Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәа, ииуль 23 аҽны

Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ амшныҳәа иазкын маланыҟәала, автомашьынала аиԥхныҩларақәа. Ихацыркын Аҟәа, Ахақәиҭра Ашҭа аҟны.

Урҭ зегьы рҿынархеит Алада Ешыра ақыҭа аҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал ахь, инышәынҭраҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит. Анаҩсан, машьынала аныҟәара иалахәыз рҿынархеит асахьаҭыхҩы, Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ автор Валери Гамгиа игәалашәара ҳаҭыр ақәырҵарц азы Очамчыра араион Кәтол ақыҭа ашҟа.

Аныҟәара иалахәын 200-ҩык инареиҳаны, убарҭ рхыԥхьаӡараҿы «Альфардклуб», амотоциклистцәа рклубқәа «Абрек», «Аинар», аилазаара «Ridedike Apsny» амаланыҟәцаҩцәа.

Аиԥхныҩлара иалахәыз имҩаԥыргон Аҳәынҭавтоинспекциа аусзуҩцәа.

Ахәылԥаз, Амҳаџьырцәа рԥшаҳәаҿы имҩасит Аԥсны аҭоурыхтә бираҟқәа зхашәыршәыруаз аҽыуаа. Урҭ рымҩа ахы акит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа инаркны Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху Ашҭа аҟынӡа. Иара убраҟа имҩаԥысит Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш иазкыз аконцерт.

Ахореографиатә, ашәаҳәаратә коллективқәа, аԥсуа естрада артистцәа рықәгылара аламҭалазы асценахь инаргеит абираҟқәа 16. Аконцерт мҩаԥызгоз Алхас Манаргиа иаазыркьаҿны урҭ рҭоурых еиҭеиҳәеит.

Аконцерт иаҭааит Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниеи уи ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟи Агерби шьақәырӷәӷәан 1992 шықәса ииуль 23 аҽны Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы.

Абираҟ Амш Аԥсны ақалақьқәа, араионқәа зегьы рҟны инарҭбааны иазгәарҭеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me