Аҳәынҭқарра иалшо ҟанаҵоит

Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ақәаршаҩы иахҟьаны ааха ӷәӷәа зауз ақыҭақәа Алаҳаӡы, Лӡаа, Аԥсыӡзауад араион, Бзыԥҭа аҳаблаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.

Ақәаршаҩы бааԥсы иахҟьаны Лӡаа акыҭа аԥхасҭа ӷәӷәа аиуит: аӡхыҵра иахҟьаны аҩнқәеи асасааирҭақәеи рҟны актәи аихагылақәа аӡы рыҵалеит, амҩақәа, иара убас 250 метра рҟынӡа инаӡо аихамҩа ахәҭак ҵнаӡӡәааит. Аҳәынҭқарра Ахада аҳабла ауааԥсыра дырԥылеит, урҭ ацхыраара шырҭаху рҳәеит.

Аҳаблаҿы инхо Саида Еныкь ари аҩыза ахҭыс зынӡа ишазыԥшымыз, иаалырҟьаны ишыҟалаз лҳәеит. «Аӡы иаалырҟьаны иааит. Уи иаҳа-иаҳа ишьҭыҵуан. Даара ушәаратәы иҟан. Акгьы аанымхеит, акәытқәа, арахә, зегьы аӡы иагеит. Сара схаҭа иаразнак ахәыҷқәа иахьшәарҭамыз аҭыԥ ахь идәықәҵаны, маҟҿаҳәара аӡы сӡаагыланы исылшоз ала амаҭәа-аҩыҭәа аиқәырхара сҽазысшәеит. Аха уеизгьы уи зегьы ԥхасҭахеит, зегьы ыршәтәуп. Анцәа иџьшьаны, ма ҳаԥсқәа еиқәхеит», – лҳәеит лара.

Аслан Бжьаниа ас еиԥш аҭагылазаашьа уадаҩ аан аҳәынҭқарра иалшо зегьы шыҟанаҵо ала ргәы ирҭынчит. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас аихамҩа даҭааны уи аҭагылазаашьа гәеиҭеит. Уажәы араҟа ақәаршаҩы бааԥсы ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы активла аусурақәа мҩаԥысуеит.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me