Аԥсны аделегациа – Никарагуа

Абарҭ амшқәа рзы Аԥсны аделегациа рхы аладырхәит Сандинисттәи ареволиуциа 44 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьара.

Манагуа, Ареволиуциа ашҭаҿы имҩаԥысит акоманданте Даниель Ортега Сааведреи уи ихаҭыԥуаҩ Росарио Мурильиои ахьықәгылаз аныҳәатә концерт.

Аԥсны аделегациа ахада, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Џьопуа Ареспублика Никарагуа Ахада Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адныҳәаларатә шәҟәы ииҭеит.

Џьопуа Никарагуа анапхгара ҭабуп ҳәа реиҳәеит ганрацәала иҟарҵо адгыларазы, ажәлар ирзеиӷьаишьеит аҭынчра, аманшәалара.

Уаанӡа Манагуа америаҿы имҩаԥысит Аԥсны аиҳабыратә делегациеи Манагуа ақалақь ахада Реина Руедаи реиԥылара.

Реина Руеда иазгәалҭеит, Манагуеи Аҟәеи алшара дуқәа шрымоу аусеицуразы, ҳаԥхьаҟагьы аҳҭны-қалақьқәа рыбжьара аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара ргәы ишҭоу, – иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра амедиацентр.

«2021 шықәса ноиабр 1 азы Аҟәеи Манагуеи рыбжьара анапы зҵаҩыз аиқәшаҳаҭра иалнаршоит еиуеиԥшым аусхкқәа рганахьала аԥышәа аимдара», – иазгәалҭеит лара.

Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иҳәеит аҳҭны-қалақьқәа рыбжьара наҟ-ааҟ аизыҟазаашьақәа шыӷәӷәахауа, географиала акырӡа ишеицәыхароугьы.

«Ҳара аокеанқәа ҳаиҩыршоит, аха иаҳзеиԥшу рацәоуп. Ҳтәылақәа рсуверенитет иазықәԥон, ирыхьчон ихьԥшым ҳәынҭқаррақәаны иҟаларц азы рзин. Аԥсны жәлар рхаҿала ишәыдысныҳәалоит шәмилаҭтә ныҳәа – Сандинисттәи ареволиуциа 44 шықәса ахыҵра», – иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.

Беслан Џьопуа иара убас диԥылеит Никарагуа ақыҭа нхамҩа аминистр Боско Костилио. Уи далацәажәеит Накарагуа ақыҭанхамҩа аганахьала иамоу алшарақәа.

Иара иганахьала, Беслан Џьопуа еиҭеиҳәеит Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара атәы, иазгәеиҭеит абри аусхк аҟны аусеицура акырӡа шаҵанакуа.

Џьопуеи Костилиеи еицәажәеит ҳаԥхьаҟагьы аимадарақәа ишрыцырҵо ала.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me