Ауаажәларратә палатаҿы

Имҩаҧысит ауаажәларратә палата 6-тәи ааҧхьара аилазаара ҿыци, Аҧсны Ахада Аслан Бжьниеи реиҧылара.

Аилатәара аартуа, Аҧсны Ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәли Кьычба иааркьаҿӡан илҳәеит русура атәы. Иаҳхысыз 2022 шықәса иҭагӡаны дара имҩаҧыргеит 38 еизара, уаҟа ирылацәажәан хра злоу акыр азҵаарақәа. Еснагь ҳажәлар рҿы иқәгылоуп, ицәырҵуеит апроблемақәа. Убарҭ рызхьаҧшра, рҭыҧ рықәҵара хадароуп Ауаажәларратә палата аусуразы.

Аилатәараҿы аҧсуа бызшәа апроблемақәа дырзааҭгыло, апалата абызшәеи, аҵареи, аҭҵаарадырреи, адоуҳатә ҭынха ахьчареи ркомиссиа ахантәаҩы Дона Малиа иазгәалҭеит, ҳбызшәа аиқәырхаразы апрограмма аҧҵара мацара шазымхо, уи мчылаҵәҟьа, азакәан шьаҭа аҭаны, ирымҵар ада ҧсыхәа шамам шдырбатәу. Иаалгоит аҿырҧштәы, лара рҵаҩыс аус ахьылуа Гагратәи ашкол аҿы сынтәа ирыдыркылаз акласс зегьы аҿы хҩызаҵәык шраку зхатәы бызшәа здыруа. Аҵарауаҩ В.Чрыгба иқәгылара аҿы иҳәеит «асеиҧш ҳцалозар даҽа 25 шықәса рышьҭахь – ҳбызшәа ыӡыр алшоит», ҳәа.

«30 шықәса ҵуеит еиуеиҧшым апрограммақәа, ахырхарҭақәа ҳарҿужьҭеи, аха апроблема қәацара амам. Ирмчны азакәан ҟаҵатәуп. Аҧсуа хәыҷы иаҧсуам ашкол данҭарҵахгьы, аҧсуа бызшәа имҵар ада ҧсыхәа амоуртә апрограмма аҭахуп. Рҵаҩык иаҳасабала даара иуадаҩуп ҳҭагылазашьа. Арҵаҩы иџьабаа цәгьоуп, урҭ руалафахәы ҩынтә-хынтә иацҵатәуп», – иазгәалҭеит Дона Малиа.

Уи лнаҩс аҧсуа бызшәазы ауниверситетаҿ хышықәса аус зуа аконцепциа дазааҭгылеит Ҳақан Коч.

«Аҧсуа бызшәа аиқәырхара аганхьала аҵакы змоу ажәалагала сара ахаангьы садгылоит, апрофессионалцәа шәажәа ҳшәырҳа, иақәнаго ҳашәҳәа – ҳахаҵгылоит, иҟаҳҵоит», – иҳәеит Аҧсны Ахада Аслан Бжаниа.

Апалата алахәыла Давид Ҧлиа дазаҭгылеит Гал араион иқәынхо ауааҧсыра рстатус. Самырзаҟанаа анкьа аҧсуа жәлақәа змаз, забдуцәа рыжәла цқьақәа архынҳәра зҭаху маҷҩым. Насгьы Аҧсны атәылауара рыҭара ирмариатәуп ҳәа дахәаҧшуеит. Убри аан иазхьаҧштәызар акәхап урҭ Қырҭтәыла атәылауаҩра шрымоу. «Сталини Бериеи шықәсыкала аҧсуаа зегьы ҳақырҭцәан ҳҟарҵазар, ҳара забдуцәа аҧсуааз аха аамҭа цәгьа аан иақырҭуартәыз заҧсуаҳамтәрызеи», – иазгәеиҭеит Аҧсны жәлар Рконгресс аиҳабы Давид Ҧилиа.

Ауаажәларратә палата алахәыла, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Едуард Квираиа иқәгылараҿ иҳәеит игәы иҵхоз азҵаарақәа, ҳбызшәа, ҳадгьыл, аҧсуаа жәларҵас реиқәырхаразы, иахьатәи ҳусушьа ҽеиракахь ҳашнанамго. «Абизнесгьы бзиоуп аха, уаҵәтәи ҳҧеиҧшгьы ҳазхәыцроуп. Ҳадгьыл ҳарҭәыр ҳҭахызар, ҳашьцәа Ҭырқәтәыла иҧсаҟьаны иалаҧсоу роуп излаҳарҭәыша. Абызшәа еиқәҳархарцз аҧсышәала ацәажәароуп иаҭаху. Ҽнакала амал дук зоуз аус узицуӡом. Еиҳау рыцҳара ыҟаӡам унапала ужәлар анаҭаурхо», – абас ихиркушеит уи иқәгылара.

Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь иқәгылараҿ иҳәеит Цандрыҧшь аҳаблаҿ аҧсуа школ аартразы аусура шымҩаҧысуа, уаанӡатәи ақырҭуа школ ахыбра еиҭашьақәыргыланы 2025 шықәсазы аҧсуа школ шаартхо. Сынтәатәи ашықәс азы уи иазоужьхоит 15 миллион мааҭ.

Аилатәараҿ иазааҭгылан Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аан иҭахаз рҭаацәа, иахьа 5 нызқь мааҭ атәанчахә зауа иҵегьы ртәанчахәы ацҵара азҵаара.

Анхарҭа ҭыҧла ауааҧсыра реиқәыршәара апроблема далацәажәеит Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа. «Абар хышықәсоуп апрограмма аус ауеижьҭеи, 150 ҩык ироуит анхарҭа, 4 нызқьҩык – анхарҭа ҭыҧ змам ыҟоуп. Ҳара иҳацхраауеит Урыстәыла. Иаанхаз апроблемақәа ҳаӡбарцаз аекономика шьҭаҳхыроуп», – ҳәа азгәеиҭеит уи.

Апалата алахәыла Руслан Ҳашыг изҵаара, «ҳдемографиа ашьҭыхра иабанӡахәои, иабанӡаҳҧырхагоу Аҧсны апартаментқәа рыргылара?

Аҭакс Ахада иҳәеит: «Дара ирдыруеит рзинқәа, урҭ акоммерциатә нхарҭақәа роуп изқәиҭу. Аҳәынҭқарра амчраҿ ус рымаӡам, ҳара хыҧхьаӡарала ҳахьеиҵоу, ҳмаҷра шәарҭара амаӡам».

Апартаментқәа рзы азакәан апроект ирыдыркыларан иҟоу да­зааҭгыло ажәахә ҟаиҵеит Дауҭ Агрба. Уи иҳәеит арҽеирақәа хымҧада ишалагалтәу. Аҧсны Ахада ишьақәирҕәҕәеит, ари ииуль мза иахымгакәа ирыдыркылараны ишы­ҟоу.


Наира Сабекиа

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me