«Ҳаҭыр зқәу Мусса Ҳабал-иҧа, гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит Шәымшира. Шәара шәыҧсҭазааратә мҩа ҿырҧшыгоуп ажәлар гәык-ҧсыкала рмаҵзуразы. Аҧсуа-абаза еимадарақәа рырҕәҕәареи рырҿиареи ирызку Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы иҭыҧ аҿы шәусура ҳаҭыр ду ақәуп, ҭабуп ҳәа шәарҳәоит», – иазгәаҭоуп адныҳәалараҿы.
Бжьаниа Екзеков изеиҕьаишьеит агәабзиара ҕәҕәа, игәҭакқәа зегьы рынагӡара.