Лаҵара 08, 2024

Ареспубликатә ҳәынҭқарратә усҳәарҭа «Аҧснымедиа»

Image

Гал ахаҿра еиҕьхоит

Гал ақалақь апарк хада аҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа цоит. Абар уажәшьҭа 30 шықәса иреиҳауп ари апарк аҟны акапиталтә ремонт ҟарымҵеижьҭеи. Хымҧада, апарк напы адкыланы ирыман, идыргылон атәарҭа ҿыцқәа, иблыз алашарақәа рыҧсахуан, аха уи азхомызт. Иахьазы апарк шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара иаҿуп. Зегьы раҧхьа иргыланы иҧсахын аӡцарҭақәа. Уи Асовет Еидгыла ахаан иҟарҵаз акәын.

Гал араион ахада ихаҭыҧуаҩ Нарсоу Џьопуа иажәақәа рыла, иаҳхысыз ашықәс август мзазы ақалақь ауааҧсыра аҳәара ҟарҵеит апарк аиҭашьақәыргыларазы. Убри инамаданы ашәҟәқәа еиқәыршәан апарк аиҭашьақәыргылара иаҭаххо ахарџь, аплан уҳәа рзы. Анаҩс, аекспертцәа анахәаҧш, иаҳхысыз ашықәс октиабр мзазы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылаган. Нарсоу Џьопуа иажәақәа рыла, аусурақәа хыркәшазар акәын ҳазну ашықәс маи мзазы, иааҟәымҵӡакәа иҟоу амшцәгьықәа ирыхҟьаны уи аҿҳәара наскьоит ииуль мза анҵәамҭахь. Араион ахада ихаҭыҧуаҩ излеиҳәаз ала, аусурақәа хыркәшоуп  90% рҟынӡа.

Апарк аиҭашьақәыргылара асмета иартәоит хәмиллионк инареиҳаны. Урҭ аҧарақәа азоужьуп араион абиуџьет аҟынтәи. Апарк иаакәыршан ахаҳә аҿыкәыршаразы изоужьыз аҧара азымхеит. Убри аҟнытә, аҭыҧантәи араионтә аизара ашҟа ааҧхьара ҟарҵоит абиуџьет аиҭакрақәа аларгаларц, иазымхо ахарџь азы.

Апарк ахаҭа акәзар, ашьаҟауаа ахьныҟәо аҭыҧ аҿы ишьҭаҵоуп ахаҳәқәа, ус уаанӡа иҟамызт. Иара убасгьы иазҧхьагәаҭоуп, хәыда-ҧсада «Wi-Fi» аҟаҵара, зыҧсы зшьо ауааҧсыра рфотосахьақәа ахьҭырхша, еиуеиҧшым тематикала  аҭыҧқәа рзеиҿкаара гәҭакыс ирымоуп. Иаҳҳәап, аушьҭымҭацәа рзы араҟа иқәыргылахоит ашәҟәы асахьа. Уаҟа аушьҭымҭацәа зегьы неины рфотоқәа аҭыхра традицианы иҟаларц азы.

Гал ақалақь аҟны иара убасгьы ҿыц аҟаҵара иаҿуп ашьапылампыласырҭа маҷ. Уи дыргылоит Гал иҟоу ашьапылампыласырҭа ду авараҿы. Араҟа аусурақәа хацыркын февраль мзазы, август азы ахыркәшара ргәы иҭоуп. Аха абраҟагьы аус- уха рнаҭом иҟоу амшцәгьақәа.

Ари ашьапылампыласырҭа маҷ аргылара иазоужьуп 5 миллион мааҭк инареиҳаны. Уи ахарџьқәа шәоуп араионтә биуџьет аҟынтәи.

Гал араион аҿариаспорти русбарҭа аиҳабы Ехваиа Бачуки иажәақәа рыла, аусурақәа ахыркәшарахь инеиуеит, ашьапылампыласырҭа ҟаҵахоит иақәнагоу астандартқәа зегьы ирықәшәо.

Гал ақалақь аҟны иара убасгьы  иаархәеит ақыҭанхамҩа аҟны даара ихәарҭа дуу атрақтор маҷқәа ҩба. Руак аахәан иаҳхысыз ашақәс азы, егьи мызкы аҧхьа. Урҭ раахәара иартәеит 2 миллион мааҭк иназынаҧшуа. Арҭ аҧарақәа араионтә биуџьет аҟынтәи иазоужьын. 

Гал араион агроном хада Лери Шониа иажәақәа рыла атракторқәа рышәагаа уамак иахьдуум азы даара иманшәалоуп араса ахәышәтәраҿы, иара убасгьы аџьықәреи аус адулараҿы.


Ш. Торчуа

  • Image
    Image
    Ad Sidebar

    Login to your account

    Username *
    Password *
    Remember Me