Жәларбжьаратәи аҿартә турист-патриоттә форум «Иаку Кавказ» аусура мҩаԥысит ииуль 18 инаркны 21 азынӡа Ҟабарда-Балкартәи Ареспубликаҿы.
Афорум аҿаԥхьа уснагӡатәқәаны иқәгылоуп: атәылауаҩра-патриоттә, хәарҭара злоу аҿартә туризм аусхк аганахьала апроектқәа реиқәыршәара; Кавказ ажәларқәа рмилаҭбжьаратә, рдинбжьаратә усеицура арӷәӷәара; атуризми асасдкылареи уҳәа рырҿиараҿы аҿар рҵакы алацәажәара.
Афорум апрограмма иаҵанакуеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рганахьала аҵарадырратә ҭыԥқәа, апроекттә усура, иара убас атурист-еилыркааратә программа.
Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа дрыдныҳәалеит Жәларбжьаратәи аҿартә турист-патриоттә форум «Иаку Кавказ» иалахәу. Уи мҩаԥысуан Нальчик, Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика аҳҭнықалақь аҟны.
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иҳәеит: «Аԥсны анапхгареи ажәлари рыхьӡала гәык-ԥсыкала ҭабуп ҳәа иасҳәоит Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика Ахада Ҟазбеқ Валери-иԥа Коков сахьааиԥхьаз азы, насгьы акырӡа зҵазкуа, хәарҭара злоу аусмҩаԥгатә салахәхартәы алшара ахьсиҭаз азы.
Жәларбжьаратәи афорум «Иаку Кавказ» – аусеицуразы, аҿар рполитика аганахьала аидеиақәа рзы зеиӷьаҟаӡам ҭыԥуп, асеиԥш иҟоу аусқәа аҿар ирыланааӡоит Аԥсадгьыл абзиабара, аиашьаратә еизыҟазаашьақәа. Абри инамаданы, акырӡазҵазкуа уснагӡатәны иҟоуп Кавказ ажәларқәа русеицуреи ракзаареи рырӷәӷәаразы аконцепциа аус адулара. Аԥсны еснагь иазхиоуп Ҟабарда-Балкартәи Ареспублика аҟны хәарҭара злоу, акыр иаԥсоу аԥшьгамҭақәа рынагӡара активла аҽалархәра.
Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит, Аԥсны иара убас аҵак ду шарҭо атуризми асасдкылареи рырҿиараҿы аҿар иааныркыло аҭыԥ.
«Аԥсны Аҳәынҭқарра, иара аҿиараҿы атуризм аԥхьа иргыланы, иазхиоуп абри афорум инақәыршәаны аԥышәа аимдара, еицаҳзеиԥшу аԥшьгамҭақәа рышьақәыргылара.
Аҿар – ҳажәларқәа ԥхьаҟатәи рԥеиԥш роуп, атуризм арҿиараҿы урҭ рлагаламҭа ақәҿиареи ашәҭыкакаҷреи хымԥада ирышьаҭоуп», – иазгәеиҭеит адныҳәалараҿы.
«Афорум «Иаку Кавказ» иалахәу зегьы ирзеиӷьасшьоит лҵшәабзиала аусура, аинтерес зҵоу аицәажәарақәа, иқәыргылоу ауснагӡатәқәа ралыршараҿы агәацԥыҳәара.
Иарбанзаалак аԥшьгамҭа иаанашьҭуеит алҵшәақәа, ҳаиашьаратә республикақәа рыбжьара аимадарақәа арӷәӷәоит!» – иҳәеит Аԥсны Ахада.