡарақәа, ара иҟоу аҭагылазаашьа сышхырхыз. Аҵыхәтәантәи жәаха шықәса рыҩнуҵҟала аусурақәа рымҽхак ду нагӡоуп, асоциалтә усхки анџьныртә инфраструктуреи робиектқәа 500 еиҭашьақәыргылоуп Урыстәыла афедералтә биуџьет ацхыраарала», – иҳәеит иара. «Ҳтәылақәа рнапхгаҩцәа рнапынҵала иҳаҩсыз амчыбжь азы аиҳабырабжьаратә еиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵаҳҩит, ари, иуҳәар ауеит, даҟьа ҿыцуп ҳәа. Ҳара хазу игоу зҵаарақәак рҭыҧ рықәҵара амҩала ҳҿынаҳхом, аусқәа зегьы ҳрызнеиуеит иааидкыланы, иааизакны. Ҳара иҳамоуп аҳәынҭқарра иалнаршаша аҟаҵарба хадақәа ирызку апрограмма. Даҽакала иуҳәозар, аиҭашьақәыргылара аҟнытә аҿиарахь ҳаиасуеит», – иазгәеиҭеит иара.
Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә рҿиара аминистр Максим Решетникови Аҧсны Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озгани аҭааит В.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баҕәаза «Аҟәа». Аилахәыра «Базовый Элемент» агәыҧ аиҳабы Алеқсеи Васильченко иреиҳәеит аҳаиртә баҕәаза ашьҭыҧраарҭа-атәарҭа цәаҳәа аҧышәара ишахрыжьыз. Уи аура наӡоит 3,6 км аҟынӡа. Џьара-џьара ҭыҧқәак рҿы ирыҕәҕәатәуп. «10 нызқь метр ҧшьыркца зҵазкуа акомплекс ҳаргылоит, уи иалшоит сааҭк ала 435-ҩык роушьҭра. Уи иабзоураны шықәсык 1,5 миллионҩык апассаџьырцәа рымаҵ аура алшо иҟалоит», – иҳәеит иара.
Росавиациа аҳаирбаҕәазатә усура аусбарҭа аиҳабы Алеқсандр Аверкиев иҳәеит, зегьы иара дышрықәдыршаҳаҭуа, атехникатә ӡбамҭақәа зегьы шыҟаҵахо.
Иара убас Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа диҧылаанӡа Мақсим Решетников даҭааит С.Ҷанба ихьӡ зху Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Урыстәылатәи афинанстә цхыраара ахарџьқәа рыла шықәсқәак раҧхьа шьаҭанкыла ирҽеиз. Решетников иибаз даара игәаҧхеит.