Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҭоурыхтә еилазаара ҿыц

Азеиԥш ҭоурыхтә культура ашьақәгылара, аҭыԥантәии адунеизегьтәии аҭоурых аларҵәареи аилыркаареи, амилаҭтә гәалашәареи аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рыхьчареи хықәкыс иҟаҵаны, ааигәа иаԥҵан Афонд «Аԥснытәи аҭоурыхтә еилазаара» (Афонд «ААЕ»).

Афонд анаукатә ҭҵаарақәа адгылара рыҭара, Аԥсны аҵарауаа русура аихшьалақәа рыларҵәара амҩаԥгара иазкуп. Уи иара убас абарҭ ахыдҵақәа нанагӡалоит: – архивтә усшәҟәқәа рҟынӡа анеира алыршара; – аҭоурыхтә ҵарадырра адгылара аҭара; – иреиӷьу арҵаҩцәеи аҭҵааҩцәа ҿарацәеи аџьшьара рыҭара алы­ршара; – арккаратә лшара ҿыцқәа раԥҵара (аинтернет, ателехәаԥшра, арадио уҳәа егьырҭ амассатә информациа ахархәагақәа рыла).

Афонд аусура абарҭ ахыр­харҭақәа рыла имҩаԥыслоит: аҭҵаарадырратә усура; аҭоурыхтә информациа аизгара, аларҵәара, аиқәырхара; аекспедициатә аҭыжьратә усура анагӡара; ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа, аконкурсқәа, аолимпиадақәа, астол гьежьқәа рымҩаԥгара; апремиақәеи астипендиақәеи ранашьара.

Иреиҳаӡоу аколлегиалтә усбарҭа – Афонд анапхгараҭара иалалеит Аԥсны аҭоурых азы 8-ҩык аспециалистцәа: А.Ф. Аҩӡба (ана­пхгараҭара ахантәаҩы), И.В. Агрба (анапхгараҭара амаӡаныҟәгаҩ), Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә Институти Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университети рҟынтәи ахаҭарнакра зуо О.Х. Бӷажәба, С.Ш. Салаҟаиа, В.З. Чамагәуа, А.И. Дбар, А.С. Габелиа, С.З. Лакоба. Аилатәараҿы Афонд ахантәаҩыс далырхит аҭоурыхтә наукақәа ркандидат Станислав Лакоба.

 

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me