Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҟәафон – 20 шықәса

Ииуль 15,2023 шықәсазы аила­хәыра «Аҟәафон» иахыҵит 20 шықәса.

Аҟәафон – Аҧсны раҧхьаӡатәи амобилтә оператор ауп. 20 шықәса қәҿиарала аимадаратә џьармыкьаҿы аусура – ари еихьӡара дууп иарбан хеидкылазаалак азы. Имаҷу аоператорк иаҳасабала иалагаз Аҟәафон – Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы амобилтә еимадара аусхк аҟны иаҧхьагылоу ак акәны иҟоуп ҳаамҭазы. Аҟәафон ҳтәылаҿы аҧсҭазаара иаланарҵәоит ҳаамҭа иашьашәалоу аимадаратә стандартқәа. 2014 шықәсазы аилахәыра Аҟәафон азы еихьӡара хаданы иҟалеит, усҟан дара иаларгалоит ахархәарахь амобилтә еимадара аҿиара аетап ҿыц – атехнологиа 4G (LTE) ахь аиасра. Уаанӡатәи абиҧарақәа рмобилтә еимадара иаҿырҧшны уахәаҧшуазар, уи иалшоит иҳараку аласрала адыррақәа рышьҭра, убри азы аилахәыра Аҧсны аҵакырадгьыл аҟны ишьақәнаргылеит LTE абазатә станциақәа маҷымкәа.

Аилахәыра иара убас ахы рыланархәуеит ҳтәылаҿы имҩаҧсыуа еиуеиҧшым асоциалтә, аспорттә, акультуратә усхкқәа рырҿиара, уи асоциалтә программақәеи актуалра злоу ауаажәларратә социал-економикатә проблемақәеи рыӡбара иацхраауеит.

 2014 шықәса аахыс Аҟәафон адгылара анаҭоит акультуратә-гәыҳалалратә фонд «Ашана» имҩаҧнаго акциа «Аҧсҭазаара еицеиқәҳархап».

10 шықәса раҧхьа имҩаҧысхьаз, ҳазҭо ашықәс азы еиҭахацаркыз аестрадатә шәаҳәара иазку конкурс «Apsny Star» амҩаҧгараҿы ацхыраара ҟазҵаз дара роуп.

Иара убасгьы иҳаҩсыз амшқәа рзы еицырдыруа аҭоурхҭҵааҩ, археолог Анзор Агәмаа ишәҟәы «Ижәытәӡатәиу Аҟәа» аӡыргара мҩаҧыргеит. Уи ашәҟәы азикит Аҧсны аҳҭнықалақь ажәытә ҭоурых, араҟа иуҧыло еиуеиҧшым ахыбрақәеи аргыларақәеи иахьазы имаҷны иуҧыхьашәо рфотасахьақәа рыла ихарҭәаауп. Аӡыргара мҩаҧысит Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа драмтеатр ахыбраҿы.    

Ари аамҭа иалагӡаны Аилахәыра еиҿнакаахьеит аусмҩаҧгатәқәа маҷымкәа. Аҟәафон акырынтә аматериалтә цхыраара рна­ҭахьеит Аҧсны ауааҧсыра: згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа, аибашьра аветеранцәа, ахымхәацәа, зматериалтә ҭагы­лазаашьа ҧсыҽу, ахшаара рацәа зааӡо аҭаацәарақәа, аспортсменцәа уҳәа убас иҵегьы.

2006 шықәса инаркны еиҿкаау астипендиатә программа инақәыршәаны Аҧсны Аҳәынҭқарратә университети иара убас, Урыстәыла аҵара зҵо астудентцәа – аспортсменцәеи астипендиа рзыршәоит.

20 шықәса рыҩныҵҟа иаарҧшу алҵшәақәа уреигәырҕьартә иҟоуп аиашазы, урҭ зыбзоуроу аилахәыра аусзуҩцәа роуп. Аҧхьаҟагьы агәабзиареи аҧсҭазааратә маншәалареи рзеиҕьашьо, ҳауаажәларратә бзазараҿы аихьӡара ҳаракқәа раарҧшра шрылшо агәра аагоит.


илена Сниатовскаиа, ААУ афилологиатә факультет, ажурналистика аҟәша 2-тәи акурс астудент

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me