Лаҵара 09, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Адунеи иахаанхо ахьӡқәа :Хатәгәаҧхарала еибашьуаз рымш

 

ХХ ашәышықәса анҵәамҭазы, нанҳәамза 14, 1992 ш. Қырҭтәыла Аҳәынҭсовет ар Аҧсны иақәлеит аҧсуаа тәыс иҟаҵаны Аҧсынтәыла рымпыҵархаларц, иртәыртәырц. Аҧсуа жәлар ахаан аӡәы иҿаҧхьа ишьамхнышымгылац, баагәаран игылеит ҳаҧсадгьыл ахьчаразы. Уи аамҭа цәгьазы Аҧсны иахагылаз, ажәлар зегьы бзиа еицырбоз, рыгәҭыха зыгәҭыхаз, ирҿахәҳәаҩыз Владислав Григори-иҧа Арӡынба гәкаҳарак ажәлар идимырбеит. Уи ихшыҩ дуи, идырра ҵаулеи, иҧсадгьыл ахь имаз абзиабареи, ҳаибашьцәа ракзаареи Аиааира ҳдыргеит.

Аибашьра аҩбатәи амшазы Ҟабарда-Балкариантә Сосналиев Сулҭан Асланбек-иҧа 18-ҩык аибашьцәа ицны, аҳәаа дхыҵны, Гәдоуҭа дааит. Урҭ рааира иацыз агәырҕьара избаз ахааназ ихашҭуам. Ргәыҧ адыгаа рбираҟ рыман, уи еиҵырхит, ишьҭырхит. Раҧхьаӡа зшьаҿа еихызгаз аҟабардақәа, Сулҭан Асланбек-иҧа аҧхьа днаргыланы, мшьҭабзиала ҳадгьыл рышьҭа анырҵеит.

Ажәлар агәкаҳара ирымаз рханаршҭит. Ҳашьцәа Нхыҵ-Кавказаа, шьхала асар рымҩа еиҧш иалырдаз амҩахәасҭа аҽарҭбаауан, аҽеиҵнахуан. Аҵыхәтәан уи имҩадухеит. Уи Аҧсны инхоз еибырҳәон, ирҧылон, еигәырҕьон.

Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы хатәгәаҧхарала иааны еибашьуан – 2310-ҩык, урҭ рахьтә Аҧсны ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 295-ҩык.

Нанҳәамза 18, 1992 шықәсазы Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа адунеи ажәларқәа зегьы рахь ааҧхьара ҟанаҵеит, Қырҭтәыла аибашьра излагаз иақәыӡбарц. Усҟан Аконфедерациа аштабқәа зегьы аибашьцәа ргәыҧқәа аҧҵаны Аҧсныҟа ацара рыдҵан.

Убри аамҭазы ҳџьынџьуаа Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Мраҭашәаратәи Европа адунеи рыбжьы адырҳаит рҭоурыхтә ҧсадгьыл ахьчара ишазыхиоу ала. Хыхь иаагоу аҳәынҭқаррақәа зегьы рҟны имҩаҧысит агрессиа иаҿагылаз, ауаа рацәа злахәыз амитингқәа. Раҧхьаӡатәи Ҭырқәтәылантә иааз агәыҧ 35-ҩык аибашьцәа ыҟан.

Аҧсны аҕа данақәла Шьамтәылан инхоз Арҩҭаа Фарид Аҧсны дыҟан. Очамчыра ҧсшьарҭа ҩнык аргылара иаауаз ауасҭацәа дрыцны аус иуан. Аибашьра ианалага аҽныҵәҟьа Гәдоуҭа дааит. Уи абџьар дашьҭан. Мышқәак рышьҭахь автомат ихатәы ҧарала иаахәаны, Ешыраҟа дцеит. Фарид агәымшәа дыхәны дшыҟаз, аҕацәа рнапаҵаҟа дҟалеит. Ауаҩытәҩса ицәа изҭамыгӡо аргәаҟрақәа дырхысит. Дырҧсахит. Акыраамҭа иҽихәшәтәуан. Ишьапы данықәгыла еибашьра деиҭацеит… Нас мрагыларатәи афронтахь. Уаҟа фырхаҵала дҭахеит. Леон иорден ианашьоуп. Джуп Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчал.

