Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Очамчыра араион ауаажәлар рԥылара

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ақ. ахь иныҟәараан ақалақь амшынԥшаҳәа арԥшӡаразы аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит.

Уаҟа ҭыԥк аҿы 3 нызқь метр ԥшьырқца раҟара ахаҳә шьҭарҵахьеит. Уи ахәԥса иартәоит 5 миллионки 250 нызқь мааҭ. Уажәы асасааирҭа «Амшынеиқәатәи абырлаш» аганахь ахаҳәчаԥа ықәырҵоит.

Аԥшаҳәаҿы еиҭарҳахьеит аҵлақәа, идыргылахьеит асқамқәа, агәам-сам ҭаԥсарҭақәа, аӡыршә уҳәа егьырҭгьы.

Аспорттә шҭа еиқәыршәоуп. Аусурақәа хацыркын апрель азы. Апроект ахәԥса – 1 миллионки 900 нызқь мааҭ артәоит. Амалқәа аушьҭуп аҭыԥантәи абиуџьет аҟнытә.

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион актив алархәны анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит.

Очамчыра араион ахадара аиҳабы Беслан Бигәуаа 2023 шықәса фымз рыҩнуҵҟала имҩаԥыргаз аусуразы аҳасабрба ҟаиҵеит.

Ажәахә дазыӡырҩны, Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ашәахтәқәа рылхра аганахьала аҟаҵарбақәа шҽеим, араион аҟны ахатәы бизнес аҿиара иаламгар, аиҵахарақәа еиҳагьы ишырацәо.

«Аҳәынҭқарра иалшаӡом хырҳарала анхамҩатә усқәа рымҩаԥгара. Ари аҳәынҭқарра анапы ианым, ари знапы иану ахатәы бизнес ауп. Абас ишьақәгылоуп аекономика, шәареи сареи ҳус – аекономика знапы алаку рхыԥхьаӡара аизырҳара ауп», – иҳәеит иара.

Аслан Бжьаниа еилкаарала дазнеит аԥсыӡ аус адызулауа анаплакқәа русура шмаҷхаз, ари иҽеим анырра шыҟанаҵаз ашәахтәқәа ралагаларахь. Абри инаваргыланы уи иазгәеиҭеит, егьырҭ аусхкқәагьы шырҿиалатәу.

«Абри азы иҟоуп ауаагьы, адгьылқәагьы. Уи аганахьала аимак-аиҿак ду мҩаԥысуеит. Ҳара иҳалшоит убри ҳацәцарц, ҳшынхац ҳанхаларц, рацәакгьы ҳбеиамкәа», – иҳәеит Бжьаниа.

Ахада рыхшыҩ азишьҭит аибашьра ашьҭахь Аԥсны идыргылаз, идырҽеиз рахьтә жәпакы шыҟаҵоу ҳхатәы малқәа рыла акәымкәа, Урыстәыла ацхыраарала. Урҭ иреиуоуп ахәыҷбаҳчақәа, ахәышәтәырҭақәа, ашколқәа, амҩақәа, афымцамч, арыцқьаратә ргыламҭақәа уҳәа.

«Ҳара даҽакала анхара-анҵыра ҳалшоит, иҳамоуп атуризм арҿиара иазку апрограмма, убригьы адкылара аҭахуп, аха ӷәӷәала иаҿагыло ыҟоуп. Урҭ рацәаҩым, аха дара иԥшӡаны, рыбжьы ҭганы ицәажәоит. Аха ирҳәо ҵабыргым, аекономика аҳәаақәа хара ирҭысуеит, ҳҳәынҭқарра иаԥырхагахауа акыр ирылацәажәоит. Ҳәарас иаҭахузеи, ацәажәара мариоуп, акгьы аҭак ҟамҵаӡакәа, ҳара, араион, аҳәынҭқарра анапхгаҩцәа, адепутатцәа, аҭакԥхықәра зду ауаа иаҳуалуп иахьа, абыржәы, абраҟа хықәкыла азҵаарақәа рҭыԥ рықәҵара», – иҳәеит Бжьаниа.

Уи иажәақәа рыла, ауаа ргәабзиара, аҵарадырра ахаҭабзиара, атәыла ашәарҭадара, арбџьармчқәа реибыҭара, аррамаҵзурахь анаԥхьара, уаҟа аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара иахьа иӡбалатәуп, аха ҳ-оппонентцәа уи алацәажәара рҭахӡам.

«Атуризм арҿиара, убри инамаданы апарт-сасааирҭақәа рзинтә статус иазку азакәан адкылара акырӡа зҵазкуа усны иҟоуп. Ҳара иҳарҳәоит апартаментқәа ирыцу ашәарҭарақәа шыҟоу. Аха абарҭ иҟаларц зылшо ашәарҭарақәа азакәан адкылараан иарбамзар, урҭ шыҟац иаанхоит. Абри азакәанпроект зырмазеиуаз, урҭ акыраамҭа аахыс аус адызулоз специалистцәоуп, ҳасаб рзыруан ашәарҭарақәагьы. Уаҟа ихадарақәоу зегьы адырбеит. Еиҭамҵуа акоммерциатә мазара шьҭызхырц зҭаху иауӡом аполитикатә зинқәа, Аԥсны атәылауаҩра. Ари апрограмма ԥкуп. Еиҭамҵуа акоммерциатә мазара ашьҭыхра азин имам Аԥсуа ҳәынҭқарра аҟазаара иақәшаҳаҭым, ҳара ҳҳәынҭқарра иаҿагыланы бџьаршьҭыхла мамзаргьы бџьарда ақәԥара мҩаԥызгоз. Еиҭамҵуа амазара заурц зҭаху аполитикатә зинқәа рымаӡам, урҭ Аԥсны иауааԥсырахарц залшом, изакәызаалак демографиатә шәарҭарак рыцым», – иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аслан Бжьаниа иаҵишьит араион аекономика шырҿиалатәу. Очамчыра амшын аԥшаҳәа ихшыҩ азишьҭит. Уажәы уи арҽеира иаҿуп.

Ахада иажәақәа рыла, Очамчыратәи астадионгьы иацхраатәуп. «Ари аобиект аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәа рреестр ианҵатәуп. Абраҟа ихәмаруан иналукааша аԥсуа спортсменцәа», – иҳәеит иара.

Ахада иазгәеиҭеит апарт-сасааирҭақәа рызҵаара аганахьала Очамчыра ауааԥсыра рҟнытә адгылара дшақәгәыӷуа, аимак-аиҿак шхыркәшахауа изыхәҭоу азакәанқәа рыдкыларала.

«Ибзиоуп, ауаа ааины ацхыраара ианаҳәо, иҽеим убри ауп, дара ҳрыцхраарц ахьҳалымшауа. Аусқәа абас ала рҭагылазаашьа ԥсахтәуп», – еихишьалеит Аслан Бжьаниа.

Ахада данықәгыла ашьҭахь, Очамчыра ауааԥсыра апарт-сасааирҭақәеи апартаментқәеи рганахьала ргәаанагара рҳәеит. Иқәгылоз аиҳараҩык азакәанпроект адкылара иадгылон, избанзар урҭ аекономика рҿиалатәуп, атәылаҿы аԥсҭазаара аҩаӡара еиӷьтәлатәуп ҳәа рыԥхьаӡоит. 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me