Лаҵара 02, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Алаҳәарақәа

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидиум ирыланаҳәоит 2023 шықәса, цәыббрамза нҵәаанӡа ишымҩаԥгахо ААР аҟны алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхра.

Аҭыԥқәа еихшоуп аҭҵаарадырра анаҩстәи аҟәшақәа рыла:

5 ҭыԥк – ААР алахәыла иашақәа (академикцәа) рзы:

                      4 – агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыла;

                      1 – аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыла.

5 ҭыԥк – ААР алахәыла-корреспондентцәа рзы:

                      4 – агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыла;

                      1 – аԥсабаратә ҭҵаарадыррақәа рыла.

ААР алахәыла иашақәеи (академикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ркандидатурақәа рықәыргылара азин рымоуп ААР Аинститутқәа рҵарауаа рхеилакқәеи рыҭҵаарадырра-техникатә хеилакқәеи, егьырҭ аҳәынҭқарратә ҭҵа­ара­­дырратә усбарҭақәа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рҵарауаа рхеи­лакқәа, иара убас ААР алахәыла иашақәа (академикцәа) дара зҵазкуа ААР аҟәшақәа рыла.

Ақәыргыларақәа раан изықәныҟәатәу документ хаданы иҟазаауеит акандидатурақәа шықәыргылатәу, ианы­қәыргылатәу, документқәас иадгалатәу зныԥшуа «Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҿы алахәыла иашақәеи (ака­демикцәеи) алахәыла-корреспондентцәеи ралхрақәа ирызку аԥҟарақәа». Аԥҟарақәа ҭоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа асаит аҟны (http://akademra.org/).

Иаҳа инҭкаау адырраҭаразы шәадҵаал ААР апрезидиум абри аҭыӡҭыԥ ала: Аҟәа ақалақь, акад. Н.И. Марр имҩаду, 9. Аҭел: +7(940) 770–63–54; +7(940) 927–26–67. E-mail: Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.


 

Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ирыланаҳәоит 2023–2024-тәи аҵарашықәс азы аспирантурахь адкылара шыҟало абарҭ азанааҭқәа рыла:

  1. «Аџьынџьтәыла аҭоурых. Аҧсны аҭоурых» (07.00.01) – ҭыҧк (1);
  2. «Аҳәынҭқаарратәи амуниципалтәи напхгараҭара» (5.2.7.) – ҭыҧк (1);
  3. «Иаарту-азинтә (аҳәынҭқарра-зинтә)» ҭҵаарадыррақәа рыла (5.1.2). – ҭыҧк (1);
  4. Аспирантура аҭаларазы арзаҳал ҩтәуп Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезидент ихьӡала. Арзаҳал иацҵатәуп анаҩстәи адокументқәа:

– иреиҳау аҵаразы адипломи уи агәлаҵеи рыхкьыҧхьлаа;

– азҵаабӷьыц (анкета);

– аспециалистцәа ҿарацәа рзы – изылгаз аҵараиурҭа Аҵарауаа рхеилак аилатәара аҧкаанҵа агәылҩаа;

– иалху азанааҭ ала арефарат (кьыҧхь бӷьыцк рҟынӡа) иазҧхьагәаҭоу аҭҵаарадырратә напхгаҩы ихҳәаа ацҵаны;

– акьыҧхь збахьоу аҭҵаарадырратә усумҭақәеи, анџьнырра-техникатә ҧҵамҭақәеи аҭҵаарадырратә усура аҳасабырбақәеи рсиа;

– амедицинатә ршаҳаҭга (286-тәи аформа);

– апатреҭқәа 4 (шәагаала 3х4 иҟоу);

Атәылауаҩшәҟәи иреиҳау аҵаразы адипломи хаҭала ицәыргатәуп.

Адкыларатә ҧышәарақәа мҩаҧгахоит 2023 шықәса, абҵарамза 14 инаркны ҧхынҷкәынмза 11-нӡа;

Аҧышәарақәа қәҿиарала ирхысыз аспирантура иахыҧхьаӡалахоит 2024 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны.

Адокументқәа рыдыркылоит 2023 шықәса, цәыббрамза 1 инаркны жьҭаарамза 2-нӡа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәшаҿы абри аҭыӡҭыҧ ала: Аҟәа ақ., ак. Марр имҩа, 9; аҭел: 921–80–88. 226–69–76; Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.

ААР аспирантуреи акадрқәа разыҟаҵареи рыҟәша

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me