Мшаҧы 29, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҳаракырахь шьаҿак

Ауаҩы есааира иҿыцу аҭҵаарақәа мҩаҧигоит, иҟаиҵо аартрақәа рҳәаақәа ирҭбаауеит. Шьаҿацыҧхьаӡа аихшьалақәа ҟаиҵоит, уи азы ахархәара ду аиҭоит аматематика. Уи иахьатәи аамҭазы ихадоу аҭыҧ ааннакылоит ауаҩы ихәыцраҿы, иара адагьы ухахьы иузаагом есҽнытәи ауаҩы иҧсҭазаара.

Аматематика захьӡыз аилкаара цәырҵит ҳашықәсҧхьаӡара ҟалаанӡа афбатәи ашәышықәсазы Ажәытә Бырзентәыла, жәытә бырзен бызшәала еиҭаугозар иаанагоит «аҭҵаара» «адырра» ҳәа. Аматематика - ахәыҷы инаиркны аду иҟынӡа иҧсҭазаара изаҟәымҭхо иадҳәалоу хәҭа хадоуп.

Аменталтә арифметика – ари аматематика иахәҭакуп. Иара, аинтеллеқт аизырҳара азы, хра злоу акы акәны иҟоуп, ҵакыс иамоугьы ирласны, хшыҩла аихшьалақәа рыҟаҵара ауп.

Аменталтә  арифметикаҿы, ахәыҷы раҧхьа аҵара иҵоит аҧхьаӡага «абакус» захьӡу амаругаҿы, ахыҧхьаӡарақәа аус рыдиулоит, инапқәа рылагьы аусушьа иҵоит. Анаҩстәи аетап аҿы, аҧхьаӡага ихы иаирхәаӡом, ахыҧхьаӡарақәа ихаҿы иааигоит, асахьашьара еизирҳауеит. Уи иабзоураны ирласӡаны хшыҩла аихшьалақәа ҟаиҵоит. Аменталтә арифметика цхыраагӡа дууп, аинформациа ирласны агәынкылареи аус адулареи рзы.

Ҧхынгәымза 5-6 рзы, Ҭырқәтәыла, Анталиа ақалақь аҿы имҩаҧысуан аменталтә арифметика азы Адунеизегьтәи аолимпиада. Уи рхы аладырхәит 18  тәыла рҟынтәи 400-ҩык инарзынаҧшуа алахәылацәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟан Аҧснынтәи х-ҩык ахәыҷқәа: Софиа Гыцба, Софиа Шулумба, Еснаҭ Кәарацхьелиа, Елина Агрба напхгара ззылуаз. Дара Аҧсны имҩаҧысуаз аилыхратә турнир аҿы актәи аҭыҧқәа ааныркылеит, убри аҟнытә Адунеизегьтәи аолимпиада иалахәхартә аҭагылазаашьа роуит. Рыхҩыкгьы аолимпиадаҿы қәҿиара дула рхы аадырҧшит, аџьаз медалқәеи асертификатқәеи ирыҧсахеит.

Ахәыҷқәа даара ҭакҧхықәра дула рус иазнеит, рҽазыршәеит ашьаҿа ду аҟаҵара, ирылдыршеит ртәыла ахьӡ аҭгара. Ари аиҧш зымҽхак ҭбаау аицлабра алахәхара, насгьы амедальқәеи аҧхьахәқәеи рыҧсахара даара акраҵанакуеит, еиҵагыло аҿар аҧеиҧш лаша шрымоу агәра унаргоит.

Ҳаҧсадгьыл аҳәаанырцә ахьӡ ҭызгаз, зырҵаҩцәеи зҭаацәеи рџьабаа иаҧсахаз еснагь аҳаракыра шәазнеила! Ахьӡ-аҧша шәыгымхааит!


Амҷԥҳа Мадина, афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша актәи акурс астудентка

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me