Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Знык – зынчара

Аԥсныпресс. Ауаажәларратә еиҿкаара «Абхаз Деск» аекологиатә проект «Адунеи агәамсам аҟынтәи еиқәҳархап» («Don't litter it makes the world bitter», «Спасем мир от мусора») аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҟәа ақалақь аҿы ишьақәнаргылеит апластик аизгареи ҩныда иҟоу аԥстәқәа крырҿаҵареи рзы смарт-аппаратқәа ҩба. Урҭ апластик иалху аԥатлыка рҭаужьцыԥхьаӡа ԥстәык азы зынчара аанашьҭуеит.

Аппаратқәа руак Аҳабла Ҿыц аҿы идыргылеит, егьи – Алашарбага аҳабла, Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аекологиа Аинститут иахьаҵанакуа. Абас ала, активистцәа хылаԥшрада иаанхаз аԥстәқәа ррыцҳашьареи, ацхыраара рыҭареи, агәамсам еилыхны аизгареи, ацрыҵқәа аус рыдулареи иадҳәалоу атрадициа шьахә ашьақәыргылара шалыршахо азы агәыӷра шрымоу аадырԥшуеит. Еизгахо апластик анаҩстәи аус адуларазы аилазаара «Еко Аԥсны» иатәу аҩынтәтәи аӡа адкыларҭахь идәықәҵахоит. Апроект «Адунеи агәамсам аҟынтәи еиқәҳархап» Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҿиара Апрограммеи жәларбжьаратәи аҿиаразы Швециатәи Амаҵзуреи адгылара зырҭо апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me