Мшаҧы 28, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рԥылара

Ииуль 28 азы Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа идикылеит Ҭырқәтәылан Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа. Аиԥылараҿы ирылацәажәеит аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рыԥсҭазаара, аекономика, Аԥсны адәныҟатәи аҩнуҵҟатәи аполитика хра злоу рызҵаарақәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада исаит.

Аиԥылара аартуа Аслан Бжьаниа иаҵишьит адиаспореи дара рҭоурыхтә ԥсадгьыли реимадарақәа рырӷәӷәара акырӡа шаҵанакуа. Аԥсуа культуратә центрқәа рхаҭарнакцәа аҳәынҭқарра Ахада иарҳәеит Аԥсны анапхгара инарыгӡауа апроектқәа инҭкааны ирбарцираҳарц агәаҳәара шрымоу, насгьы Ҭырқәтәылан аԥсуа диаспора акультуратә центрқәа русура атәгьы. Иара убас урҭ интересс ирыман ҳаирла аимадареи апартаментқәа рзинтә статуси. Аҳәынҭқарра Ахада инҭкааны идеилиркааит азҵаарақәа зегьы рҵакы, адиаспора ахаҭарнакцәа идеилиркааит зыӡбахә ҳәоу апроектқәа рыхәҭақәа. Адиаспора ахаҭарнакцәа атәыла Ахада иарҳәеит абарҭ апроектқәа рынагӡара инамаданы адиаспора рыҩнуҵҟа ашәарҭарақәа шыҟоу, иаҵыршьит адиаспора аамҭа-аамҭала ишрыдыргалауа Аԥсадгьыл аҭира иаҿуп ҳәа агәаанагара.

Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аиҳабы Мураҭ Махариа иазхеиҵеит апартаментқәа ирыз­ку азакәанпроект иацу аилыркааратә шәҟәы шизымдыруа. Уи дгәамҵны иҳәеит иара иажәақәа лассы-лассы ишеицаркуа.

«Абарҭ аиҿыхарақәа сдырааԥсеит. Ҳаԥхьаҟа сгәы иҭоуп аиԥыларақәа рҟны сҳәамҭақәа зегьы шәҟәыла ишьҭысхларц, исҭахуп Аԥсны Ахада имҩаԥигауа аполитикатә хырхарҭа сшадгылауа ала ателехәаԥшраҿы ақәгылара», – иҳәеит Махариа. Иара убас иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа раԥхьаӡа иргыланы интересс ишрымоу аҭынчра, аҭышәынтәалара, рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҿы ауаажәлар реидкылара.

Аслан Бжьаниа ҳџьынџьуаа агәра диргеит зыӡбахә рымоу ашәарҭарақәа шҵаҵӷәыдоу, убри аан иазгәеиҭеит жәлар ралхыҩцәа рҟны азакәанпроект алацәажәара игәы ишҭоу. Аслан Бжьаниа иҳәеит апартаментқәа ирызку азакәанпроект еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟны ишалацәажәахьоу, адепутатцәа ахәаԥшырц Жәлар Реизарахь инаргаанӡа. Убри аан, иаҵишьит Ахада, жәлар ралхыҩцәа алшара шрымоу апроект иаҭаху, ишьаҭарку арҽеирақәа ралагаларазы.

«Ажәалагалақәа шәымазар, жәаҳәарада, урҭ ирыхәаԥшхоит», – иҳәеит иара. Ахада ҷыдала иаҵишьит: аҳәаанырцәтәи атәылауаа адгьыл дырхәҳара алацәажәара ыҟаӡам, ҟалашьагьы амаӡам.

Аиԥылара анҵәамҭазы адиаспора ахаҭарнакцәа ирҳәеит дара еснагь ишидгылоз, ҳаԥхьаҟагьы ишидгылауа жәлары зегьы иалырхыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ҭырқәтәылан Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба, Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахантәаҩы Мураҭ Махариа, Ҭырқәтәылан аԥсуа диаспора абыргцәа Рхеилак аиҳабы Емиҭ Аҭеиба, Умиҭ Ашәба.

Ҭырқәтәылан Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа аԥҵан 2010 шықәсазы.


Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба дырԥылеит Ҭырқәтәылан Аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа.

Аиԥылара иалахәыз рылацәажәеит Аԥсны аҩнуҵҟатәи адәныҟатәи аполитика хра злоу атемақәа, иара убас Аԥсни Ҭырқәтәылан аԥсуа диаспореи реизыҟазаашьақәа ҳаԥхьаҟагьы рырҿиара азҵаарақәа.

Иара убас аиԥылара иалахәын жәларбжьаратәи апарламентбжьаратәи аимадарақәа, ҳџьынџьуаа рыҩнуҵҟа аимадарақәа рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Алхас Барцыц, Тырқәтәылан Аԥсны Аҳәынҭқарра азинамчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me