Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоит

Рашәарамза 28 рзы Аҟәа ақалақь аҿы анаркотикқәа рыдкылареи изакәанымкәа анаркотикатә маҭәашьарқәа реиҭарсреи рҿагылара  Жәларбжьаратәи Амш азгәаҭара инамаданы, Аҟәа имҩаԥгахеит ареспубликатә акциа «Аҿар анаркотикқәа ирҿагылоит». Акциа амҩаԥгара азԥхьагәаҭан рашәарамза 26 рзы, аха аобиективтә мзызқәа ирыхҟьаны, уи егьи амш ахь ииагахеит ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы апресс-маҵзура.

Акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуеит атлетика ласы азы аиԥхныҩлара. Иара убас, имҩаԥгахоит амҵәышәмпыл 3х3, аӡсара,  астолтә ԥкьаҭмпыл, ашахматқәа, анардқәа, адомино азы аицлабрақәа, иара убас ахыци ахәымпали рыла ахысразы аҟазарақәа-классқәа еиҿкаахоит. Аҟәатәи аолимпиатә ӡҭарчы аҿы имҩаԥысит аӡсаразы аицлабрақәа,  Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьеи Б.У.Шьынқәба ихьӡ зху апарки рҿы амҵәышәмпыл 3х3, астолтә ԥкьаҭмпыл, ашахматқәа, анардқәа, адомино рзы аицлабрақәеи ахыци ахәымпали рыла ахысразы  аҟазара классқәеи мҩаԥган. Ари аус ахықәкы хада – агәабзиара аиҷаҳареи аҿар рыбжьара анаркотикқәа раларҵәара аԥхьырҟәҟәаареи ауп.

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me