Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭҵаарадырратә, арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа рԥылара

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дырԥылеит аҭҵаарадырратә, арҿиаратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-амаҵзура.

Аиԥылара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иара еснагь дшадгыло аҳәынҭқарреи ауаажәларреи реицәажәара, иагьрыдигалеит гәаартыла еицәажәарц.

«Абасеиԥш иҟлу аиԥыларақәа еиснагь алҵшәа рымоуп. Атәыла аԥсҭазаара хра злоу азҵаатәқәа рганахьала шәара шәгәаанагарақәа, шәабжьгарақәа ҳара ҳзы акыр иаԥсоуп», – иҳәеит Ахада.

Аслан Бжьаниа далацәажәеит ҳаԥсҭазаара еиуеиԥшым аусхкқәа рганахьала аусқәа рҭагылазаашьа атәы.

Аҭҵаарадырратә хеидкыла ахаҭарнакцәа еиҭарҳәеит аҭҵаарадырраҿ иҟоу апроблемақәа, насгьы урҭ рҭыԥ рықәҵашьа амҩақәа. Аиԥылараҿ иара убас ирылацәажәеит хра злоу ҳаамҭазтәи азҵаарақәа.

Аиԥылара иалахәын Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Ахада Иусбарҭа анаԥхгаҩы Џьансыхә Нанба, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Валери Папба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Ахада Иусбарҭа аекономика аҟәша аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Алхас Аӡынба, арҿиаратә, аҭҵаарадырратә интеллигенциа рхаҭарнакцәа – аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьопуа, ақыҭа нхамҩа Аинститут аиҳабы, академик Лесик Аиба, Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет аекономика афакультет адекан Ева Озган, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут аиҳабы Роман Дбар, ауаажәларратә усзуҩ Руслан Џьопуа, асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Нугзар Логуа, Аԥсны аинтеллигенциа Реидгыла ахантәаҩы Нодар Ҷанба, аекономикеи азини Ринститут аиҳабы Заур Шьалашьаа.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me