Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гагра араион Ахадараҿы – аилацәажәара

Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәымза 8 ауха инаркны ԥхынгәымза 9-нӡа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Ахадараҿы аилацәажәара мҩаԥигоит.

Араион ахада Иури Ҳагәышь Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусурақәа шцо азы. Уи излаиҳәаз ала, Гагра араион иауз ақәаршаҩы иахҟьаны ԥхынгәымза 9 рзы еилкаахеит аԥхасҭа ӷәӷәа шроуз ақыҭақәа хԥа: Ԥсахара, Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа ҳаблак, Гагра ақалақь ахәҭақәак. Инықәырԥшны еилкаахеит, Лӡаа ақыҭан аԥхасҭа шроуз 300 ҩны инарзынаԥшуа, иара убас ацҳақәа ҩба. Алаҳаӡы 250 ҩны аӡы рыҵалеит, Ԥсахара ақыҭан – 200 ҩны. Бзыԥҭа аҳаблан аԥхасҭа ӷәӷәа роуит Аҭыӡҭа аҳабла маҷ аҟны 100 нхарҭа ҩнык, Гагра ақалақь – 200 ҩны рҟынӡа.

Араион аҟны амшцәгьа иахҟьаны иара убас аԥхасҭа роуит асоциалтә инфраструктура аусбарҭақәа. Ареспубликатә мҩаду еиҭашьақәыргылоуп, амҩа рҽеиратә усбарҭа арыцқьаратә усурақәа мҩаԥнагоит. Амҩақәа ррыцқьара мҩаԥысуеит Гагра ақалақь аҟны. Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥ аҳаблаҟны амҩақәа ррыцқьара анаҩс, ахатәы ҩнқәа рҟынтә аӡы ҩныргоит. Раԥхьа иргыланы, иазгәаҭоуп амҩақәа ррыцқьара, анаҩс аҩнқәа, иара убас аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны иҟалаз аԥхасҭа ахә ашьара. Аилацәажәара иалахәын Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, атуризм аминистр Ҭеимураз Хы­шба, Ахада иабжьгаҩ Адгәыр Ашәба, "Аԥснытәи аихамҩа" аиҳабы Арсоу Ҷыҭанаа, араионтә фымцастанциақәеи аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа уҳәа егьырҭ амаҵзурақәа.

Аиԥылара ахыркәшара ашьҭахь, Аслан Бжьаниа аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны еиҳа аԥхасҭа ӷәӷәа зауз аҭыԥқәа дырҭааит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me