Лаҵара 06, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҧхынтәи ашкол

Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аҧшьгарала А.С. Пушкин ихьӡ зху Аҟәатәи аҩбатәи ашкол аҟны «аҧхынтәи ашкол» захьӡу еиуеиҧшым атемақәа рыла арҵаҩцәа ирзымҩаҧырго алекциақәа еиҿкаауп. Уи ҵакыс иамоу атәы дазааҭгылеит, аиҿкаара алахәыла, ахәбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Ломиа Нона Шьаликәа-иҧҳа.

«Арҵаҩцәа ҿарацәа рурок ииашаны аҵаҩцәа рызнагараҿы ихымҧадатәу азҵаарақәа ирзааҭгылон алекциақәа рҿы. Иааидкыланы иуҳәозар арҵаҩцәа ҿарацәеи, ихатәроу уажәшьҭа ззанаҭаҿы аҧышәа ду змоу, шықәсырацәала аҵарадырра иазааҧсахьоу, хыҧхьаӡара рацәала аҵаҩцәа еиҵазааӡахьоу рҧышәеимадара ауп қәкы хадас иамоу арҭ аиқәшәарақәа. Аҧсуа рҵаҩцәа реиҧш алекциақәа ирылахәын Тамбовтәи аҳәынҭқарратә университет аҟынтәи арҵаҩцәа-аҵарауаагьы».

Аиҳабыратә абиҧара иаҵанакуа рахьтә, Аҟәатәи абаа иазкны алекциа мҩаҧылгеит, аҧшьбатәи абжьаратә школ аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы Хаҳәбиа Лариса Баграт-иҧҳа. Атема излатәыз ала аиҧылара еиҿкаан абаа аҩныҵҟа. Уи дазааҭгылеит аҭоурыхи алитературеи реимадарала Аҧсны жәлар рышәҟәыҩҩ Иван Гьаргь-иҧа Папасқьыр иажәабжь «Диаскуриа аҧшаҳәаҿы». Атема қәкыс иаман ажәабжь ианыҧшуа Антика ахаантәи Аҧсны аҭагылазаашьа, аҭыҧантәи ауааҧсыра зҭагылаз азалымдарақәа, итҟәаны ргара, рхырҵәара, урҭқәа аҩымҭа афырхаҵа хада Џьамхәыхә ихаҿсахьала аарҧшра. Арҿиамҭаҿы иахьатәи иҳаҩсхьоу аҭоурыхтә аамҭақәеи реимадара, реиқәҿыҭра.

Аиҿкааҩцәа ирҳәоит арҵаҩцәа ҿарацәа агәацҧыҳәареи ахшыҩзышьҭреи аарҧшны зҿлымҳарала рхы шаладырхәуа.

Милена Ламиаҧҳа ҩышықәса ҵуеит рҵаҩыс аус луеижьҭеи, арҭ аусмҩаҧгатәқәа дахьрылахәу лара лзыҳәан акырӡа аҵанакуеит, «ла иабо хы иаҧсоуп шырҳәо еиҧш, удырра аизырҳаразы акырӡа ихәарҭоу усуп» ҳәа дазааҭгылоит.

Аҧхьаҟа акадр ҿыцқәа ишахәҭоу еиҧш апрактикатә дыррақәа рыманы рааӡаразын Аҵара аусбарҭа еиҿнакааз «Аҧхынтәи ашкол» ҩышықәсоуп уажәшьҭа имҩаҧысуеижьҭеи, агәаанагара ҳамоуп аҧхьаҟагьы ишацҵахо ала.


Алхас Ҧсардиа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me