Ҳџьынџьуаа Аҧсны еибашьуаз рхыҧхьаӡара 200-ҩык рҟынӡа инаӡон. Уаҟа аҧсуаа рыдагьы адыга хылҵшьҭрақәа рылан. Аҳәаанырцәтәи ҳџьынџьуаа, еибашьра иааз ауасиаҭ ирҩыз, абас инҵәон: «…Ҳҭаханы ҳҟалозар иаҳҭахуп Аҧсны аешьаратә нышәынҭраҿы ҳамажәдарц. Иҟалалакгьы Аҧсны анышә ҳамажәдарц иаҳҭаху аҟны ҧырхага ҟамлароуп…».

Аҧсны ахақәиҭтәра ҳџьынџьуаа ааҩык рхы ақәырҵеит. Быжьҩык рнышәнап дара ишырҳәаз еиҧш, Гәдоуҭа аешьаратә нышәынҭраҿы иамоуп. Ефқан Цыба иан аҳәара иҟалҵаз ала Ҭырқәтәыла джуп.

Рџьабаа дуӡӡоуп аибашьра цонаҵы Кавказ ажәларқәа Рконфедерациа ахада Муса Шанибови, уи ахантәаҩы Иусуп Сосланбекови.

Аибашьра аҧхьатәи амшқәа рзы Муса Шанибов ицәажәара, иқәгыларақәа  ирыцыз ахьаа ду ҳашьха ҳаракқәа дырхыџхыџуан. Уи ацыҧҵәаха ҳгәалаҳаршәап:

– Ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа! Иахьа ҳҭоурыхтә ҧсадгьыл амца акуп. Иага уадаҩра ҳҧыларгьы, зегьы ҳариааироуп. Жәҩахыркны, ҳашьцәа арыцҳара иақәшәаз шәрывагыл. Ҳажәларқәа еицаҳзеиҧшу ҳаҧсадгьыл заҵәы ашьа илагылоуп. Кавказ ажәларқәа ҳаӡәыкны уи ахьчаразы ҳгылароуп…

Аҧсназы ҳашьцәа, Нхыҵ-Кавказаа иаадырҧшуаз афырхаҵареи агәымшәареи рыдагьы, аибашьра цонаҵы агуманитаратәи аинформациатәи дырраҭарақәеи аиҧыларақәеи хыҧхьаӡара рацәала имҩаҧыргон. Кавказ ахаҭарнакцәа рҳәамҭақәеи рықәгыларақәеи, рааҧхьарақәеи ажәларқәа дырҿыхеит.

Аибашьра аҧхьатәи амзазы адыга рҧыс Хәаде Адам Илиас-иҧа 54-ҩык аибашьцәа дрылагыланы ҧхьаҟа дцон. Ажәылара иалагаанӡа, 35 шықәса зхыҵуаз Адам иҩызцәа ус реиҳәеит: «Иахьатәи ажәылараҿы аӡәы дҭахараны дыҟазар, Аллаҳ сиҳәоит, уи сара сакәхааит…» ҳәа. Ажәылараҿы дышхәыз аҕа инапаҵаҟа дҟалеит. Дҭахеит 27.09.92 шықәсазы. Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы даҧсахеит.

Зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааз Москва, ИТАР-ТАСС аҟны аус зуаз Соловиов Андреи Борис-иҧа аибашьра адәаҿы иҭихыз апатреҭқәа рацәоуп. Урҭ зегьы ургәылархалоит, удырхәыцуеит, уртәыртәуеит, аҭоурых иашаҵәҟьахь ухьадырҧшуеит. Иара дырхәхьан. Иҽанихәшәтә, деиҭахынҳәит. Аҟәа ақалақь аҭарцәра аҽны, иҧсы злаз иус наигӡон. Ҧхьаҟа ицоз ҳаруаа раптреҭқәа ҭихуан. Цәыббра 27, 1993 шықәсазы аҩнеихагылақәа руак аҟынтә ахыршәҩ иҭирҟьаз иҧсҭазаара ҿахнаҵәеит. Аҧсуа ҭоурых иазынижьит хәы змаӡам аҭыхымҭақәа. Ихьӡ кашәара ақәымкәан иаанхеит.

