Лаҵара 05, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Москвеи Аҟәеи рнапы зҵарҩыз аиҩызаратә еиқәышаҳаҭра

Аҧсны Аминистрцәа Реилазаара аканференцзал зал ду аҿы имҩаҧысит Москва Аиҳабыреи, ақалақь Аҟәа Ахадареи русеицуразы аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи ҳаҳҭны-қалақь Аҟәа амш иадҳәалоуп.

Анапаҵаҩра иалагаанӡа иарҳәан Аҧсни Урыстәылеи Ргимн. Адокументқәа рнапы аҵарҩит Аҟәа Ахада Беслан Ешбеи, Москва адепартамент аиҳабы Сергеи Чериомини. Иара убас еимырдеит агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

Рнапы зҵарҩыз ашәҟәқәа инарықәыршәаны Москвеи Аҟәеи аусеицура рылшоит ахәаахәҭреи ааглыхреи рганахьала, амҩа транспорт инфраструктура, ақалақьтә ргылара, абизнес арҿиараз аицхыраара, ахәҳахәҭра, аинновациатә информациатә технологиақәа, аҵареи анаукеи, атуризми, акультура аспорт уҳәа реинырра.

Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба иқәгылараҿ иҳәеит: «Москва аханатәгьы Аҟәа ацхыраара ҳанаҭон. Аибашьра ашьҭахь, Аҧсны аблокада ҳанҭакызгьы Москвеи Аҟәеи аигәныҩра ҳабжьан, иҳацхраауан. Сгәы иаанагоит, иахьа ҳнапы зҵаҳҩыз аиқәшаҳаҭра аҵак ду амоуп ҳәа ҳақалақь мацараз акәымкәа, Аҧсны азынгьы.

Иаарласны иаҧаҳҵоит аусуратә гәыҧқәа ҩба: атранспорти, амҩатә шәарҭадареи рзын, насгьы ақалақь аргылареи рзы. Уахь иаҵанакуеит архитектура, аргылара, ақалақь ахаҿра. Ҳара агәыҕра ду адаҳҳәалоит Москвеи ҳареи ҳаиҩызара, ҳусеицура».

Москва адепартамент еиҳабы Сергеи Чериомин иҳәеит: Иахьатәи ахҭыс аҭоурыхтә ҵакы шамоу. Иахьа Москва аргыларатә усхказы даараӡа аихьӡарақәа амо­уп. Асоциалтә усхк аганахьалагьы, ҳара иаҳҭахуп Аҟәатәи ҳколлегацәагьы ҳҧышәа рымаҳдарц. Агәра згоит Москва иҟоу сколлегацәагьы Аҟәа ихадоу туристтә хырхарҭаны аҟаҵаразы бзиа ибаны ишсыдгыло, – ихиркәшеит уи иқәгылара.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me