Лаҵара 03, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Шьарда зылзыршаз

Иналукааша аԥсуа ҵарауаҩ афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, академик Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа диижьҭеи 90 ш. ҵит.

Абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз аҵарауаҩ, афольклорист, алитератураҭҵааҩ, акритик хатәра илагала дууп аԥсуа ҭҵаарадырраҿы.

1933 ш. ииуль 18 рзы Очамчыра араион ҭхьына ақыҭан ииз Ш. Салаҟаиа 8-шықәсатәи ашкол аҟны иҵара анхиркәша Аҟәатәи арҵаҩратә ҵараиурҭа даанахәоит. 1952 ш. акәзар, А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи арҵаҩратә институт қәҿиарала дҭалоит. Ибзиаӡаны аҵара ахьиҵоз аҟнытә Ленин истипендиагьы иоуан. Иҵара анхиркәша, 1956 ш. афольклористика азанааҭ ала қарҭ аспирантура даанахәоит.

Аҵарауаҩ 1965 ш. Москва, А. М. Горки ихьӡ зху адунеитә литература аинститут аҟны ихьчоит акандидаттә диссертациа. Уи 1999ш. аангьы ари аинститут аҟны адоктортә диссертациа ихьчоит.

60 шықәса инарыцны Ш.Салаҟаиа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи аԥсуаҭҵаара аинститут аҟны аус иуит. Акраамҭа инеиԥынкыланы аинститут аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩс ды­ан. 1960-тәи ашықәсқәа инадыркны инапы алакын иара убас Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аҵара-ааӡаратә усура. Аԥсуа фольклори, алитературеи, Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рлитературақәеи рзы алекциақәа дрыԥхьон. А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟнгьы аамҭак азы алекциақәа дрыԥхьон. Илиршаз рацәоуп Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ашьақәгылареи аҿиареи рҟны. 1998-2013 шықәсқәа раан уи аҵарауаҩ-маӡаныҟәгаҩ хадас даман, аҵыхәтәан – академиа ахадара далан. Аҭҵаарадырра аганахьала Гь. А. Ӡиӡариа ихьӡ зху апремиа рыҭаразы акомиссиа ахантәаҩыс дыҟан ианаԥырҵаз (2005) инаркны.

Академик иҭҵааратә усура мҽхакы ҭбаала еиларсын. Жәлар рҿаԥыц ҳәамҭақәа реизгареи ранҵареи аганахьала, насгьы аԥсуа фольклор аепикатә жанрқәа рыҭҵаараҿы шьарда илиршеит. Имонографиақәа «Аԥсуа жәлар рфырхаҵаратә епос», «Аԥсуа нарҭтә епос» рыӡбахә ада умҳәаӡаргьы аҭҵаарадырраҿы илагала ду ҟаиҵеит.

Афольклорҭҵаараҿы еиԥш, аҵарауаҩ деицырдыруеит литератураҭҵааҩык, критикк иаҳасабала. рырҿиамҭақәа дрыхцәажәахьан ашәҟәыҩҩцәа: Д. Гәлиа, С. Ҷанба, И. Коӷониа, Ӡ. Дарсалиа, М. Аҳашба, И. Папасқьыр, Б. Шьынқәба, Қь. Агәмаа, Ҷ. Џьонуа, А. Џьонуа, Ш. Ҵәыџьба, Кь. Чачхалиа, И. Ҭарба,

А. Лашәриа, К. Ломиа, А. Аџьынџьал, А. Гогәуа, Шь. Аџьынџьал, Г. Гублиа, М. Лашәриа уҳәа егьырҭгьы, иара убас аҵарауаа: Хә. Бӷажәба, В. Аҵнариа, С. Зыхәба уҳәа русумҭақәа. Иҭижьит аусумҭақәа жәпакы. Уи инаҷыданы аизгақәа: «Аԥсуа литература. Иаазыркьаҿу аочерк», «Аԥсуа литература аҭоурых аочеркқәа», ф-томк иҟоу «Милаҭрацәала еилоу асовет литература аҭоурых» (ахәбатәи атом) уҳәа авторцәа дыруаӡәкуп. Илагала маҷым иара убас абжьаратә школқәа рзы арҵага шәҟәқәеи аԥсуа литература апрограмма аиқәыршәареи рҟны. Хынҩеижәатәи ашықәсқәа инадыркны афбатәи, абыжьбатәи, ажәабатәи, ажәеизатәи аклассқәа рзы аԥсуа литература ахрестоматиа аҭыжьразы аиқәыршәара далахәын.

Ш. Салаҟаиа иааиԥмырҟьаӡакәа ҳтәыла акультуратә, аҭҵаарадырратә, аҵаратә ԥсҭазаара далагылан. Иџьабаа аҳәынҭқарра аҟнытә ахәшьарагьы аман. Ианашьоуп «Ахьӡ-Аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа, иара убас Аԥсны аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны иреиҳау ашкол зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа ихҵоуп.

Ш.Салаҟаиа Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла, ашьҭахь – ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи дрылан.

2021 шықәса ноиабр быжьба рзы зыԥсҭазаара иалҵыз аҵарауаҩ хатәра Шоҭа Хьыч-иԥа Салаҟаиа илшамҭақәа рыла ихьӡ хашҭра ақәымкәа иаанхоит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me