Кавказ жәларқәа зегьы рыҩнуҵҟа еснагь ачечен жәлар рыгәаҕьреи рыҕәҕәареи аҭоурых иадыруеит. Урҭ напхгара рызҭоз ркомандир Шамиль Басаев иеибашьратә мҩа Аҧсны ахы-аҵыхәа ахсаалаҿы ианылеит.

Гәымсҭатәи ахырхарҭаҿы илыҵшәадахаз ажьырныҳәатәи, хәажәкыратәи ажәыларақәа рышьҭахь, уи Гәдоуҭатәи акультуратә Хан аҟны дызхагылаз икомандеи аҧсуа еибашьцәеи данрацәажәоз, амҵ ҧыруазар иуаҳауан. Шамиль иажәа хыркәшо, абас иҳәеит:

– Иарбан еибашьразаалакгьы иацуп ахьаҵрагьы, ақәҿиарагьы, аиааирагьы. Ҳара Кавказаа зегьы ҳаҧсадгьыл ауп иаҳахьчо, ҳабдуцәа рыҩны Ду, избанзар жәҩахыркны еидгылаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ириааиуа дҟалаӡом. Ҳаҧсадгьыл зхы еиҧш бзиа избо, Владислав Арӡынба ҳаҧхьагыла, амҩа иаша дануп… Иҳақәлаз ҳаҧсадгьыл далаҳцоит…

Басаев Шамил легенда уаҩык иеиҧш ихьӡ аҧсуаа зегьы ирҿакын, ахыкәалаа еиҧш ирылсуан.

Жәандәырҧшь ақыҭан, Барцыц Мақсим иҭаацәараҿы иҧазаҵә Родик деибашьуан. Зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа еибашьра Приднестровиа-Молдавиатәи Аҳәынҭқарра аҟнытә иааз Рудковски Роман Анатоли-иҧеи иареи еибадырит. Иаргьы дабиҧазаҵәын. Еишьцәас иҟаибаҵеит. Иналаршә-ааларшәны аҩныҟа еицаауан. Ани аби урҭ раара еснагь иазыҧшын. Ианынаскьаргоз, Мақсим ус реиҳәалон: – Шәкеибамыжьын, шәеихылаҧшла! – ҳәа. Уахык аҵх лашә азы Мақсим изҿырҭит. Ддәылҵит. – Уҽырҕәҕәа уҧазаҵәа дҭахеит! – ҳәа. Гәдоуҭатәи агоспиталь аҟны Мақсим даннеи, иҷкәын иашьас иҟаиҵаз, Рудковски Романгьы ивараҿы дышьҭан. – Арҭ еишьцәан… Ара дысзааныжьӡом, урҭ еицызгоит, - ҳәа ибжьы ааиргеит.

Жәандәырҧшь Барцыц Мақсим иашҭаҿы анышә иамардеит. Родик иан Нуца Ладариа «сыҷкәынцәа, шәан!..» ҳәа еицылҵәуон.

Аҧсны аибашьра 413 мши-ҵхи ицонаҵы аамҭала иаҳҭны-қалақьны иҟаз Гәдоуҭа агәҭаны Аконфедерациа аштаб еиҿкаан. Уаҟа аус зуаз ирылшаз, еиҿыркааз рацәаӡоуп. Хатәгәаҧхарала еибашьра иаауаз зегьы абри Аҩны Ду ахәышҭаараҿы акәын аҧсуа жәлар рхаҭарнакцәа ахьырҧылоз, иахьрыдыркылоз. Исхашҭӡом, усҟан Гәдоуҭатәи абжьаратә школ №3 аҿы Ҟабардантә иааз аибашьцәа рҧылара еиҿкаан. Гена Карданов ажәлар ргәы шьҭыхуа, ус иҳәеит: – Кавказ зегьы ашьапы иқәгылоуп. Ҳаҧсадгьыл аҕа далҳцоит. Иҭахозаалакгьы дахьынтәаазалак ихьӡ адунеи иақәлазааауеит. Афырхаҵара, Аиааира аагара дарбан уаҩызаалак даныҟам, зыхьӡ аанзыжьуа, абиҧарақәа еимырдо иоуп ифырхаҵаҵәҟьоу. Аешьаратә жәларқәа ҳаидгылеит, ҭачкәымкны ҳаилаҵәеит. Еидгылаз ажәларқәа зегьы Аиааира ҳазҧшуп… Гена Карданов иқәгылара ашьҭахь ҩажәаҟа мшы ҵхьаны Аҧсны ихы ақәиҵеит.

