Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Жәлар Реизара Аилак аҟны

Ииуль 24 азы Аԥсны Жәлар Реизараҿы имҩаԥысит жәларбжьаратәи апарламентбажьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рыҩныҵҟа аимадарақәеи рзы Аилак аилатәара.

Иҩаԥигон уи ахантәаҩы Алхас Барцыц.

Адепутатцәа ахәаԥшит «В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәаза «Аҟәа» аусура аларгареи ҳаԥхьаҟагьы ахархәареи рзы Урыстәылатәи аиуристтә хаҿы иганахьала аинвестициатә проект анагӡаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиҳабыреи Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыреи рыбжьара Аиқәышаҳаҭра аратификациа азы» азакәан апроект. Уи иацу аилыркааратә шәҟәаҿы иазгәаҭуп аиқәышаҳаҭра ишымҩақәнаҵауа Урыстәылатәи аиурист хаҿы иганахьала аинвестициатә проект анагӡара азҵаарақәа, иагьҳәаақәнаҵоит аганқәа рзинқәа, рхыдҵақәа.

Азакәанпроект алацәажәара рхы аладырхәит иааԥхьаз Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, уи лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб, Жәлар Реизараҿы Ахада ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Аилатәара аихшьалақәа рыла Аилак алахәылацәа иазырыӡбеит абри азакәан апроект Жәлар Реизара ааигәаӡатәи аиалатәараҿы адкыларазы инарышьҭырц.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me