Аконгресс рхы аладырхәит

Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мырцхулаа Жәларбжьаратәи ахәаахәҭратә палатеи, Аду­неизегьтәи апалатақәа Рфедерациеи, Женеватәи ахәаахәҭреи ааглыхреи рмаҵзурақәеи рпалатеи рыла еиҿкаау ахәаахәҭратә палатақәа XIII Адунеизегьтәи рконгресс лхы алалырхәуеит.

Аконгресс Женева ақалақь (Швеи­цариа), жәларбжьаратәи ахәаахәҭра-цәыргақәҵатә центр «Palexpo» аҿы имҩаԥысуеит.  Иахьа имариам агеополитикатә ҭагылазаашьа шыҟоугьы, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата абар хәынтәуп Адунеизегьтәи аконгресс аҿы ҳреспубликеи Аԥснытәи абизнес еилазаареи аинтересқәа рӡыргара мҩаԥго, ари аусмҩаԥгатә иалахәхоижьҭеи, – ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Аҳәы­нҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата асаит аҿы.

Аконгресс аусура актәи амш азы Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент Женеватәи ахәааахәҭреи ааглы­хреи рмаҵзурақәа рпалата апрезидент Винсент Сибилиа, иара убас Македониа, Индонезиа, Сербиа, Мексика, Лондони Турини рыхәхаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рҟынтәи лколлегацәеи Израили Дубаи Рыхәҳаахәҭра-ааглыхратә палатақәа рыпре­зи­дентцәеи дырԥылеит. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мырцхәлаа длыцуп Аԥсны Ахәаахәҭраааглыхратә палата адәныҟатәи аимадарақәеи аинвестициақәеи Русбарҭа анапхгаҩы Наала Басариа.

  • Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me