Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Жәлар Реизараҿы

Ииуль 5 азы имҩаԥысыз Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҿы адепутатцәа ирыдыркылеит «2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет ианагӡашьоу азы» азакәанпроект.

Абиуџьет ианагӡашьоу азы аҳасабрба ҟаиҵеит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

2022 шықәсазы Ареспубликатә биуџьет анагӡара иартәеит: ахашәалақәа рганахьала – 10 миллиарди 654 миллиони 101́,4 нызқь мааҭ, ахарџьқәа – 10 миллиарди 438 1 миллиони 98,1 нызқь мааҭ, апрофицит – 215 миллиони 903,3 нызқь мааҭ.

Аԥсны абиуџьет ахатәы лагалақәа раԥхьаӡа акәны 4, 9 миллиард мааҭ инареиҳахеит.

«Ахатәы лагалақәа рыла ишьа­қәгылауа ахашәалақәа 2022 шықәсазы идыртәеит 4,947 882,6 мамзаргь 122,0%. 2022 шықәсазы 2021 шықәса абри аамҭа иадкыланы ахатәы хашәалақәа ирызҳаит 878 987, 3 нызқь мааҭ рыла», – иазгәеиҭеит Делба.

Афинансқәа рминистр иажәақәа рыла, инеиԥынкыланы ҩышықәса раахыс аҳәынҭқарратә биуџьет нарыгӡоит апрофицит аманы.

Жәлар Реизара адепутатцәа аҩбатәи ҵыхәаԥҵәалатәи аԥхьарала ирыдыркылеит «Аҭыԥантәи абиуџьетқәа рахь ахыԥхьаӡаларақәа рзы» азакәанпроект.

Ари адокумент иазԥхьагәанаҭоит Риҵатәи Амилаҭтә парк иаиуа ахашәалақәа рыхәҭак аизшашьа (ирҭиуа иарбанзаалак абилеҭ ахәԥса ахьтә 250 мааҭ): 150 мааҭ ахыԥхьаӡалахоит Гәдоуҭа араион абиуџьет, 50 мааҭ – Очамчыра араион абиуџьет, 50 мааҭ – Тҟәарчал араион абиуџьет.

Иара убас ишьақәыргылоуп Ареспубликатә унитартә наплакы «Г. Смыр ихьӡ зху Афонҿыцтәи аҳаԥы иаиуа ахашәалақәа реизшашьа, ирҭиуа билеҭцыԥхьаӡа 250 мааҭ иаԥсоу ахьтә: 150 мааҭ ахыԥхьаӡалахоит Гәдоуҭа араион абиуџьет, 50 мааҭ – Очамчыра араион абиуџьет, 50 мааҭ – Тҟәарчал араион абиуџьет.

Адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит «Аԥсны абиуџьетнҭыҵтәи асоциалтә фондқәа рахь аԥгаԥсатә хәҭалагалақәеи ахшәаатәқәеи рзы» азакәан.

«Абарҭ аиҭакрақәа рызкуп аиҳабыратә еимадара Амаҵзуреи, Аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзуреи, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрреи русзуҩцәа аԥгаԥсатә хәҭалагалақәа ршәара аҟнытә рхы иақәиҭызтәуа аԥҟарақәа рышьақәыргылара», – иҳәеит адокумент назгаз Жәлар Реизараҿы Аԥсны Ахада ихаҭарнак Анри Барцыц.

«Арратә уалԥшьазы» азакәан инақәыршәаны аррамаҵзура Аԥсны Арбџьар Мчқәа рҟны Аԥсны атәылауаа инарыгӡауа аҳәынҭқарратә маҵзура ахкы ҷыда акәны иҟоуп.

Жәлар Реизара адепутатцәа аҩбатәи ҵыхәаԥҵәалатәи аԥхьарала ирыдыркылеит азакәанпроектқәа: «1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа рзы», «Аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥаразы».

Абарҭ азакәанпроектқәа ааигеит атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Жәлар Реизара Аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа. Азакәанпроектқәа иҳәаақәырҵоит 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьреи ажәыларақәеи рветеранцәа, аԥсуа жәлар рмилаҭ-хақәиҭтәратә қәԥара иалахәқәаз рзинтә статус, иара убас урҭ социалла рыдгыларазы аусмҩаԥгатәқәа.

Адепутатцәа аиҭакрақәа аларгалеит «Аелектронтә хархәагақәа рыла амилаҭтә ԥарашәаратә системазы» азакәан.

Адокумент ааигеит абиуџьети, акредиттә еиҿкаарақәеи, ашәахтәқәеи афинансқәеи рзы аилак ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь.

Иара убас адепутатцәа ақәҵара рыдыркылеит «Аԥсны аиланхарҭақәа рыхьӡқәа рзы, убас урыс бызшәала, англыз бызшәала урҭ рыхьӡқәа рҩышьа ашьақәырӷәӷәаразы». Адокумент ааигеит адепутат Инар Гыцба.

«Ақәҵара ҵакыс иамоуп аԥсуа литературатә бызшәала Аԥсны аҭыԥхьӡқәа ииашаны рҩышьа, иахьынӡауа урҭ урыс бызшәала, англыз бызшәала ранырԥшразы. Абри иалнаршоит Аԥсны аҭыԥхьыӡқәа ахсаалақәа, агеографиа, аԥсабараҭҵаара, аҭоурых, аҭҵаарадырратә, аҵарадырратә, аилыркаагақәа уҳәа егьырҭ акьыԥхь ҭыжьымҭақәа рҟны ииашаны рыҩра», – иазгәеиҭеит Гыцба.

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ишьақәдырӷәӷәеит 2023 шықәса февраль 8 азы Аминистрцәа Реилазаара «Аԥсны Амилаҭтә парк «Кәыдры аиҩхаа» аиҿкааразы» аиҳабыра ирыдыркылахьаз ақәҵара. Уи ааигеит аграртә политикеи, аԥсабаратә ресурсқәеи, аекологиеи рзы аилак ахантәаҩы Ҭемыр Беиа.

Ақәҵара иазԥхьагәанаҭоит Амилаҭтә парк «Кәыдры аиҩхаа» аҳәаақәа рыԥсахра, хьыӡҳәала акәзар – 16 нызқь гектар рыла апарк аҵакырадгьыл аиҵатәра.

Иара убас Жәлар Реизара аилатәараҿы адепутатцәа еиуеиԥшым азҵаарақәа ирызкны ақәҵарақәа рыдыркылеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me