Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Ацхырааҩцәа Гагра инеит

Ииуль 11-12 рзы Амшын Еиқәа аҿықә аҿы иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны Аҧсны араионқәа аҧхасҭа ҕәҕәала изауз ҟалеит. Уахь иаҵанакит Гагра араион. Ақәа ҕәҕәа анаанымгыла аӡиасқәа хыҵит, аӡы ауаа рыҩнқәа ирыҩналеит, иҧнаҽыз, иҧхасҭанатәыз рацәахеит.

Аҽны аволонтиор Амина Адлеиба асоциалтә ҳақәа рҟны алаҳәара ҟалҵеит: «Уаҵәы асааҭ 10:00 рзы Аҟәантәи ицоит аволонтиорцәа Гагреи Лӡааи аҧхасҭа знаҭаз ауаа рыцхрааразы, ахалархәра агәа­ҳәара змоу аҭелла адырра ҟашәҵа» ҳәа. Хымш рышьҭахь аиҿкаарақәа «Ҳара Ҳпицундеи», аҿари аспорти русқәа рзы аилаки рыцхыраарала еиқәыршәан 25-ҩык аволонтиорцәеи, урҭ згаша амашьынақәа ҩбеи. Гагра ианнеи рҽыршеит гәыҧ-гәыҧла, Лӡаа, Ҧсахара, иара убасгьы ақалақь аҩныҵҟа.

Идрыцқьон аҩнқәа, абаҳчақәа. Рымч ахьынӡақәхоз иқәыргеит аҧшеи аӡи ихыржәаз аҵлақәа, ишаны ирырҭеит аӡыцқьеи, ачеи, ахәшәқәеи, асабицәа рхәы рызнаргеит.

Аҧсуаа жәытәнатә аахыс иаҳҟазшьоуп агәыҳалалреи, арыцҳашьареи, агәыразреи, аидгылареи, ҳаамҭазы урҭ шмыӡхьоу арҵабыргит ари ахҭыс. Арҭ 25-ҩык «афырхацәа» раамҭа иамеигӡакәаны, рхатә усқәа ирзымхәыцӡакәа арыцҳара иақәшәаз ирыцхраарц инеит. Алаҳәара ақәҿызҭыз рхыҧхьаӡара акыр еиҳан, аха жәаа зхымҵыцыз макьана ари аҩыза аус уадаҩ иаладмырхәит аӡә ида, жәеиза шықәса зхыҵуаз Агрба Леонид агәаҳәара ду ахьааирҧшыз азы мап ицәкра рылымшеит.

Абарҭ иреиҧшу гәыкала ирзыр­ҳәоит «Аҧсынреи аҧсуареи шәагымзааит» ҳәа.


Жасмин Гьерзмаа,

афилологиатә факультет

ажурналистика аҟәша

1-тәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me