Аҧсны ашәарҭа ианҭагылаз, зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааны еибашьыз, иҭахаз 295-ҩык реибашьратә мҩеи рнысымҩақәеи иахьагьы инагӡаны иҳамаӡам, иҳаздырӡом. 30 шықәса шҵуагьы аиҳараҩык рҭаацәарақәа ҳаҽҳзрымамдаӡеит. Зхатәгәаҧхарала иааз, иҭахазгьы, зыҧсы ҭаны иаанхазгьы рҿаҧхьа уал дук ҳадушәа мчы дук еснагь исықәыҕәҕәоит. Агәра згоит Аиааира 30 шықәса ахыҵра аныҟало, урҭ зегьы еилыхрада, Аҧсны зыҧсы ахҭынҵаны еиқәзырхаз ирызку ашәҟәы шеиқәыршәахо.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, Лаҭатәи ахлымӡаах амшазы Ҟабарда-Балкариантә даауан араҟа еибашьуаз, «Агәымшәаразы» амедал занашьаз Иури Шамил-иҧа Бекалдиев. Лаҭа иҭахаз 87-ҩык анышә иахьамадоу иалкааз ҭыҧк алхны иман. Ихьаа еизаз идимырбарц ашьыжь шаанӡа, анышә инапы нықәшьуа дхәыҭхәыҭуан. Нас ибжьы қыџь-қыџьуа ус сеиҳәеит: – Абра Шаов Руслани, сашьа Феликс Бекалдиеви шамаҵәҟьоу здыруазар, срызхьааӡомызт. Аха, Лаҭа иахьаҿаршьыз џьара икыдхалазар?! Сара ибзиаӡаны издыруеит, зхатәгәаҧхарала иааны еибашьуаз, ақырҭцәа шрызныҟәоз, аҧсыбаҩқәа ирзааргоз. Еснагь абри ахьаа сахәаҽуеит. Урҭ ус рразҟы иалазар акәхарын… Исҭахуп Аҧсны ҕьацарц, иҕәҕәахарц, адунеи аҳәынҭқаррақәа ирдыруа иҟаларц…

Зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иаауаз милаҭ рацәала еилан: абазацәа, аварцәа, адыгцәа, аерманцәа, абалкарцәа, абырзенцәа, ауриацәа, аингәышцәа, аҟабардақәа, аҟарачцәа, аказакцәа, акиргизцәа, ауаҧсаа, аполиакцәа, аурысқәа, аҭаҭарцәа, ачерқесцәа, ачеченцәа, ашаҧсыҕцәа уҳәа ирацәаҩны.

Аҧсны ахақәиҭтәразы имҩаҧысуаз ажәыларақәа ирылахәын. Урҭ иаадырҧшуаз агәымшәареи аҕәҕәареи аибашьратә цәаҳәаҿы аибашьцәа ирҿакын.

Нанҳәа мза 15, 2022 шықәсазы зхатәгәаҧхарала Аҧсныҟа иааз Рымш 30 шықәса ахыҵуеит. Зыҧсҭазаара Аҧсны ахақәиҭтәра иақәызҵазгьы, зыҧсы ҭаны иаанхазгьы зегьы рҿаҧхьа ҳхырхәоит. Иувагылаз, иуцхрааз, уҧсадгьыл зхы ақәызҵаз ажәҩан икыду аеҵәақәа дрылубаауазароуп. Аҧсуа жәлар рымцахә шеиқәу, ахәшҭаараҿы амца ҿыцәаара ақәымкәан иаанхаразы, еснагь ҳрызхәыцлароуп, аҭоурых иашаҵәҟьа абиҧарақәа ирзааныжьтәуп.

Аҧсны уаҵәтәи аҧеиҧш аиуразы ҳазнысыз амҩа уадаҩ ҳхамышҭроуп.


Гугуца Џьыкырба

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me