Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш

Аԥсны Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш.

Уаҟа иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу ҳџьынџьуаа!

Иахьа иазгәаҳҭоит Аԥсны Аҳәынҭ­қарратә Бираҟ Амш. Абри амш шьахә аҽны иаҳгәалаҳаршәоит 1992 шықәса ииуль 23 азы Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аилатәараҿы аҳәынҭқарратә бираҟи агерби анышьақәдырӷәӷәоз.

Ари абираҟ ҟалеит ахатәымҩа алхреи ахьыԥшымреи рзы ҳақәԥара иаҵакы хаданы.

Абираҟ анышьақәдырӷәӷәа ашьҭахь хымчыбжьа ааҵуаны аибашьра иалагеит. Уи ԥышәара хьанҭахеит ҳажәлар рзы. Ауадаҩрақәа зегьы ирцәымшәакәа, Аԥсны жәлар ирылшеит рхьыԥшымра ахьчара, аибашьраҿы аиааира.

Ҳазну ашықәс азы Аԥсны Аҳәынҭқарра иазгәанаҭоит иҿыцӡоу ҳҭоурых ҳәаақәызҵаз Аиааира 30 шықәса ахыҵра.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟ – ари аҳәынҭқарра иасимвол ԥшӡаны мацара иҟам, раԥхьаӡа иргыланы, уи иаҳгәаланаршәоит зхы иақәиҭу атәылаҿы анхара-анҵыразы, аизҳазыӷьаразы, ахәыҷқәа рааӡаразы ҳарҭ ҳахьтә дарбанзаалак иҭакԥхықәра. Ҳарҭ зегьы иаҳзеиԥшу усуп – Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ираҭәоу аԥсҭазаара рымазарц азы иааҳалшо зегьы аҟаҵара!»

Акыр иаԥсоу ҳџьынџьуаа! Абри амш шьахә аҽны Аԥсны атәылауаа, ауааԥсыра, аҩызцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, ашәҭыкакаҷра, акзаара.


Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш. Уаҟа иазгәаҭоуп:

Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа!

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ишәыдырныҳәалоит Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш!

Ҳреспублика ухаҿы иузаагом уи аҳәынҭқарратә символқәа – абираҟи, агерби, агимни рыда. Урҭ иахәҭаҵәҟьоу аҭыԥ ааныркылоит ҳтәыла аҳәынҭқарратә ԥсҭазаараҿы, дарбарзаалак атәылауаҩ иԥсҭазаараҿы.

Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш – ари шәареи ҳареи зыргылара ҳаҿу ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых ауп. Уи иҵабыргыҵәҟьаны жәлары зегьы ирныҳәаны иҟоуп, инарҭбааны иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы мацара акәымкәа, хара уи анҭыҵгьы. Ҳара ҳбираҟ азы агәадура ҳамоуп, уи ианубаалоит аԥсуа жәлар рҭоурыхтә гәалашәара, рпатриотизм, рфырхаҵара, реилаҵәара.

Аԥсуа бираҟ ҳаԥхьаҟагьы ҳаиднакылалоит, иҳаԥхьоит зхы иақәиҭу, иӷәӷәоу ҳџьынџьтәыла ахьӡала ақәҿиара ҿыцқәа рахь.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me