Иара убас Аҷара инхо аԥсуаа рҿгьы зныкымкәа қәҿиарала афольклортә експедициақәа мҩаԥигахьеит.
Атекстқәа ранҵараан иусушьа ҿырԥшыгоуп. Досу ажәабжьҳәаҩ иҟазшьа гәаҭаны, еилкааны, иацәажәашьа лассы иҽақәиршәоит, ҳаҭырқәҵарала, аамысҭашәала, азҵаарақәа иҭаны иидыруа игәалашәартә дҟаиҵоит. Ш.Хь. Салаҟаиа ианҵамҭақәа хьаҳәаԥаҳәада рыгәра угартә аҵарадырратә принцип хадақәа ирҭаршәны иҟаҵоуп. Аашьараки ааԥсараки инмырԥшӡакәа досу ажәабжьҳәаҩ ииҳәаҵәҟьо, ажәак иадамзаргьы иаҩмыжькәа, еиԥкааны ақьаад ахь ииаигоит.
Иаҳхысыз аибашьра хлымӡаах аҵарауаҩ иеизгамҭақәа аматериалқәа акыр шицәалаблызгьы, иеиқәирхазгьы маҷым. Сара исҭахын (са сыдагьы иколлегацәа зегьы ирҭаху усуп) иахьынӡалшо ала ирласны урҭ аматериалқәа акьыԥхь иазырхианы иҭыжьзар. Урҭ ркьыԥхьра, хымԥада, иахьатәиқәагьы, уаҵәтәигьы абиԥарақәа рзы ихәарҭа дууп».
Сергеи ЗЫХӘБА, академик
«Шоҭа Салаҟаиа аҧхьаӡа акәны аҧсуа фольклор аҿы хыҧхьаӡаралагьы ҵакылагьы зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау ажанр – афырхаҵаратә епос нагӡа-аагӡаны иҭиҵааит. Аусумҭа шааҭыҵыз еиҧш, Аҧсынгьы аҳәаанырцәгьы аҵарауаа еицгәарҭеит, иазҿлымҳахеит, еиуеиҧшым арецензиақәа азыркит.
Ш. Салаҟаиа илагала дууп аҧсуа литературатә критикеи алитература аҭоурыхи рҿгьы. Аҧсуа литература актуалтә зҵаарақәа, иара убас хаҭала апоетцәеи ашәҟәыҩҩцәеи ирызкны иҭижьит алитература-критикатә статиақәеи аочеркқәеи згәылоу еиуеиҧшым аизгақәа. Урҭ зегьы аҧсуа литературатә критикеи алитератураҭҵаареи рышьақәгылареи рыҿиареи ирышьагәыҭхеит, акырӡа еихарҳаит. Ш. Салаҟаиа, авторк, редакторк иаҳасабала, еиуеиҧшым алитературадырратә усумҭақәа раҧҵара далахәын. Иҭҵаарадырратә усумҭақәа кьыҧхьуп Аҟәа, Москва, Санкт-Петербург, Қарҭ, Ереван, Иакутск, Кишиниов, Нальчик, Маикоп, Черкесск убас акырџьара. Бжеиҳан урҭ аматериалқәа иара хаҭала дызлахәыз, адунеижәларбжьаратәи, арегионтә, ареспубликатә уҳәа аҭҵаарадырратә симпозиумқәа рҿы иқәгыларақәа роуп. Ш. Салаҟаиа иҭҵаамҭа ҵаулақәеи иҟазшьа бзиеи ирыбзоураны, аҵарауаа рыбжьара авторитет ду иман, ҷыдала ҳаҭыр иқәын, аҵарауаа нагақәа аӡәырҩи иареи арҿиаратә еимадарақәа ааигәаны ирыбжьан. Ш. Салаҟаиа ианакәзаалак згәы аартыз, ауаа бзиа ирбоз, бзиа избоз ҵарауаҩын, иавторитет ҳараки ирҿиаратә лшарақәеи зегьы еицгәарҭахьан».
Зураб ЏЬАПУА, академик
«Ш.Хь. Салаҟаиа иусумҭаҿы дырзааҭгылоит «Нарҭаа» репос ахылҵшьҭра атеориа азҵаарақәакгьы… Автор игәаанагарала, «кобантәи (кавказтәи – А.Г.) акультура аԥҵаҩцәеи аԥсуа-адыга еимышьҭрақәа рхылҵшьҭрақәеи анкьа зны иаку етникатә еилазаарак иаҵанакуан, убасҟан ауп нарҭаа репос анышьақәгылаз, ашьҭахь, аимышьҭрақәа рҽеиҟәыҭхара инамаданы досу ажәларқәа рҟны амилаҭтә ҿиара анаиуз, аха аханатә иамаз ашьаҭа ԥсахра амамкәа еиқәхеит».
Инеизакны Ш.Хь. Салаҟаиа иусумҭаҿы аԥсуа нарҭтә епос аинтерес аҵоуп, насгьы ицәыригоит азнеишьа ҿыцқәеи афактқәеи».
Асқер ГАДАГАТЛЬ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор
«Аепикатә сиужетқәа еиҿырԥшны рыҭҵаараҿы аҵак ду рымоуп Ш. Хь. Салаҟаиа иусумҭақәа.
Хкы-хкыла аепикатә формақәеи асиужетқәеи еиуеиԥшым аепосқәа рмотивқәеи рарбагақәа рышьақәгылашьеи ԥхьаҟазы реиҿырԥшразы хымԥада хәҭа-хәҭала ирыхәаԥшлатәуп акрызҵазкуа асиужеттә елементқәа».
Никита ПЕТРОВ,
афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат