Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аԥсны Аминистрцәа Реилазаараҿы

Аԥсныпресс. Рашәарамза 29 рзы Аминистрцәа  Реилазаара  аилатәара мҩаԥысит.   Амшхәаԥштә хада зынӡа иалагалан 11 зҵаара, иназыцҵоу  – ԥшь-зҵаарак.

Аминистрцәа Реилазаара 14 зҵаара рыла аӡбамҭақәа аднакылеит. Аҵарадырра Аминистрра аппарат аусзуҩцәа рхыԥхьаӡаратә еилазаареи 2023 шықәсазы уи аныҟәгаразы аԥаразоужьра ашәага-загеи  рышьақәыргыларазы азҵаара ахәаԥшра анаҩстәи аилатәарахьы иахыргеит.   Аминистрцәа Реилазаара «2023-2024 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрреи рыбжьара аконсультациақәа рымҩаԥгара Аплан апроект азы» ақәҵара аднакылеит. Атәыла Аиҳабыра Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рыбжьара 2023-2024 шш. аконсультациақәа рымҩаԥгара Аплан апроект еиқәыршаҳаҭуп ҳәа аԥхьаӡаразы аӡбамҭа аднакылеит.   2022 шықәсазы ирыдыркылаз Зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара  «Неруд-Инвест» Гәылрыԥшь араион Бабышьра ақыҭан адгьылаҵантәи аӡырԥхақәа рыԥшаареи рыҵхреи рзы адгьылхәҭа анаҩстәи ахархәаразы азин аҭара хықәкыс иҟаҵаны,  адгьылаҵатәи аӡырԥхақәа рыҵхырҭа аԥшаареи аконсервациа алхреи рзы азин аҭара азы ақәҵара №161 аиҭакрақәа алагалоуп.

Аунитартә наплакы «Гагра араион агрофирма «Гагрыԥшь» аҟны ашықәсрацәа нызҵуа аҵиаақәа рықәхразы» ақәҵара рыдыркылеит.    Иҭарцәхо адгьылхәҭақәа ақыҭанхамҩатә хықәкқәа рынагӡаразы ахархәара роуроуп.

Атәыла Аиҳабыра даҽа қәҵарак ала Гагра араион аҿы ацитрустә совнхара «Аԥсны» аҟны 0,97 гектарк рҿы шықәсырацәа зҵазкуа аҵиаақәа рықәхра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.   Аминистрцәа Реилазаара Гәдоуҭа араион Ахадара ала хазхаҭалатәи аусдкылаҩ  Ичмелиан С. Г Ԥсырӡха ақыҭан 0,15 гектар аҟынӡа инаӡо адгьылхәҭа асасааирҭатә хықәкы змоу ахыбрақәа рыргыларазы азин иҭара иақәшаҳаҭхеит. Аминистрцәа Реилазаара Гагра араион Ахадара хазхаҭалатәи аусдкылаҩ  Чедиа Р. М. Гагра ақалақь (амикрораион Кемпинг) иҟоу 0,03 гектар рҟынӡа инаӡо  адгьылхәҭа еибырҭо-еимырхуа аконструкциақәа рыла азеиԥшкрыфарачара аобиект ашьақәыргыларазы қьырала иҭара иақәшаҳаҭхеит.   Атәыла Аиҳабыра рықәҵарала Аҟәа ақалақь, Колхознаиа амҩаҿы, иҟоу ахыбрақәа рмазаратә комплекс ирхатәыртәуа аобиектқәа рсиа иалагалоуп. Ари ақәҵара ашьақәырӷәӷәаразы Жәлар Реизара - Апарламент ашҟа идәықәҵахоит.

Имҩаԥысыз Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҿы зҭакԥхықәра ҳәаақәҵоу Аилазаара «Афирма «Гагрыԥшь» аресторан «Гагрыԥшь» амазаратә комплекс қьырала аҭаразы ақәҵара рыдыркылеит.

Нанҳәамза 31,   2022 шықәсазы ирыдыркылаз «2023 шықәсазы анапхгарабжьаратәи ахықәкытә программа «Адемографиа аҿиара» ашьақәырӷәӷәаразы» ақәҵара аиҭакрақәа аларгалеит.   Аредакциа ҿыц аҿы апрограмма ахықәки ахыдҵеи арбоуп.

Апрограмма ахықәкы хада –  ареспубликаҿы иааиԥмырҟьаӡакәа инхо, милаҭла иаԥсыуоу (абаза) ахәыҷқәа рирала Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара адемографиатә шәарҭаразы агәҽанҵара ауп.   Апрограмма ахықәкы хаданы иҟоуп ареспубликаҿы  иааиԥмырҟьаӡакәа инхо аҭаацәа милаҭла иаԥсыуоу (абаза) ахәыҷы иираан зныктәи аԥаратә шәатәы рызшәара: а) 2022 шықәсазы – ахԥатәии уи ишьҭанеиуа ахәыҷи иираан (ахәыҷы даниз инаркны фымз ирылагӡаны ашәатәы азы адҵаалара алыршазароуп) – 100 000 (шәнызқь) мааҭ; б) ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны ԥхынҷкәынмза  31,2023 шықәсанӡа: аҩбатәи ахәыҷы иираан – 50 000 (ҩанҩажәижәаба нызқь) мааҭ; ахԥатәи ахәыҷы иираан– 100 000 (шәнызқь) мааҭ; аԥшьбатәии уи ишьҭанеиуа ахәыҷи рираан – 200 000 (ҩышәнызқь) мааҭ. Апрограмма финансла еиқәнаршәоит Аԥсны арепатриациа Афонд ахарџь ала. Уи 90 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. 

Аминистрцәа Реилазаараҿы 2024 шықәсазы Ареспубликатә биуџьети аҳәынҭқарратә абиуџьетнҭыҵтәи афондқәа рбиуџьетқәеи рзы азакәанқәа рпроектқәа реиқәыршәаразы ақәҵара рыдыркылеит.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me