Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны иахьабалак: Амшцәгьақәа Аӡхыҵрақәа Ахҟьаԥҟьақәа Иаԥҵоуп Ареспубликатә штаб

Аԥсныпресс. Ашьыжь, ԥхынгәымза 11 рзы Аԥсны Ахада Ас­лан Бжьаниа атәыла араионқәа рҟны иҟалаз аӡхыҵра иннажьыз аԥхасҭа аҭыԥ ақәҵара иазкны изаамҭанытәим аилацәажәара мҩаԥигеит.

Аилацәажәара аартуа, Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ареспублика мҽхакы ҭбаала зеиԥш ҟамлацыз аԥсабаратә рыцҳара ишаниаз. «Арыцҳара ахьыҟалаз ҭыԥқәоуп Гагра араион, Гәдоуҭеи Очамчыреи рраионқәа рыхәҭак. Иацы ари аҩыза арыцҳара ҟалеит аҳҭнықалақь аҟны. Ааха ӷәӷәа роуит ахатәы ҩнқәа, акурорттә инфраструктура. Рыцҳарас иҟалаз, инықәырԥшны акәзаргьы, уажәы иҟалаз аԥхасҭа иаҳнаҭаз ахарџь ахьынӡаҟоугьы ҳаздырӡом. Аԥсабара ааха рнаҭеит акоммуникациақәа, амашьынамҩақәа ҵнаӡәӡәааит, иара убас иаанкылоуп Урыстәылатәи Афедерацеи Аԥсни ирыбжьоу аихамҩатә еимадара. Аха абри аҭагылазаашьаҿы ҳара ҳзы акраҵанакуеит атәылауаа рыԥсҭазаареи ргәабзиареи, аӡәгьы машәыр имыхьроуп, ари хадароуп ҳара ҳзы», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ԥхынгәымза 10 рзы, ахәылбыҽха Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион аҟны аинспекциатә ныҟәара аныхиркәша ашьҭахь, иҟалаз арыцҳара аԥыхра иазку Ареспубликатә штаб аԥҵаразы адҵа инапы аҵаиҩит. Аштаб напхгаҩыс даҭоуп атәыла Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.  Адҵа инақәыршәаны, иҟалаз арыцҳара иннажьыз аԥхасҭа аԥыхра иалархәу аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы Ареспубликатә штаб анапхгарала еиқәшаҳаҭны аусура мҩаԥыргароуп.

Аҳәынҭқарра Ахада Аиҳабыра рхантәаҩы инапы ианиҵеит зҭагылазаашьа уадаҩхаз атәылауааи атуристцәеи иахьынӡалшо ацхыраара рырҭарц, иара убас зыԥшрак ҟамҵакәа, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра, атәылахьчара Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра амчратә усбарҭақәа, убас аусбарҭақәа – атуризм азы Аминистрра, араионқәа рхадарақәеи егьырҭ аилазаарақәеи рыцырхырааны алшарақәа зегьы рхархәара. Атәылахьчара Аминистрра иадҵоуп аӡхыҵра ахьыҟалаз аҭыԥқәа рҟны амедицинатә цхыраара зҭаху ыҟазар аилкаара.

«Иаҭаху ацхыраара рышәҭ. Атуристцәа ареспублика ааныжьны ацара зҭаху ыҟазар, уи аҩыза алшара рышәҭ», – иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аҳәынҭқарра Ахада иара убас адҵа ҟаиҵеит аԥхасҭа зауз ауаа зыда ԥсыхәа ыҟам фатәыла-жәтәыла реиқәыршәаразы.  «Аҭагылазаашьа ҷыда иақәшәаз атәылауаа ҳара ҳҟынтә адгылара ро­уроуп», – иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Ареспубликатә штаб алахәцәа азхьарԥшны иреиҳәеит дара ражәалагалақәа Аԥсны атәылауаа хықәкыла ирыҭатәу ацхырааразы азыӡба шьаҭас ишаҭахо.

Аилацәажәара иалахәын Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба, Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Жәлар Реизара Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Шамба, аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me